Аерманцәа рытрагедиа: шәышықәсатәи ахьааи агәыӷреи

© AFP 2023 / KAREN MINASYANМемориал памяти жертв геноцида армян "Цицернакаберд". Архивное фото.
Мемориал памяти жертв геноцида армян Цицернакаберд. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аерман жәлар рытрагедиа атәы, 1915-1922 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз ахҭысқәа рыхәшьара аҭара ртәы – Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Нателла Акаба ланалитикатә статиаҟны.

Нателла Акаба, аналитик

Уажәшьҭа итрадициахеит мшаԥы 24 рзы Ермантәыла аҟны адагьы иара убас адунеи атәылақәа рҟны Османтәи аимпериаҿы аерманцәа ирхыргаз агеноцид (1915-1922 шықәсқәа рзы) агәаларшәара. Уи илахьеиқәҵагоу амш есышықәса Аԥсны иқәынхо еиуеиԥшым амилаҭқәа иргәаладыршәоит. Сынтәа урҭ атрагедиатә хҭысқәа алагеижьҭеи 100 шықәса ҵуеит, есааира алахьеиқәҵаратә акциақәа рымҽхак ҭбаахоит. Ҳазҭагылоу ашықәс азы ақыҭа Ԥшьаԥ атрагедиа иалаӡыз ргәалашәараз  ахаҳәтә џьар "хачкар" ықәыргылазаауеит, Аҟәа амҳаџьырцәа рбаҟа амҵан ишьҭаҵазаауеит ашәҭ шьыҵәрақәа, Гагра аиарманцәа руахәамаҟны анцәаиҳәара мҩаԥгахоит.

Имӷьо ахәра

Аԥсны аерманцәа рзы уи атрагедиа аҵак ду амоуп: избазар Аԥсны иқәынхо аиарманцәа реиҳараҩык шьҭрала иахьатәиҬырқәтәыла аҵакырадгьыл иаҵаанкуа арегион Амшен аҟны иқәынхоз, амшентәи аиарманцәа роуп. Урҭ рабашьҭрақәа ишьаарҵәыроу аамҭа иацәыбналар акәхеит Урыстәылатәи аимпериахь. Ибналаз аерманцәа аԥхьа Аԥсны иаанахәеит, амҳаџьырра аазгаз Кавказтәи аибашьра ашьҭахь. Уи апериод ашьҭахь Аурыс-аҭырқәа еибашьра ахарала Аԥсныҟа еиҳа ирацәаны аиарманцәа хцан, анаҩс ихьшәаны – 1915 шықәса Османтәи аимпериа ахарала.

Аҭоурых аҟны ус иҟалеит, аиарманцәа аҿыц ԥсадгьыл аекономикатә ԥсҭазаараҟны ихадоу аҭыԥ ааныркылеит. Аԥсны еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы Симон Басариа ишазгәеиҭоз ала иахгаз аерманцәа аԥсуаа рыԥсадгьыл аҟны рысасдкылара иҳаракны ахә шыршьо. "Иалкааны иҳәатәуп Аԥсны иҟоу амилаҭқәа рҟынтә аиарманцәа роуп еиҳарак аԥсуа ҭыԥқәа рыхьыӡқәа ныҟәызго: рқыҭақәа зегьы аԥсуа жәытә хьыӡқәа рхуп", иазгәеиҭеит Басариа.

Анкара ақәшаҳаҭӡам

Еиуеиԥшым аполитикатә ахҳәааҟаҵаҩцәа ишырҳәо ала, есышықәса мшаԥы 24 рзы, уи адагьы имариам аерман-аҭырқәа еизыҟазаашьақәа еиҳагьы ицәгьахоит. Аофициалтә Ҭырқәтәылазы уи имариам темоуп, аерманцәа рхырҵәара мап ацәымккәа, Анкара ирыдҵоу агеноцид ахара иақәашаҳаҭӡам. Ари ашықәс азы еиуеиԥшым атәылақәа рҟны Османтәи аимпериаан аиарманцәа рхырҵәара 100-шықәса ахыҵра аназгәарҭо, ари атема аҳәоуеиқәымшәарақәа цәырнагоит, Еревани Анкареи рыбжьара адагьы, егьырҭ аганқәа рыбжьара.

Керселиан: аиарманцәеи аԥсуааи агеноцид закәу реилыркаара аҭахӡам

Уи атемала аполитикатә дебатқәа алагеит мшаԥы 12 инаркны Римтәи Аб Франциск аиарманцәа рхырҵәара 100-шықәса ахыҵра иазкыз Ватикан Ауахәама аҟны алитургиа цонаҵы иқәгылара ашьҭахь. Апонтиик миллионла аерманцәа рхырҵәара "XX ашәышықәсазы раԥхьатәи агеноцид" ҳәа иахьӡиҵеит, иара убас иациҵеит ауаатәыҩса "хара змам ауаа ршьа каҭәара аанкылара уаҳа ирылымшеит" ҳәа.

Иџьашьатәӡам Ҭырқәтәыла иҟоу Ватикан ацҳаражәҳәаҩ Адәныҟатәи Аусқәа Рминистррахь иаразнак дшааԥхьаз, атермин "геноцид" ихы изаирхәеи ҳәагьы иазҵааит. Еилкаауп, аофициалтә Ҭырқәтәыла Османтәи империаан аиарманцәа рхырҵәара асистемалатәи, аиҿкааратәи ҟазшьақәа шрымаз иахьа уажәраанӡа иазхарҵаӡом. Убри аамҭазы имаҷымкәа Ҭырқәтәыла атәылауаа урҭ ацәгьоурақәа иҟалаз фактны иихцәажәо.

Иҟалаз агхақәа разхаҵара

Мшаԥы 15 рзы Европатәи апарламент ақәҵара аднакылеит, уаҟа Османтәи аимпериаан 1,5 миллионҩык аерманцәа рхырҵәара агеноцид ҳәа иахьӡуп. Аха Европарламент 1987 шықәсазы Османтәи Аимпериа аан аерманцәа ргеноцид азхарҵахьан, 2015 шықәса хәажәкыра 13 рзы европатәи азакәанԥҵацәа Европатәи Аидгылара ахь иаҵанакуа атәылақәа рахь аерманцәа ргеноцид азхарҵарц ааԥхьара ҟарҵеит. Ус  шакугьы иахьатәи Ҭырқәтәыла анкьа зны иҟанаҵаз агхақәа рзы аҭакԥхықәра ахахьы ишамго, агеноцид ахаҭа азхаҵаратәы акәзар аматериалтә, аиуристтә, аполитикатә уалԥшьақәа ахахьы ишамго атәы ақәҵараҟны инаҵшьны иазгәаҭоуп. Ақәҵара Ҭырқәтәылахь ааԥхьара ҟанаҵоит "аерманцәа ргеноцид 100-шықәса ахыҵразы имҩаԥгахо агәалашәаратә еиԥыларақәа ахатә ҭоурых анааларазы ахархәара, ҩ-жәларк реинааларазы аерманцәа ргеноцид азхаҵара". "Аиарманцәа ргеноцид аназхаҵаха, Ҭырқәтәыла аҵакыра ацәыӡӡом", ҳәа иануп ақәҵараҟны.

Аха ус шакәугьы Ҭырқәтәыла Ахада Реџьеп Таип Ердоган ақәҵара дшақәшаҳаҭым атәы иҳәеит, иара убас Европарламент аҭоурых ахҩылаара ишашьҭоу ахара рыдиҵеит.

Урыстәыла аерманцәа ргеноцид азхазҵаз раԥхьатәи атәылақәа ируакуп. 1995 шықәса мшаԥы 14 Аҳәынҭқарратә Дума 1915-1922 шықәсқәа рзы иҟаз аерманцәа ргеноцид аиҿкааҩцәа рықәыӡбара зну арзаҳал рыдыркылеит, иар убас мшаԥы 24 "Аиарманцәа ргеноцид агәалашәара амш" ҳәа иалыркааит. Имаҷым атәылақәа официалла аерманцәа ргеноцид азхазҵаз – Уругваи, Франциа, Италиа, Германиа, Бырзентәыла, Кипр иара убас егьырҭ атәылақәагьы. Ишеилкаахаз ала, Урыстәыла ахада Владимир Путин Ереван мшаԥы 22 инаркны 24 рҟныӡа агеноцид 100-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгахо агәалашәаратә уснагӡатәқәа ихы рылаирхәырц игәы иҭоуп.

Агеополитика зегьы иреиҳауп

Иазгәаҭатәуп Еиду Америкатә Штатқәеи Британиа Дуи иаагоу атемаҟны иҷыдоу аҭыԥ ааныркылеит. Убас, Барак Обама изныкымкәа Османтәи Ҭырқәтәыла апериод аан ахҭысқәа данрыхцәажәоз атермин "агеноцид" зны-зынла ихы иаирхәоит. Уи џьашьатәӡам: Еиду Америкатә Штатқәа рҟны иҟоу аерман диаспора амҽхак ҭбаауп, амч ӷәӷәоуп. Алхра ҟалаанӡа ахадарахьы акандидатцәа рыбжеиҳараҩык алхыҩцәа-аерманцәа иалырхаанӡа Еиду Америкатә Штатқәа аерманцәа ргеноцид азхаҵара ишацхыраало атәы иақәдыргәыӷуеит. Обамагьы урҭ рхыԥхьаӡараҟны дыҟоуп. Иахьа, Аҩны Шкәакәа иҩнатәаз ахадацәа реиԥш иаргьы Османтәи Ҭырқәтәыла апериод азы иҟаз аиарманцәа рхырҵәара дақәыӡбоит, аха зны-зынла урҭ ахҭысқәа агеноцид ҳәа рызҳәара дацәхьаҵуеит. Уи аиҭагашьа амоуп: избанзар Ҭырқәтәылеи Еиду Америкатә Штатқәеи астратегиатә ҩызара рыбжьоуп. Аха иазгәаҭатәуп 55 америкатә штатқәа рҟынтә 44 аерманцәа ргеноцид азхарҵеит.

Аофициалтә Лондон уи азҵаарала Америка апозициа ааннакылеит, аха ус шакәугьы Шотландиа Амилаҭтә Ассамблеиеи Уельси аерманцәа ргеноцид азхарҵеит.

Иџьашьатәӡам, Қырҭтәыла аиарманцәа ргеноцид азхазҵаз атәылақәа рсиа аҟны ишҟам. Қырҭтәылатәи аполитолог Мамука Арешиӡе иажәақәа рыла, "уи еилкаау усуп, избанзар уи азҵаараҟны иҟоуп аполитикатә кониунктура. Қырҭтәыла аерманцәа ргеноцид азханаҵар, астратегиатә ҩызцәа – Ҭырқәтәылеи Азербаиџьани ирҟәыҭхызаауеит".

Абас ауп ишыҟоу иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿ, азеиԥшуаҩытәыҩсатә ҵакы змоу, иҳақу аусқәагьы амч рымамкәа иаанхоит агеополитикатә интересқәа рҿаԥхьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0