Ихадоу атемақәа

Sputnik
20 нызқьҩык инареиҳаны аволонтиорцәа Екатеринбург имҩаԥысран иҟоу аҿар Жәларбжьаратәи рфестиваль алахәхаразы арзаҳалқәа нарышьҭит.Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Урыстәыла арегионқәа зегьы рхаҭарнакцәеи ,иара убас Аԥснынтәи аҿарацәа ргәыԥи ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко иажәақәа шьаҭас иганы.Изҭаху рҟынтәи иалырхуеит ҩ-нызқьҩык. Дара афестиваль аиҿкаареи амҩаԥгареи рҿы ацхыраара ҟарҵалоит, арегионалтә программа аекспедициақәа раан аҳәаанырцәтәи аделегациақәа мҩаԥыргалоит.
Дышҭахо шылдыруаз Германиантәи аԥҳәыс Пиатигорск атеракт мҩаԥылгар акәын.57 шықәса зхыҵуа аԥҳәыс ларҭмаҟ аҿы ирыԥшааит ааха узҭо аелементқәа зҭаз инапылаҟаҵароу арҭҟәацга. Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла, артҟәцга аус аирур акәын украинатәи амаҵзура ҷыдақәа иҳәаақәырҵоз Азиатәи аԥсылмануаҩ. Убри аан аԥҳәыс дҭахон.Атеракт амҩаԥгара ргәы иҭан ашьыжь, азинхьчаратә усбарҭақәа рхыбраҿы, еиҳа ирацәаны аԥсыҭбарақәа ҟаларц азы.Иара убас иҟоу егьырҭ адыррақәа рыла, уаанӡа иаанкылаз аԥҳәыс амцҳәаратә схемақәа дрылахәын дропперк иаҳасабала, иӷьычыз аԥарақәа абанкоматқәа ирҭылгон.
Апрегабалин зыдбало ахаҵа даанкылоуп.Дамеи Чагәаа имашьына аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭарҭатә ҭыԥ "Баӷрыԥсҭа" аҿы иааныркылеит. Атәарҭа аҵаҟа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы русзуҩцәа ирыԥшааит 186 капсул зҭаз аилаҳәарақәа, абри атәы аанацҳауеит АҲЕ.Амаҭәашьар азеиԥш капан — 74,03 грамм. Чагәаа аамҭалатәи абахҭаҿы дҭакуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩба Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа ииубилеи идиныҳәалеит.Шәҭыхымҭақәа ртематика ҭбаауп, еиуеиԥшым ажанрқәа аус рыдыжәулоит. Урҭ ирныԥшуеит ԥштәы рацәала иҩычоу ҳаԥсабара аԥшӡара, ахаара. Шәусумҭақәа уԥылоит Урыстәыла, Великобританиа, Америка, Италиа, Сан-Марино, Иапониа, Ҭырқәтәыла хазхаҭалатәи аколлекциақәа рҟны.Аҟаза ду, арҵаҩы, шәааԥсарақәа зегьы хәҳаракыла ишьоуп – «Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа ахьӡ ҳаракы шәанашьоуп аҳәоит адныҳәалараҿы