Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Минводы имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә форум далахәуп .Аусмҩаԥгатә аатуеит иахьа ихыркәшахоит мшаԥы 30 рзы. Иазыԥхьагәаҭоуп атәыла ахадеи Урыстәыла аиҳабыра рнапхгареи, урыстәылатәи арегионқәа рхадацәеи, анаплакыҩцәеи реиԥыларақәа, аиқәшаҳаҭрақәа анапрыҵаҩра. Уи адагьы,Аԥсны афорум аҿы аԥеиԥш бзиа змоу ҳәа ишьо аинвестициатә проектқәеи аҭыԥантәи аҭыжьыҩцәа раалыҵи ахьаарԥшу Аԥсны аҭӡы еиҿкаахоит.
Шәачатәи апрокуратура аӡбарҭахь инанашьҭит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Кан Кәарҷиа иганахьала аус.Уи Урыстәыла атәылауаа рганахьала — ауаҩшьра, мамзаргьы агәабзиара ааха ӷәӷәа аҭараз ашәарҭара ҟаиҵеит ҳәа ахара идырҵоит ҳәа аанацҳауеит апрокуратура.Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Кәарҷиеи гәыԥҩык ауааи Аҟәа ақалақь аҿы хҩык урыстәылаа ирықәлеит, уи аан ааха зауз ирықәмақарны аԥареи рмали рцәыргеит.Кәарҷиа— латәарада аҭакра иқәҵоуп, иара 8-15 шықәса аҭакра иқәшәар алшоит.Абхазски вестник" аредакциаҿы иҟалаз ахҭыс азы ашьаус хацыркын абҵара 24 рзы, ацәгьа руит ҳәа гәҩарас ирымоуп Кан Кәарҷиа, Ешсоу Какалиа, Хына Думаа. Урҭ рганахь афедералтә ԥшаара рылаҳәоуп.
Астол гьежь "Урыстәыла – Аԥсны. Гәаартыла аиҿцәажәара" алахәылацәа ТАСС афотокорреспондент Андреи Соловиов дыргәаладыршәеит.Уи ашьҭахь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит.Иахьа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны аҿы ҩтәылак рмассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа реиԥылара мҩаԥысуеит.Излацәажәахо атемақәа иреиуоуп: еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы ҩ-ганктәи аусеицура, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәагьы налаҵаны, ареспубликаҿы аус зуа урыстәылатәи акорреспондентә ҭыԥқәа русура аԥышәа, ҳаамҭазы ажурналистцәа русеицуразы иҟоу алшарақәа.Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла.
Ҩымш рыҩнуҵҟа ҩ-нызқь инареиҳаны аҵлақәа Москва, Москватәи, Самаратәи аобластқәа рҿы ихыз ациклон ӷәӷәа иахҟьаны икаҳаит.Ааха рыҭоуп 1 070 машьына, лашарада иаанхоит 70 нызқьҩык инареиҳаны ауаа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АҶА.Арҭ арегионқәа рҿы аахақәа роуит 33-ҩык, ԥшьҩык ахәыҷқәагьы уахь иналаҵаны. Ҩыџьа адуцәеи хәыҷыки ҭахеит.Иацы Москва иҟаз асоура 55 шықәса раԥхьа иҟаз арекорд иаԥнагеит, асыхҟьа аҳаракыра 12 сантиметра рҟынӡа инаӡеит, мшаԥымзатәи аҳауатә лышәшәарақәа — 73% леит. Амшцәгьа аҩашанӡа иаанхоит ҳәа иазыԥшуп.