Зураб Ҳаџьымба: афатәхәҭақәа рцынхәрас апатронақәа аагон

© Sputnik Томас ТхайцукЗураб Хаджимба.
Зураб Хаджимба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" иацаҳҵоит аибашьра аветеран Зураб Ҳаџьымба иҭоурых ала. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа аибашьра анцозгьы иқьаади икарандашьи ицын. Иара 60 инареиҳаны аибашьцәа рфотосахьақәа дравторуп.

Анжелика Бениаԥҳа, Sputnik

Аибашьраан Руслан иҟаиҵаз аҭыхымҭақәа руак Зураб Ҳаџьымба ифотосахьоуп.

Зураб Ҳаџьымба иеибашьратә мҩа ахы акит раԥхьатәи аиҿагыларақәа рҟынтәи. 1992 шықәса нанҳәамзазы Зураб автобустә парк адиректорс аус иуан. Иара иҿаԥхьа иқәгылан адҵа – аҭынчуааԥсыра Аҟәа ралгара аиҿкаара.

"Автобусқәа ақалақь иалаҳҵеит. Ҩны-цыԥхьаӡа иаангыланы ауаа ирарҳәон ақалақь алҵра рҭахны иҟазар, ишырго. Аха ауааԥсыра реиҳараҩык макьаназы аибашьраҵәҟьа ҟалеит ҳәа агәра рызгомызт. Гәыӷра хәыҷык рыман. Автобусқәа Гәдоуҭаҟа рыбжа ҭацәны иҩеиуан", — ҳәа игәалаиршәоит Ҳаџьымба.

Смашьына абџьар азы исыԥсахит

Иааинырсланы еиҿкааз Ҳаџьымба дызлахәыз абаталион, Гәдоуҭа арратә ҽазыҟаҵарақәа ирыхрыжьит. Иара ишиҳәо ала, урҭ азыҟаҵарақәа аибашьраҟны ихәеит.

Жьҭаарамзанӡа Зураб атранспорт азы аштаб дахыԥхьаӡалан, анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

"Ауаа Ешыра аӷа ианиҿагылаз сара ара аҟазаара акыр исцәыуадаҩын. Изныкымкәа афронт ацәаҳәахьгьы снеихьан аха абџьар умамкәа уа аҟазаара ҵак амам ҳәа саҳәан сдырхынҳәуан. Сара исыӡбеит смашьына лас абџьар иаҭнысыԥсахларц. Ренат Қарчаа абаталион еиҿыскаауеит, комиссарс уҟала ҳәа ансеиҳәа уи иахь снеиит", — еиҭеиҳәоит иара.

Ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы асахьа

Ашықәс ҿыц ашьҭахь, Ҳаџьымба дызлаз абаталион Аҩада Ешыраҟа ииаган. Уаҟоуп Руслан Габлиеи иареи ахьеиқәшәа. Руслан игәыԥгьы ихарамкәа итәан.

Ифотосахьа Руслан ианҭихыз амш Зураб ибзианы игәалашәоит.

"Жәабранмзазы акәын. Ианартәи ажәылара ашьҭахь ҳара аҽа жәыларак аиҿкаара ҳгәы иҭан. Аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿын. Руслан изныкымкәа исеиҳәахьан ссахьа ҭихырц шиҭахыз, аха аамҭа ҳзыԥшаауамызт", — иҳәеит иара.

Зны, хҭацәыхак анааҟала, Зураб дақәшаҳаҭхеит. Руслан апатреҭ сааҭки бжаки рҟынӡа аамҭа ақәирӡит.

© Руслан ГаблияЗураб Хаджимба
Зураб Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Зураб Хаджимба

Асахьаҟны ччаԥшь иҿыҵумбаауа, деиқәтәа-еиқәгыла дуҿаԥшуеит Зураб. "Асеиԥш узыҟоузеи?" ҳәа санҵаа иара аҭакс "Усҟан еибашьран, насгьы сара усоуп еснагь сшыҟоу" иҳәеит.

"Ҳара зегьы ҳжакьақәа ҳҿабаба, ҳааԥса-ҳкараха акәын ҳшыҟаз. Руслан ҩ-екземплиарк ҟаиҵеит. Руак ихазы инижьит. Сара Руслан иажәадгала сақәшаҳаҭхеит, избанзар сҭахар шыҟалозгьы здыруан" азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Зегь раасҭа марттәи ажәылара уадаҩын

Зураб Хәыхәыт-иԥа аибашьра аамҭа игәаларшәо иазгәеиҭоит марттәи ажәылара зегь раасҭа агәаларшәара шицәыуадаҩу.

"Марттәи ажәылара еибашьраҵәҟьан. Иҳашьҭалашаз абаталионқәа шдәықәымлаз анеилаҳкаа, ҳҽаанаҳкылеит, иааиуазар ҳәа. Ԥыҭҩыкгьы ԥхьаҟа ицеит. Арациа зегьы иаурымахыз – шәаангыл ҳәа адырра ҳазрымҭеит, иҳазмырхынҳәит", — еиҭеиҳәоит Ҳаџьымба.

Убас, ԥхьаҟа ицаз аротақәа руак акомандаҟаҵара иуан Закан Маршьан. Урҭ арациа рыман. Зураб шәаангыл ҳәа адҵа риҭеит. Иара дара рахь даннеиз, иааилахәлахьан. Уаҟа иҟан агәыԥқәа "Евкалипт", "Град", "Беркут" реибашьцәа. Зегь рҽеидкылан апозициа ааныркылеит. Ацхыраара иазыԥшын. Ацәыӡқәагьы ҟалахьан.

Генри Гамсаниа. - Sputnik Аҧсны
Генри Гамсаниа: Аиааира ҳара ишаҳтәхоз еснагь агәра ҳгон

"Шьҭахьҟа ҳхынҳәып ҳәа ҳгәы иҭамызт. Исгәалашәоит ажәыларахь ҳанцоз афатәхәҭақәа ҳзыршон, ҳара урҭ мап рыцәкны апатронақәа аагон. Агәра ганы ҳаҟан Аҟәа аагоит ҳәа", игәалаиршәоит иара.

Ахымш рыҽны Ҳаџьымба дырхәит.

"Ҳар аибашьраан ауп ианеиҿыркааз. Аԥышәа ҳамамызт. Ирацәоуп еиҭоуҳәаша аибашьраҟны аибашьцәа рхымҩаԥгашьазы. Аԥсра иацәынхоз ҳәа дуздырамызт. Усҟантәи аамҭақәа рзы, ҩымш-хымш рыҩныҵҟа ҳбаталион аҟны ауаа рацәа ҳацәҭахеит. Џьара ҟазарак сылазар урҭ зегь рҭоурыхқәа ҩтәуп аха уи сара исылшом", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аԥсуаа иазырхианы ирыман ахьаҵразы апланқәа ҩба. Актәи аплан рхы иадырхәартә еиԥш изыҟамлеит. Аҩбатәи аплан ала Гәымсҭа аӡиас иртәын.

"Зегьы ирдыруан аӡиас аԥшаҳәа зегьы аминақәа рыԥхны ишыҵаз. Раԥхьа игылаз амина дахаԥжәар шауаз рдыруан азы аԥхьацара рцәыуадаҩын. Аӡы аҟәара ҳанхықәгылахьан, сырхәит. Беслан Жанааи егьырҭ аҷкәынцәеи сыцхраан аӡы сырыргеит. Ҳара ахәцәа рацәаҩны иҳаман, урҭ зегьы алгатәын", — игәалаиршәоит Ҳаџьымба.

Зураб Ҳаџьымбеи Аираа ҩыџьа аишьцәеи аӡымҩас ианырс ашьҭахьгьы Зураб ихәраҟынтә ашьа рзаанкыломызт. Амедиаҳәшьа агәыр ҟаҵаны данҿалҳәа ашьҭахь Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь дрышьҭит.

Аибашьра ауаҩы иҟазшьа аԥсахуеит

"Ашьа рацәаны исыцәцеит, аха сыԥсы еиқәхеит. Сеиҳа ахәра бааԥсқәа змазгьы ыҟан. Лаҵарамза анҵәамҭазы сара Москваҟа срышьҭит ҽыхәышәтәра ҳәа. Мызкы ахәышәтәырҭа сҭан. Саныхынҳә иултәи ажәылара иаҿын, саргьы сыргарц срыҳәеит аха срымгеит", — еиҭеиҳәоит иара.

Эркан Кутарба, ветеран войны - Sputnik Аҧсны
Еркан Қәҭарба: аибашьра иаҳцәагаз маҷым, аха иаҳзаанагаз акыр еиҳауп

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аибашьра ауаҩы иҟазшьа даара ишаԥсахуа.

"Аибашьра зегь ҳаԥсахит. Изҳәо рацәаҩуп ахысра сылшап ҳәа сыҟамызт ҳәа. Саргьы сгәы иаанагомызт ауаҩ ишьра сылшап ҳәа, аха аибашьра даҽа хымҩаԥгашьак ҳанамҭеит. Аибашьраан зегьы аибашьра азакәанқәа ҳрықәныҟәар акәхеит. Иахьа ҳара ахьыԥшымра ҳамоуп, иҳамоуп аԥеиԥш лаша. Ҳажәлар азин рымоуп иаԥсоу аԥсҭазаара аиура", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иахьа, Зураб Ҳаџьымба Аԥсны Аҳәынҭқарра аенергетикеи атранспорти рзы аҳәынҭқарратә Усбарҭа аиҳабыс дыҟоуп. Сара саниҿцәажәоз избон заҟа аибашьра алацәажәара иҭахымыз. Иара иҭахымызт ивагылаз аӡә ихьӡ бжьаижьыр. Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь дназгаз амашьынарныҟәцаҩ ихьӡ издырам аха уи ила иԥсы шҭоу иҳәеит, ҭабуп ҳәагьы иеиҳәоит.

Аибашьраан Руслан иҭихыз исахьа аҩны иҵәахны иман. Иҭаацәеи игәакьацәеи иара иахәаԥшуа агәра ргон Зураб деиқәхап ҳәа. Иҟалап уи агәыӷра акәзаргьы иара деиқәзырхаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0