Ихадоу атемақәа

Sputnik
Быжьшықәса рыҩнуҵҟа 660 инареиҳаны азыҳәақәа нашьҭын ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу л-Аппарат ахь. Аомбудсмен Анас Кьышьмариаԥҳа лажәақәа рыла, урҭ рызхьаԥшра — аусура ахырхарҭа хада ауп. Азыҳәақәа ранализ иалнаршоит Аԥсны азинқәа рықәныҟәара аҭагылазаашьа ахәшьара аҭара, азакәанԥҵара ариашарақәа аус рыдулара ҵаҵӷәыс иамоуп. Ҵыԥх 90 зыҳәа нашьҭын. Урҭ рҟынтәи 43 – Аԥсны атәылауаа рҟынтәи, 20 —урыстәылауаа рҟынтәи, 6 – Украина атәылауаа рҟынтәи ҳәа азгәалҭеит аомбудсмен. Лара илҳәеит ашшыԥхьыӡқәа рӷьырак, 56, аграждантә зинқәа реилагара ишадҳәалоу.
Гәылрыԥшь араион аҿы хы-шықәса зхыҵуаз аӡӷаб хәыҷы лҭахара акыраамҭа аҩнтәи ақәымчра апроблема гәазымҭарц иаҿу ауаажәларра арҿыхеит лҳәеит аомбудсмен Анас Кьышьмариаԥҳа Аԥсны Апарламент аҿы аҳасабырбатә жәахә ҟаҵо. "Сара сгәы излаанаго ала, уажәы аус зуа азакәанԥҵара ариашарақәа ракәымкәа, аҭаацәара-бзазаратә еизыҟазаашьақәа рзы азакәан ахаҭа алацәажәара ахәаԥшра ҳаназхиоу аамҭоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара. Кьышьмариаԥҳа иазгәалҭеит иҳаҩсыз асессиа аилатәараҿы ари азҵаара ишалацәажәаз, аилакқәа анапынҵақәа шрыҭаз.
Аҿар рпарламент адепутатцәа рхыԥхьаӡара 17 аҟынтә 19 рҟынӡа иацҵахоит. Абри аҩыза аӡбара рыдыркылеит иахьа Жәлар Реизара асессиаҿы. Адепутат Инар Саӡба инаҵшьны иазгәеиҭеит аханатә ишазыԥхьагәаҭаз Аҟәа ахаҭарнакцәа хҩык Аҿар рпарламент ралаҵара. Аха ақалақь аҿы хыԥхьаӡара рацәала ауааԥсыра нхоит, азыҳәамҭақәа рацәаны иааит, адепутатцәа рхыԥхьаӡара хәҩык рҟынӡа аизырҳаразы ажәалагала ҟаҵан. Акандидатцәа рҟынтәи азыҳәақәа рыдыркылон ажьырныҳәа 31 рҟынӡа. Уажәы акомиссиа акандидатурақәа ирыхәаԥшуеит. Саӡба иажәақәа рыла, ҩымчыбжь ирылагӡаны аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп. Адепутатцәа рхыԥхьаӡара аԥсахра амчра аиуеит уажәнатә, Аҿар рпарламент раԥхьатәи ааԥхьараҿы.
Аԥсны лаҵарамзатәи аныҳәақәа раан аԥсшьаразы иалырхуа аҳәаанырцәтәи ахырхарҭақәа 10 ирхыԥхьаӡалоуп. Асиаҿы иҟоуп иара убас Беларусь, Узбекисҭан, Ҭырқәтәыла, Қырҭтәыла, Ермантәыла, Таиланд, Иапониа, Китаи, Ҟазахсҭан. "Аҳәаанырцәтәи ахырхарҭақәа рыла ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа заанаҵ иҟарҵо аҿаҵарақәа рҿы уахыктәи абжьаратәи ахәыԥса 13,6 нызқь мааҭ ыҟоуп", — ҳәа аарыцҳауеит амаҵзура "Островок" ахҳәааҟаҵҩцәа.