Ихадоу атемақәа

Sputnik
Бадра Гәынба Атәылахьчара аминистрра аколлектив дыдирдырит аминистр ҿыц иаҭоу Беслан Ҵәыџьба.Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит ареспублика Арбџьармчқәа рыҿиареи ареспублика аҿаԥхьа иқәгылоу ашәарҭарақәа рҿагылареи рҿы ишхәарҭахо Ҵәыџьба иԥышәеи ипрофессионализми.Атәыла ахада уаанӡатәи аминистр Владимир Ануа иусуразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, иазгәеиҭеит иԥышәеи идырреи аринахысгьы ишрызхьаԥшуа.Бадра Гәынба иусԥҟала Беслан Ҵәыџьба Аԥсны атәылахьчара аминистрс дҟаҵан лаҵара 5 рзы.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аминистрцәа Реилазаара аколлектив аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ ҿыц Маиа Цыбулевскаиа дыдирдырит.Атәыла ахада иазгәеиҭеит Цыбулевскаиа лыԥсҭазаара зегьы аҵарадырра аусхк ишазылкыз, амаҵура ҿыц аҿы уи ахырхарҭа хылаԥшра шалҭало.Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ ҿыц илыҭоу агәрагаразы иҭабуп ҳәа ахылҳәааит.Бадра Гәынба иусԥҟала Маиа Цыбулевскаиа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан лаҵарамза 5 рзы. Лара ареспублика Аминистрцәа Реилазаараҿы иазгәаҭоу аԥыза-министр ахәбатәи ихаҭыԥуаҩыс дҟалеит.
Владимир Делба Агәабзиарахьчара аминистрра аколлектив дыдирдырит аминистр ҿыц – Асҭамыр Гәниа.Аԥыза-министр Гәниа изанааҭтә ҟазшьақәа азгәеиҭеит, агәрагара ааирԥшит уаанӡатәи анапхгаҩы аколлектив аҿы иаԥиҵаз иреиӷьу атрадициақәа иара ихаангьы ишрыцҵахо."Асҭамыр Қарбеи-иԥа агәабзиарахьчара асистемаҿы дуаҩ ҿыцӡам, акыр аамҭа ҵуеит еиуеиԥшым амаҵурақәа рҿы аус иуеижьҭеи. Иԥсҭазааратә ԥышәа дырны, агәрагара ҳаманы иаҳҳәар ҳалшоит амедицинатә еилазаара рыбжьара аҳаҭырқәҵареи ахьӡ-аԥшеи имоуп ҳәа", —азгәеиҭеит иара.Делба уаанӡатәи аминистр Едуард Быҭәба иусуразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Аҿар рполитика аусхк аҟны аусеицуразы амеморандум рыбжьарҵеит Аԥсны аспорти аҿари русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилаки ҞБА аҿар русқәа рзы аминистрреи.Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аилак ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи аминистр Азамаҭ Лиуеви.Ауснагӡатә мҩаԥысит Нальчик, аурыс-аԥсуа рҿар рфорум аҳәаақәа ирҭагӡаны.Амеморандум иазгәанаҭоит ари ахырхарҭала апрограммақәа рынагӡареи, абаҩрҵәыреи аспорти рыҿиареи, афорумқәеи, аҵаратә усмҩаԥгатәқәеи, аҿар рлагерқәеи уҳәа егьырҭ аԥшьгарақәеи реиҿкаареи рҿы аԥышәа аимдара ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭеилакы.