Ихадоу атемақәа

Sputnik
Урыстәыла АҩАР аделегациа Аԥсныҟа иааит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаа иаԥну арегионқәа ркомитет аилатәара алахәхаразы. Аԥсуа-аурыс ҳәааҿы Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округ азы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхгараҭара хада анапхгаҩы Сергеи Бачурин напхгара зиҭо аделегациа дырԥылеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.
Урыстәыла Аԥсны аԥшыхәратә катер анаҭеит аӡы аҟны иҟоу аргыларақәа ршәарҭадара аиҿкааразы. Абри азы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиути Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра атранспорт азы аусбарҭа хада аиҳабы Олег Калинкини русуратә еиԥылараан. Калинкин хаҭала Аԥсныҟа дааит акатер аиагаразы.Акатер рхы иадырхәалоит аӡқәԥшылараҿы аԥшаарақәеи ауаа реиқәырхарази, иара убас аӡаҿы административтәи егьырҭ азинеилагарақәеи рыпрофилактиказы, раԥырҟәҟәааразы, разԥхьагәаҭаразы.
Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа амазара ареспубликатә хатәра иаҭоуп ҩ-спортзалк рыда. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа уи азы ақалақь ахада Ҭемыр Агрба иҟаиҵаз аҳәара иақәшаҳаҭхеит. Аҽеилыхырҭа-еилаҳәарҭақәа змоу аспорттә залқәа амуниципалтә хатәраҿы иаанрыжьырц рыӡбеит, ахәыҷқәа ԥхьаҟагьы аспорт рҽазыҟарҵаларц азы. "Уи ақалақьуаа қәыԥшцәа рзы акраҵанакуеит, дара алшара рыҭатәуп Леон имҩаду 23 аҿы рҽазыҟаҵарақәа ирыцырҵарц. Еиҳаракгьы, арҭ аспортзалқәа афымцамчтә ргыларақәа зынӡаскгьы ирыҵанакӡом", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа.
Гагреи Иалтеи рыбжьара ишиашоу мшынла аимадара ҟалар алшоит. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба. Излацәажәо аиашьаратә қалақьқәа рыбжьара "Комета" аныҟәара аларгара ауп. "Аилацәажәара цоит, иалшон ианыҟала ари апроект нагӡахоит", — ҳәа иҳәеит иара.
Ахәыҷы шықәсыки бжаки ихыҵаанӡа ихылаԥшразы есымзатәи аԥаратә цхыраагӡа еизырҳауп 10 нызқь мааҭ рҟынӡа. Ақәҵара хықәкыс иамоуп аҭаацәарақәа рырӷәӷәара, анра агәазҭаҵара, ахәыҷқәа ринтересқәа рыхьчара. Аусшәҟәы амч аиуеит лаҵарамза 1 2026 шықәса инаркны.