Арадио

Гарри Саманба Сергеи Дбар изкны: аибашьышьа ҳирҵеит

Sputnik
Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит лаҵарамза 2 рзы. Аԥсны Афырхаҵа, аҩыза Гарри Саманба арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит дара реибадырра шыҟалаз, аибашьра ацәаҳәаҿы дзеиԥшраз, насгьы аԥсҭазаараҿы дшыҟаз.
Шәазыӡырҩы аудио.
Сергеи Дбар диит лаҵара 2 1946 шықәсазы. Аинрал-леитенант, Аԥсны Афырхаҵа, иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара ианаршьеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа рзы Бзыԥтәи ахыхьчаратә цәаҳәа аштаб аиҳабыс, Гәымсҭатәи афронт акомандаҟаҵаҩыс дыҟан.
1993 -1996 шықәсқәа рзы атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс аус иуан, 1996-2002 шықәсанӡа арратә зҵаарақәа рзы аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩыс дыҟан. 2002 шықәсазы Апарламент ахь далхын, Жәлар Реизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 1999 шықәса инаркны — аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Амцахара" ахантәаҩыс аус иуан.
Сергеи Дбар иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 27 2002 шықәсазы.