Аҳәса наплакыҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум "Аԥсны — 2026" мҩаԥысуеит иахьа Аҟәа.Иара азкуп аиҿкаара "Аԥсуа аҳәса наплакыҩцәа" 25 шықәса ахыҵра.Афорум алкаа — аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы раԥхьатәи ашьаҿақәа инадыркны иахьа зҭәымҭа иҭагылоу аԥсуа аҳәса анаплакыҩцәа рыҿиареи рышьақәгылареи раарԥшроуп ҳәа азгәалҭеит аиҿкаара анапхгаҩы Иулиа Гәымԥҳа.Афорум аҳәаақәа ирҭагӡны еиҿкаахоит — акреативтә капитали, аҳәса рлагалақәеи рыхшыҩҵакқәеи ирызку астол гьежьқәа, иара убасгьы иҭышәынтәалоу аҿиареи асоциалтә нырра астратегиақәеи рылацәажәарақәа.Афорум аҿы ицәыргоуп Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата алахәылацәа аҭыԥантәи раалыҵқәа.
Аҳәса наплакыҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум "Аԥсны — 2026" аусура иалахәуп ареспубликаҟынтәи анаплакыҩцәа рыдагьы Урыстәыла, Ермантәыла, Беларусь, Ҟазахсҭан, Ҭырқәтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи асасцәагьы.Аусмҩаԥгатә иаҭааит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳаи иареи, Аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа. Аусмҩаԥгатә аартра иазыркит абизнес еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аҳәса рықәҿиарақәа ирызку ажурнал "Леди Boss" аҭыжьымҭа ҷыда.
Аерманцәа ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш иазкыз ауснагӡатәқәа мҩаԥысит Оганес Туманиан ихьӡ зху Аҟәатәи ажәбатәи ашкол аҿы.Аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Џьансыхә Нанбеи Вараздат Миносиани, иара убас Аерман уаԥшь ахаҭарнакцәа.Ашкол аҩналарҭаҿы атрагедиатә хҭысқәа ирызкыз ацәыргақәҵа еиҿкаан. Агәаҳәара змоу зегьы ари амш аҽны ашкол иаҭааны иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз ацәашьқәа адыркуеит, амшын аҟәышәҭын ҟаԥшьқәа хырҵеит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".14:00 сааҭ рзы Гагра ақалақь Аерман апостолтә уахәамаҿы анцәаимҵаныҳәареи алахьеиқәҵаратә митинги мҩаԥгахоит.
Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура еиԥнарҟьеит Роскомнадзор анапхгара рганахьала украинатәи аган имҩаԥнагар иҟаз атеракт.Иаанкылоуп Telegram ала арӷьарадикалтәии анеофашисттәии идеологиа иаларгалаз адгылаҩцәа быжьҩык. Урҭ ргәы иҭан амашьына аԥжәара.Агәыԥ ахада москватәуп. Уи бџьаршьҭыхлатәи аҿагылара ҟаиҵеит, дагьҭадырхеит.
Аҟәатәи астадион "Динамо" акәша-мыкәша аныҟәара ԥкхоит иахьа асааҭ 14:00 инаркны.Мҩадуқәак реихысырҭақәа адыркуеит Амедиатә шьапылампылтә лига 7-тәи асезон аартра, ашьапылампылтә клуб "Аԥсны", урыстәылатәи акоманда "Амкали" реицыхәмарра инамаданы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҩАР.Ахәмарра анхыркәшахалак ашьҭахь аԥкрақәа аԥыххоит.