Аҽтәы спорт азы раԥхьатәи ахәыҷтәы -қәыԥштә турнир мҩаԥысит Дәрыԥшь ақыҭан. Аицлабрақәа еиҿыркааит Аҿари аспорти рҳәынҭқарратә еилаки, Аҽтәы спорт афедерациеи. Ҳаамҭазы изызҳауа абиԥара аҽтәы спорт иахьынӡазхьаԥшуа, урҭ реиҵааӡаразы иарбан усурақәоу имҩаԥысуа, атурнир ԥхьаҟа итрадициатәны иҟалома, аҽыбӷаҟазара ҿиарас иамои иахьа, насгьы маитәи аныҳәамшқәа рзы аҽырыҩрақәа шеиҿкаахо дрылацәажәеит Аҽтәы спорт афедерациа ахантәаҩы Асхад Агрба.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь ишәаҳар шәылшоит.