Жәларбжьаратәи Брианцевтәи афестиваль аҿы ахәыҷтәы студиа "Чик" аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит. Иарбан қәыргыламҭоу иалхыз афестиваль азы, актиорцәа хәыҷқәа риааира зыбзоурахазеи, ишԥарыдыркылеи иранашьахаз аҩбатәи аҭыԥ, насгьы ас еиԥш афестивальқәа рылахәхара астудиа "Чик" азы аԥышәа абанӡеизнарҳагоу, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит ахәыҷтәы театралтә студиа анапхгаҩы Џьамбул Жорданиа.
Шәазыӡырҩы аудио.