Аҟәеи Башкортосҭани русеицура иалацәажәеит аҳҭнықалақь ахадараҿы. Башкириатәи аделегациа иалахәуп адәныҟаекономикатә еимадарақәеи аконгресстә усуреи рминистр Маргарита Болычевеи аминистр ицхырааҩ Екатерина Новокрешеновеи ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ахадара апресс-маҵзура. Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба иазгәеиҭеит, Аԥсни Башкортосҭани раҳҭнықалақьқәа шықәсырацәалатәи аизыҟазаашьақәа шрыбжьоу. "Иазгәаҭатәуп Уфа Аҟәатәи агәашьеибаркыра аҩыза шдыргылаз, ҳақалақьқәа рыбжьара аҳаиреимадара аусура ишалагаз. Ари ҳақалақь алогистикатә ҿиараҿы акрызҵазкуа аспектуп. Шәара аусурақәа рӷьырак ахьымҩаԥыжәго аԥшаҳәа – мҽхакы ҭбаала аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Шәара ҩ-напыкла аусура шәалагеит. Уи азы даара иҭабуп ҳәа ҳҳәоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аԥсны иахьа дыргәаладыршәеит Иури Воронов. Иахьа 85 шықәса ҵуеит аҭоурыхҭҵааҩ ду, аҳәынҭқарратәи-аполитикатәи аусзуҩ диижьҭеи. Воронов анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара рхы аладырхәит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, атәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, аҵарауаа, ашколхәыҷқәа, Воронов иҭаацәа ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Владимир Путин Аиааира 81 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларақәа рзынаишьҭит аҳәаанырцәтәылақәа рхадацәа. Иара дрыдныҳәалеит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларусиа, Ҟазахсҭан, Кыргызстан, Таџьикистан, Туркменистан, Узбекистан рхадацәеи Қырҭтәылеи Молдовеи рыжәларқәеи.
Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рҿы 80 инареиҳаны ареисқәа аԥыхуп, ма иаанкылоуп. Заанаҵтәи адыррақәа рыла аԥырра иазыԥшуп 14-нызқьҩык иреиҵамкәа апассаџьырцәа."Еиҳа аҭагылазаашьа уадаҩуп Шәача, уаҟа аԥкра ҿыцқәа аҵыхәтәантәи ҩаха- ҩымштәи аихшанҵақәа рҿы мҽхакы ҭбаала иҟаз аиԥҟьарақәа рыцлеит ", — ҳәа аанацҳауеит АТОР. Аҳаиреилахәырақәа аԥыррақәа реихшанҵа дыриашоит. Атранспорт аминистрра Урыстәыла аихамҩақәеи "Иаку атранспорттә дирекциеи" рнапы ианнаҵеит иаԥыху ареисқәа рпассаџьырцәа рымҩангаразы адәыӷбақәеи автобусқәеи рхы иадырхәаларц.