"Аԥсуа бызшәа иацы, иахьа, уаҵәы" захьӡыз астол гьежь мҩаԥысит атәыла ахада иҟны иаԥҵоу Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак аԥшьгарала. Ашықәс аҩнуҵҟа излацәажәараны иҟоу азҵаатәқәа рахьынтә ҳбызшәа аҭагылазаашьеи аԥеиԥши рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит. Уи азы иааԥхьан аԥышәа змоу аҵарауаа хатәрақәагьы. Иахьазы абызшәа ацхрараазы иарбан мҩақәоу иазыԥшаатәу, иарбан цхыраароу аҳәынҭқарра аҟнытә иаҭаху, абызшәа аԥеиԥш шԥарбо аҵарауаа ҿарацәа, лагалас иҟарҵар рылшо, аиԥылараҿы лкаақәас иҟаҵаз еиҭалҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада инапаҵаҟа иҟоу аҵарауаа ҿарацәа рхеилак, афилологцәа реилак аиҳабы Альбина Анқәабԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.