Аибашьра ду атемала иҭыхыз афильмқәа ркиноплакатқәа рцәыргақәҵа: Арсалиаԥҳа лыҿцәажәара

Sputnik
Аҟәа иаатит Аиааира ду амш иазку ацәыргақәҵа «АИААИРА». Уаҟа ицәыргоуп аибашьреи СССР анаҩстәи ажәашықәсақәеи рхаантәи аполитикатәи арратәи плакат аҿырԥштәқәа, иара убас 1941 шықәса инаркны Аџьынџьтәылатә еибашьра ду атемала иҭыхыз афильмқәа ркиноплакатқәа. Аекспонатқәа зегьы афотоҭыхыҩ, арежиссиор Ибрагим Ҷкадуа иколлекциа аҟынтәи иаагоуп. Еиҳа инарҭбааны ари атема арадио Sputnik аҿы далацәажәоит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аподкаст.