Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны иазыԥшуп иркьаҿу аусуратә мчыбжьы. Лаҵарамза 1 азы атәылаҿы иазгәарҭоит Аџьаус амш, уи инамаданы ахәаша ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп. Ааԥынра аҵыхәтәантәи амза иназыцҵоу ԥсшьарамшла ибеиоуп. Ҩ-шәахьак — лаҵара 11, 25 ԥсшьарамшқәаны иԥхьаӡоуп, аныҳәақәа — Аиааира Ду амши, Иԥшьоу Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи имши – сынтәа асабшақәа иахьрықәшәаз инамаданы
Гәылрыԥшь араион ахадараҿы иаԥҵахоит аҿар рхеилак. "Араион иаҵанакуа ақыҭақәа зегьы рҟынтәи ахаҭарнакцәа ҟалоит. Ахеилак еиҿкаахоит иҳаҵҳаҵуа аҿар араион аԥсҭазаара ралархәразы, урҭ рахьынтә дарбанзаалак дахьынхо аҭыԥ азы аҭакԥхықәара инырларц, аҿар иҟоу ауадаҩракәа рыбжьы рықәдыргаларц", — иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу аҭо араион ахада ихаҭыԥуаҩ Нури Ҭарба. Ҭарба иҳәеит Гәылрыԥшь араион ауааԥсыра аӡәырҩы "Аԥсны акоманда" имҩаԥнаго анапхгаратә еицлабрақәа рхы шаладырхәыз, иара ихаҭа аиааира згаз дшыруаӡәку. Иара игәаанагарала, ас еиԥш иҟоу апроектқәа хәы змам адыррақәеи аԥышәеи урҭоит, урҭ рылахәхара аҿар рзы акырӡа аҵанакуеит.
Мураҭ Храчиов Аԥсны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциаҿы "Аспорт ауаҩы ихаҭара ашьақәгылараҿы" алекциа даԥхьеит. Абокс азы Урыстәыла ҩынтә иачемпионхахьоу, Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы аџьаз медал иаԥсахаз Храчиов далацәажәеит ауаҩы ихаҭара ашьақәыргылараҿы аспорт аҵакы шамоу, аԥхьагыларатә ҟазшьақәа рырҿиара ишацхраауа атәы. Азыӡырҩцәа рахь ихы нарханы Храчиов инаҵшьны иазгәеиҭеит, аԥсҭазаараҿы иарбан мҩазаалакгьы иалухуа аԥхьаҟа ақәҿиара аиуразы изиааитәу ауадаҩрақәа шыҟало. "Хымԥада ауадаҩрақәа шәанрықәшәо аамҭа ҟалоит. Ауаҩы ауадаҩрақәа дрықәшәоит, дыриааиуеит, иус аҿгьы дыпрофессионалны дҟарҵоит", — ҳәа иҳәеит иара.
Тҟәаԥс икаҭәаз анефтаалыҵқәа ррыцқьаразы иназыцҵоу ацхырааратә мчқәа адԥхьалоуп. АҶА-и "Кубань-СПАС"-и рҟазауаа ари аус иадыԥхьалоуп ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аоперативтә штаб. Зынӡа аусурақәа ирылахәуп 205-ҩык ауааи 55 ак атехникеи. Ашәахьа ашьыжьтәи адыррақәа рыла, х- ҭыԥк рҿы — амшынтә терминал аҵакыраҿы, Тҟәаԥс аӡиас амшын иахьалалои аҟәареи рҿы 4165 кубометр иҟьашьу адгьыли аӡыхәшатә еилаԥсеи еизыргеит. Анефтаалыҵқәа аекскаваторқәа рыла аӡы иалыргоит, еиҳаны рыӡхылара аԥырҟәҟәааразы инацҵаны 700 метра абонтә гәарақәа шьақәыргылоуп.