Ихадоу атемақәа

Sputnik
17 млрд мааҭ инареиҳаны ареспубликатә биуџьет иалагалан 2025 шықәсазы.Уи аплантә рбагақәа раасҭа 312 млн рыла еиҳауп ҳәа аанацҳаит Аминистрцәа реилазаара. Ахашәалахәқәа рзы абиуџьет анагӡара иартәеит — 101,9 %. 2024 шықәсазтәи арбагақәа ирҿырԥшны ахашәалахәқәа 5,4 млрд мааҭ рыла еизҳаит.
Амцарцәара-еиқәырхаратә спорт азы АҶА иаарту ачемпионат мҩаԥысуеит Агәыӡера .Уи иалахәуп араионтә ҟәшақәа зегьы рҟынтәи быжь-командак. Урҭ еицлаблоит ажәыларатәи еиҵырхуа амардуанқәа рыла ахалара, аԥынгылақәа змоу шә-метрак иҟоу ацәаҳәа иҩны ахысра, аӡшьарҭарчыга аиҵыхраз.Ачемпионат амцарцәаратә хьчара Амш иазкуп, есышықәса имҩаԥысуеит. Сынтәа аусмҩаԥгатә ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп, избанзар амаҵзура аԥҵоижьҭеи 20 шықәса аҵра аламҭалазы имҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит "Аԥсныпресс".
Ахш ӡхыҽҽаҟынӡа амҩа рыцқьоуп ҳәа рҳәеит Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы. Абнатә нхамҩа аусзуҩцәа асы, икажьыз аҵлақәа, ахаҳәқәа ықәыргеит. Ауадҳараҟа амҩа аартра иаздырхиоит, амза анҵәамҭазы аартра азгәаҭоуп.
Иҳаҩсыз ҩышықәса ирылагӡаны Аԥсны ареспубликатә биуџьет ахашәалахәы еизҳаит.2024 шықәсазы атәыла ахатәы хашәалахәы 7,9 млрд. мааҭ ыҟазҭгьы, 2025 шықәсазы уи 8,3 млрд. мааҭ рҟынӡа еизҳаит. Еизҳаит 802,9 млн. мааҭ рыла, мамзаргьы 10,2%. Урыстәылатәи афинанстә цхыраара амҽхакгьы акыр иазҳаит. 2024 шықәсазы Урыстәылантәи 3,7 млрд. мааҭ аиуит, 2025 шықәсазы уи 8,3 млрд. мааҭ инаӡеит.
Баӷбаран ақыҭан ахадара ахыбра ҿыц дыргылоит Ажәытә хыбра ԥхасҭахеит, аусзуҩцәа рзы иахәҭоу аусуратә ҭагылазаашьақәа ыҟамызт ҳәа аанацҳауеит Гәылрыԥшь араион ахадара.Иахьазы ахаҳәҟьаԥс шьҭарҵахьеит, аҭӡамцқәа рышәреи ахыркәшаратә усурақәеи азгәаҭоуп иҳәеит анхарҭа-коммуналтә усбарҭа аиҳабы Ҭемыр Начҟьебиа.Аргыларақәа хыркәшахоит 10-12 мшы рыла.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 62 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭадырхеит Астрахантәи, Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Курсктәи, Ленинградтәи, Новгородтәи аобластқәа рҿи Ҟрыми.