Арадио

Ақьаӷьариара адемографиа азҵаара аӡбараҿы: аиҿцәажәара

Sputnik
Адемографиа азҵаара ҵарны иқәгылоуп иахьа ҳтәылаҿы, ҳәа азгәарҭоит аҵарауаа. Ари апроблема аӡбараҿы ажәытәан иацхраауаз ракәны иҟан ақьаӷьариацәа. Дара рыбзоурала итәанхалаз аԥҳәызбеи, аԥҳәыс аагара иахыԥаз ахаҵеи рынасыԥ рчаԥар алшон. Иахьа ҳтәыла адемографиа аҭагылазаашьаҿы ақьаӷьариа ҭыԥс иааннакылои, уи иабанӡаҭахны иҟоу, насгьы иабанӡақәҿырҭуеи аҭаацәара алалара иахыԥахьоу ҩыџьа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит агәыҳалалра-адемографиатә фонд "Анасыԥ" напхгара азызуа Нана Сыҷынааԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио.