Зураб Кациа: Руслан Габлиа сара, шәымҭаказ акәзаргьы, аҭынчра сиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗураб Кациа.
Зураб Кациа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" иаанартуеит асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа ифырхацәа рҭоурыхқәа. Иахьа ҳаизааҭгылоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла Зураб Кациа иеибашьратә мҩа.

Саид Барганџьиа, Sputnik

Ашәымҭа зныԥшыз асахьа

Ҳажәабжь афырхаҵа Зураб Кациа игәалаиршәоит Руслан Габлиеи иареи шеиқәшәаз атәы.

"Сара избон Руслан аибашьцәа рпатреҭқәа шҭихуаз, аха сгәы иаанагомызт саргьы сҭыхра иҭаххап ҳәа". Зураб Кациа игәалаиршәоит  оумашәа ишибаз асахьаҭыхҩы ирццакны иус ахьынаигӡаз.

© Sputnik Томас ТхайцукЗураб Кация рисунок
Зураб Кация рисунок - Sputnik Аҧсны
Зураб Кация рисунок

Еиҭеиҳәоит асахьаҭыхҩы ипатреҭ аҭыхра даналага, аибашьра ыҟаӡамшәа ибо дшааҟалаз. "Аибашьраҟны иааҭгылаз шәымҭан арҭ аамҭақәа", — иҳәоит иара.

Ҳара иҳаихсуан ҭаацәак реиԥш ҳаззыҟаз

"Убри аҽны сара Аҟәантәи аҩныҟа, Агәӡераҟа саауан. Маҷарка аӡиас ахықә аҟны игылоу ГАИ апост аҟны избеит амашьынақәа аанкыло, ақалақь уаҩ дшалармыжьлоз. Агәыӡера иалрыжьуан, аха уахь иаларыжьуамызт. Исаҳауан ауаа шәа-ӡыӡо аибашьра ишалагаз атәы шырҳәоз. Садырсызшәа сгылан, иҟалаз сзеилкаауамызт".

Абасеиԥш иалагеит Зураб Кациа изы аибашьра.

Мухамед Бли. - Sputnik Аҧсны
Мухамед Бли: ианамуӡа жьҭаара 1 иахымгакәа Егры ҳҟалоит

Иҟаз нагӡаҵәҟьаны ишизеилымкаауазгьы, аҩныҟа, Агәӡераҟа хамԥада дцар шакәыз идыруан Зураб, аҩны иԥҳәыси иԥҳаи изыԥшын.

"Изулак апост аҩсра сылсыршеит. Сара арратә хәҭа ахьгылаз ааигәара сынхон. Смашьына ааныжьны уахь снеиит, аҷаԥшьаҩ еергьҳәа дсыԥшааит. Иҟаз иасҳәеит, иара аҭакс "ашәарҭадырра рылаҳәоуп аха макьана иҟаҳҵашаҳәа дҵа ҳамам" иҳәеит.

Џьара ак шыҟаҵатәыз гәынхәҵысҭала еилызкаауаз Зураб Кациа  арратә хәҭа аҷаԥшьаҩ иеиҳәеит амҩа ааныркыларц. Аха аҷаԥшьаҩ адҵа имамкәа усеиԥш аӡбра шизидымкылоз иҳәеит. Уи ашьҭахь Зураб абџьар даҳәеит.

"Ақьаад ҳнапы аҵаҩны абџьар аагеит. Архәҭа ахьыҟаз аҭыԥ ҳааҭыҵуан ҳаихсра иалагеит.  Сара сааҳәын аҭак ҟаҵара салагеит. Иахьхысуаз сахьынхоз аганахьынтә акәын. Аҩнқәа зегь рҟынтәи ихысуан. Ақырҭцәа зегьы рҽырхианы иҟан. Зегьы абџьар ҵәахны ирыман".

Зураб иҭаацәа гәыҵхас иман. Иахьыҟаз, ишыҟаз издырамызт.

"Ахысрақәа анааиқәтәа аҩныҟа сеихеит. Сыӡӷаб аҩны дыҟан. Аибашьра иалагеит, бҽеидкыл, иқәҵтәуп арантәи сҳәеит. Сыԥшәмаԥҳәысгьы аҭел сылзасит. Уи аусураҟны дыҟан. Аԥенџьыр сынкылыԥшызар, смашьына ахьсыргылалоз агараж ашә аԥҽра иаҿын иаадыртырц. Сара исзымбатәбараханы уахь сыԥшуанаҵы, агәылаҳәсақәа сырбеит. Сҭаацәа ирхыԥхьаӡалан избоз сгәылаҳәсақәа рнацәақәа сықәырххо ашә ԥызҽуаз сыддырбон".

Аибашьра зегь хыла-гәыла иаанарҳәит. Зегь рҽырыԥсахит. Зҿаҵа еиҟәызшоз аигәылацәа абџьар кны иааиҿагылеит.

Роман Сабуа. - Sputnik Аҧсны
Сабуа: алаф – ҳгәы казмыжьуаз, ҳаԥсҭазаарақәа еиқәзырхоз ак акәны иҟан

Зураб Кациа игәалаиршәоит дшырбаз еиԥшҵәҟьа иара иахь ирханы ахысра ишалагаз, минуҭқәак рышьҭахь аҩнашә асрагьы ишалагаз. Иԥҳа даашьҭыхны абалкон аҟынтәи агәыларахь аиасра иҽахьигӡеит.

"Сара исаҳауан ашә шҿыржәаз, ахысрагьы ишалагаз. Аҩны иҩназ зегьы еилаԥыххаа иқәырҵеит. Иахьагьы анцәа дсыман сҳәоит сыԥҳаи сареи уантәи ацара ҳахьахьӡаз азы. Аӡәгьы иҳаигӡаран ҳаҟамызт".

Агәылаԥҳәыс лҟны аанхарагьы шәарҭан. Иԥҳа уа дааныжьны иара дцеит.

"Ашә аартны, ашьшьыҳәа аподвал ахь сылбааит. Дара усҟан аподвал иҵаланы, хара-бӷьара ахысра иалагахьан. Сшьапгьы ахы аӡывасит, аха схаҭа срымбеит. Хәымш убра сыҵатәан. Ахәбатәи амш аҽны ааигәа-сигәа аӡәгьы дшыҟамыз анызба, сааҵыҵын аӡхықәахь схы рханы сҿынасхеит".

Аҩныҟа амҩа   

Зураб Кациа еиҭеиҳәоит Аӡҩыбжьаҟа, иаби иани рахь ацара ишақәикыз. Аподвал дахьынӡаҵатәаз  иԥҳәыс аус лыцызуаз лҩызак лыԥҳаи лареи лыҩны иҵәахны илыман.

"Исгәалашәоит Аӡҩыбжьаҟа амҩа санықәыз Драндатәи авокзал аҟны авагонқәа џьаԥҳаныла иҭәны  ишгылаз. Ақырҭуа гвардееццәа акәшаны игылан. Еизыргаз ауаа аџьаԥҳаны рақәдырхуан. Иаашаккарон азы сыҽӡа-ҽӡо мхурсҭала снеиуан. Аҩнқәа рҟны сыԥба зкыз алақәа ашра ҭарҵон. Иҟалаша здыруада ҳәа "алимонкақәа"ҩба сыман".

Зураб игәалаиршәоит дааныркылар урҭ "алимонкақәа" ихы иаирхәарц игәы ишҭаз. Сыхгьы ахәастәып даргьы ԥыҭҩык ықәызгап ҳәа гәҭакны иман. Аха иара илшеит машәырда иҩнынӡа анеира.

"Изулак аҩнынӡа снаӡеит. Сыԥсы еиқәханы сызнеип ҳәа агәра згомызт. Ашьҭаларҭа аԥенџьыр снасит, аха ҭынчран, нас сан лыхьӡ ҳәаны сыбжьы сыргеит. Сыбжьы дырны иаразнак ашә еимԥааны даасгәыдхахалеит".

Зураб Кациа уи ауха  уа иршеит, адырҩаҽны иԥҳәыси иԥҳаи дрышьҭаланы дхынҳәит. Иара дицдәықәлеит иабгьы. Иԥҳаи иԥҳәыси рҽыҵәахны иахьыҟаз инеиит. Дара ралгаразы урҭ ҭакәажәцәоушәа еибырҭеит.

"Маҭәажәқәак нарышәҵаны, лабақәак надҳаркит. Шьапыла, еергьҳәа Аӡҩыбжьанӡа ҳнаӡеит. Саб, Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеран, ишьапқәа чит, ашьа рылыкәкәон".

Сара сгәы иаанагон урҭ уаақәоуп ҳәа, аха сажьозаарын

Аибашьра цон. Аӡҩыбжьа аангылара шәарҭахеит. Иани иԥҳәыси рыуак лахь Аҭараҟа ишьҭит. Иаб аҩны ахыҵра мап ацәикит.

"Саб аҩны ахыҵра мап ацәикит. Сцом иҳәеит. Аҩны аныжьра иҭахымхеит".

Рафаэль Айба. - Sputnik Аҧсны
Рафаель Аиба: Аиааира ашьҭахьтәи ашықәсқәа – ианымхысуа аамҭоуп

Аҭарантәи аҩныҟа дшаауаз Зураб аверталиотхысра дақәшәеит.

"Ҩынтә иаахагьыжьны ахысра иалагеит. Сышьҭууаан аҭӡы санҟьеит. Схы ԥҽит, схаԥыцқәа зегьы сҿы инҭаԥсеит. Сышьҭоуп, аӡәгьы сахьыҟоу схабар издырам. Амш абжарахь инеиуан схы аҭыԥ аҟны ианааиз".

Зураб аахәылԥазхоны ахәышәтәырҭахь дыргеит, иԥҳәыси иԥҳаи ракәзар Гәдоуҭаҟа ирышьҭит.

Иара игәалаиршәоит иаб дыҭҟәаны дшыргаз.

"Саб дрыҭҟәеит сара исхырҟьаны. Сахьыҟаз идыруаз џьыршьон. Саб ицҭакын еиҭа ԥшьҩык ауаа. Ирҭахыз рыларыгӡон. Саб хынтә инышәынҭра идыржит. Дрыпҟон, ишьклахысуан. Сара сгәы иаанагон иуаауп ҳәа, аха сажьозаарын".

Абасеиԥш иҟан Зураб Кациа раԥхьатәи иеибашьратә мшқәа. Имаз ахәрақәа анырхәышәтә ашьҭахь аимадара абаталион ахь днеит еибашьра ҳәа. Аиааира даԥылеит Гал.

Ажәабжьқәа зегьы
0