Акурортә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵара: атуризм аминистрраҿы аилатәара аихшьаалақәа

Sputnik
Аԥсны атуризм аминистрраҿы иааигәахаз акурортә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵара иалацәажәеит. Ааԥхьара рыҭан амилаҭтә туристтә еилахәреи атуропреаторцәеи, атуристцәа ныҟәызго амашьынарныҟәцаҩцәеи. Атурист ҳтәылаҿ иԥсшьара хаҳарыла ихигаразы ишпеиҿкаатәу уи иадыԥхьалара, иԥылара нас иныҟәгара, иарбан зҵаарақәоу иқәгылаз, ахшыҩзышьҭра ззыҟаҵаз, иԥсахтәны иҟоу, абри атәы арадиоефир аҿы далацәажәеит Амилаҭтә туристтә еилахәра аиҳабы Руслан Кокосқьериа.
Шәазыӡырҩы аудио.