Акоманда "Аԥсны" Амедиалига аҟны ахәмаррақәа: ашьапылымпыл абзиабаҩ игәаанагара

Sputnik
Амедиалига абыжьбатәи асезон актәи ахәмарраҿы ҳкоманда "Аԥсны" иақәымҿиеит ицәгьамкәа ишааиуазгьы. Ахәмарра аамҭа хада 2:2 ҳәа ихыркәшан. Буллиталити асериаҟны мпылк ала аԥыжәара ргеит "Амкал" ахәмарыҩцәа, аха ҳаԥхьаҟа еиҭа аиԥыларақа шьҭоуп. Лаҵарамза 3 рзы ҳкомандеи "Егриси" ахәмарыҩцәеи еиԥылоит. Аҩынтәи ахәмарра аихшьаалақәеи заанаҵтәи азԥхьагәаҭақәеи аефир аҿы иҟаиҵеит ашьапылампыл абзиабаҩ Геннади Џьопуа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.