Арадио

Аргәыц змоу аҵиаақәа Аԥсны рааӡареи, аалыҵ аҭиреи рзы алшарақәа: анаплакҩы лцәажәара

Sputnik
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аргәыц змоу аҵиаахкқәа - аҵыҵындра, амшәмаахыр, ашьхарыжь уҳәа раарыхразы ирацәамзаргьы анаплакқәа аус руеит. Иаагозар, ақыҭанхамҩа аалыҵқәа рыбжьара арҭ акультурақәа реизырҳаразы, ҳтәыла аҩныҵҟа акәымкәа иара Урыстәыла аџьармыкьа ахь ацәырҵразы, анаплакыҩцәа раалыҵ аизырҳаразы изеиԥшрои аҭагылазаашьақәа, иарбан уадаҩрақәоу, мамзаргьы лшарақәоу ирымоу аилаҳкааразы ҳаҽлымаадеит, шықәсқәак раԥхьа Тҟәарчал арион аҿы ашьхарыжь ааӡаразы аусура иалагаз анаплакы аиҳабы Елана Џьапуаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудиофаил.