Аурыс-аԥсуа аҿар рфорум Нальчик имҩаԥысуеит. Аҳәынҭеилакы ахаҭарнак ицәажәара

Sputnik
Аԥснытәи аделегациа Нальчик иаҭааит аурыс-аԥсуа аҿар рфорум аҽалархәразы. Аԥснытәи аҿар Ҟабарда-Балкариатәи афорум алахәхара иалацәажәахьан ареспубликаҿы мшаԥымзазы имҩаԥысыз жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҿы. Усҟан Ҟабарда -Балкариа аҿар русқәа рзы аминистр Азамат Лиуев иҳәеит 150-ҩык аԥсуа ҿар Нальчик рыдкылара ргәы ишҭоу аибадырразы, аҵарадырреи, агәабзиарахьчареи, аспорти, акультуреи рҿы рԥышәеимдара рзы. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа дрылацәажәеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ-амаӡаныҟәгаҩ Идрис Кара-Османоӷлы.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.