Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аиааира Ду 81 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Аҟәа имҩаԥысуа апарад аҽазыҟаҵара мҩаԥысит аҳҭнықалақь Ахақәиҭра ашҭаҿы.Апарад идикылон атәылахьчара аминистр Беслан Ҵәыџьба. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешбеи.Сынтәа апарад иалахәхоит 700-ҩык инареиҳаны Аԥсны Арбџьармчқәеи, Аҳәынҭқаррахьчаратә маҵзуреи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки, Урыстәыла абыжьбатәи арратә базеи, Урыстәыла аҳәаахьчаратә усбарҭеи рыррамаҵзурауааи. Ахархәара рыҭахоит — авиациеи арратә техникеи. Апарад мҩаԥысуеит лаҵарамза 9 асааҭ 11 рзы.
Акциа "Агәалашәара амца" мҩаԥысит Владислав Арӡынба ихь зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны.Кремль аҭыӡқәа ирывоу Александр ибаҳча аҟынтәи Ҿыцәаара зқәым амца аҟәырҷаха Аԥсныҟа иааргеит "Жәлар рфронт" ахаҭарнакцәа, иара убас Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Валери Гориуханов, ашәаҳәаҩ Мара Кана.Амцабз аҟәырҷаха акәаҷабла лыдылкылеит амузеи аиҳабы Мзиа Беииаԥҳа. Аусмҩаԥгатә иалахәын аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников. Ҿыцәаара зқәым амца Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегь рахь иргоит. Иара убас амца аҟәырҷаха аветеранцәеи урҭ рхылҵшьҭрақәеи ирырҭоит иҳәеит Жәлар рфронт ахаҭарнак Валери Гориуханов.
Ҩышәҩык аԥснытәи аҿар алахәхоит цәыббра 11-17 рзы Екатеринбург имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль.Аспорт азы Аҳәынҭқарратә еилакы аҿар аус рыдуларазы аҟәша аиҳабы Беслан Аршба Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, Аԥсны аделегациа афестиваль аҿы зегьы иреиҳахоит.Зынӡа ахҭыс иалахәхоит 190 тәыла рҟынтәи жәа-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра, урҭ рахьынтә хә-нызқьҩык аҳәаанырцәтәылақәа рхаҭарнакцәа роуп.Афестиваль апрограмма хада анхыркәшахалак имҩаԥгахоит арегионалтә программа, уи раԥхьаӡакәны аҳәаанырцә — Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп. Ареспубликахь иаауеит 30-ҩык афестиваль аҳәаанырцәтәи алахәылацәа.
Ақырҭуа дырга зқәыз ахәшәқәа Гал ирымырхит.Урҭ рбеит Арӡынба имҩаҿы иҟоу аԥҭекаҿы, аԥшәма — М.Н. Хәырциа. Атауар иахәҭоу ашәҟәқәа ацмызт рҳәеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҿы.Зынӡа ирымхуп 90 400 мааҭ зыхәԥса наӡоу 957 ҭоԥ ахәшәқәа.