Аҳәса наплакыҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум "Аԥсны — 2026" мҩаԥысуеит иахьа Аҟәа.Иара азкуп аиҿкаара "Аԥсуа аҳәса наплакыҩцәа" 25 шықәса ахыҵра.Афорум алкаа — аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы раԥхьатәи ашьаҿақәа инадыркны иахьа зҭәымҭа иҭагылоу аԥсуа аҳәса анаплакыҩцәа рыҿиареи рышьақәгылареи раарԥшроуп ҳәа азгәалҭеит аиҿкаара анапхгаҩы Иулиа Гәымԥҳа.Афорум аҳәаақәа ирҭагӡны еиҿкаахоит — акреативтә капитали, аҳәса рлагалақәеи рыхшыҩҵакқәеи ирызку астол гьежьқәа, иара убасгьы иҭышәынтәалоу аҿиареи асоциалтә нырра астратегиақәеи рылацәажәарақәа.Афорум аҿы ицәыргоуп Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата алахәылацәа аҭыԥантәи раалыҵқәа.
Аҳәса наплакыҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум "Аԥсны — 2026" аусура иалахәуп ареспубликаҟынтәи анаплакыҩцәа рыдагьы Урыстәыла, Ермантәыла, Беларусь, Ҟазахсҭан, Ҭырқәтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи асасцәагьы.Аусмҩаԥгатә иаҭааит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳаи иареи, Аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа. Аусмҩаԥгатә аартра иазыркит абизнес еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аҳәса рықәҿиарақәа ирызку ажурнал "Леди Boss" аҭыжьымҭа ҷыда.
Қырҭтәыла Евроеидгыла иалаларц азы, уи астандартқәа ирықәшәазароуп — азинқәа рыхьчараҿы, економикала аизҳараҿы, агеополитикаҿы. Сара агәра згаӡом иааиуа ажәашықәсқәа ирылагӡаны уи аларшахоит ҳәа азгәеиҭеит аполитолог Беслан Ҳагба, Қырҭтәыла Евроеидгыла ахь изрыдрымкыло амзызқәа ҳәа иҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо."Европатәи аидгыла алалаларазы иахәаԥшоит агеополитика амзызқәа. Уи афактор иахьӡуп Урыстәылатәи Афедерациа. Аладатәи Кавказ иалоу атәылақәа Ермантәыла аума ма Қырҭтәыла аума ашәарҭадара аганахьала Урыстәыла лазырҟәуа рыдыркыло еиԥш изыҟалаӡом. Избан акәзар, Украина ахҭысқәа убас иддырбит — жәыларак ҟарҵо иалагар иахькылнаго рыздырӡом. Украина акризис азҵаарақәа рацәаӡаны ицәырнагеит. Европеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа шьаҭанкыла ирыԥсахроуп— иҳәеит аполитолог.
Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура еиԥнарҟьеит Роскомнадзор анапхгара рганахьала украинатәи аган имҩаԥнагар иҟаз атеракт.Иаанкылоуп Telegram ала арӷьарадикалтәии анеофашисттәии идеологиа иаларгалаз адгылаҩцәа быжьҩык. Урҭ ргәы иҭан амашьына аԥжәара.Агәыԥ ахада москватәуп. Уи бџьаршьҭыхлатәи аҿагылара ҟаиҵеит, дагьҭадырхеит.
Аҟәатәи астадион "Динамо" акәша-мыкәша аныҟәара ԥкхоит иахьа асааҭ 14:00 инаркны.Мҩадуқәак реихысырҭақәа адыркуеит Амедиатә шьапылампылтә лига 7-тәи асезон аартра, ашьапылампылтә клуб "Аԥсны", урыстәылатәи акоманда "Амкали" реицыхәмарра инамаданы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҩАР.Ахәмарра анхыркәшахалак ашьҭахь аԥкрақәа аԥыххоит.