Аԥсуа чара: атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи реиҿыбаара

CC0 / / Архивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афольклорист, аетнолог Арда Ашәба иаҳзеиҭеиҳәеит аԥсуа чарақәа рымҩаԥгара иацу атрадициатә ҷыда ҟазшьақәа ртәы.

Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik

Аԥсуа чарақәа рыӡбахә Аԥсынтәыла анҭыҵгьы ахара инеиҩхьеит. Ҳчарақәа еицырдыруеит рыбрақьаҭрала, асасцәа рхыԥхьаӡара рацәала, атрадициақәа рықәныҟәарала. Аԥсуа чара иацәыӡуа иалагаз атрадициақәа ртәы дҳазрылацәажәеит афольклорист, аетнолог Арда Ашәба.

Ачара аламҭалаз

Аҭыԥҳа диҳәаразы аҷкәын хымԥада амацәаз лыимҭаргьы ауан. Урҭ ирылшон иарбанызаалак џьара маҭәарк еимырдар, напеимдахьак аҳасабала. Иалшон аӡӷаб лнапала иҟалҵаз џьара акы аҷкәын илҭар, аҷкәын иакәзаргьы, илшон ацәхьа ма инапала иикыз ашьабысҭа ҳамҭас илызнеигар. Уи инаҵшьны иунарбон иара дшышәарыцаҩ ӷәӷәаз, иҭаацәагьы, ишырҳәо еиԥш шәарах жьыла рырчара шилшоз.

Жәларбжьаратәи афестиваль аҟны аԥсуа чара аинтерес ду цәырнагеит

Ачара аламҭалаз аҭыԥҳа лҭаацәа аҷкәын иҭаацәа рахь ирышьҭуан иалхыз ауаа бара-барақәа. Урҭ напхгара риҭон аиҳабы, аҳаҭыр-апату змаз, дахьнеиуа иԥыло ауаа ирышьашәалоу ҳәа ирыԥхьаӡоз. Дара ахьнеиуа рылала ирбар акәын ари аҭаацәа рҟны ирыланагало аӡӷаб патула лбара рылшоу ирылымшоу.

Асасцәа

Аҭаца лҭаацәа, лани-лаби, ачараҟны инеиуамызт ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭоит Арда Ашәба.  Аӡӷаб лганахьала быжьҩы-ааҩы рҟынӡа ауаа неир ҟалон ачарахь. Уигьы рацәоуп ҳәа иазырыԥхьаӡон. Асасцәа усҟангьы, уажәгьы даара рхы пату ақәҵаны имҩаԥыргалар ауп.

Амала ачарауаа рхыԥхьаӡара ажәытәи иахьеи иузеидкыло иҟам. Усҟан уаа хышәҩык иреиҳартәуамызт иаарыԥхьоз асасцәа рхыԥхьаӡара, иахьа хәышә, зықьҩыкгьы иахьраҳәоу убап.

Аишәа-чара

Ҳаамҭазтәи ачара аишәа аҵысхш ада зегь ықәуп. Иара убри аамҭазы уи иахырҟьацәоуп ҳәа изшьо рацәаҩуп. Ачара ашьҭахь афатә-ажәтә иаанхо рацәаӡоуп.

"Уаанӡа усеиԥш ыҟамызт. Ауаа дара-дара еицхыраауан. Дасу илшоз ҟаиҵон. Заанаҵы иаздырхион акәацлых. Абысҭеи ачашәи шыԥхаз ирыларгалон. Акаканлых, арашы акыр ахархәара рыман", — еиҭеиҳәоит Арда Ашәба.

Аҭацеи амаҳәи ачараҟны

Иахьа аԥсуа чараҟны амаҳәи аҭацеи, зны-зынла аҭаца лымацара ачара иалахәуп. Асеиԥш ааигәоуп ианалагаз ҳәа азиԥхьаӡоит аетнолог.

"Дара рзы аҭыԥ ҷыдагьы алырхуеит. Ажәытә амаҳәи аҭацеи реиццәырҵра ԥхашьароуп ҳәа иазырыԥхьаӡон. "Ԥҳәыс дызгеит, наныкьара" иҳәозшәа ауаа рыла дыхгыломызт. Уи аума ҩба-хԥа шықәса иани иаби рҟны, иара ус ацәгьа-абзиаҿы еиццәырҵуамызт", — иҳәоит Арда Ашәба.

Аҭаца ашьаԥа дыҵаргалон аҭамада ҿыц еиднагалаз рзы аныҳәаҿа анышьҭихуаз. Аҷкәын усҟангьы ашьаԥахь днеиуамызт.

Ачара амҩаԥгара

Иахьатәи ачарақәа рахь иаарыԥхьоит ашәаҳәаҩцәа, амузыкантцәа, акәашаҩцәа – еизаз ргәы дырҿыхаларц. Ажәытә ус иҟамызт.

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

"Аишәа-чара ахыркәшамҭахь инеиуа ианалагалак, ажәрагьы аарылымшома анырҳәоз ачарауаа ашәаҳәара иалагон, акәашара ҭарҵон. Аиҳабацәа ажәабжь ҟәышқәа рҳәон", — ҳәа ациҵоит Ашәба.

Ачара ӡынызар ианыруаз, асасцәа ахьҭа иакны имгыларц азы ақәасҭӷақәа шаԥ-шаԥуа иахьтәаз инаргон рыҽдырԥхарц, иҳәоит аетнолог.

Аҭамада ҳәа ачараҟны иалырхуаз пату зқәыз уаҩызар акәын, ачара амҩаԥгашьа дақәшәозар акәын.

"Заҟа узыжәуа ҳәа ихәыцуамызт. Аҳаҭыр акәын зегь ирхадаз. Апатуеиқәҵара акәын хықәкны иҟаз. Асас ицәазна ыжәны астол дахыҵыр – аԥшәма изы рацәак иламысмызт. Аамҭа ргон, аҿар зырҟәышшшаз ажәабжьқәа еиҭарҳәон. Урҭ рзы уи ҵарак иаҩызан. Уажәы сааҭк-ҩсааҭк иналагӡан заҟа узыжәыз ауп иҟоу", — иҳәоит иара.

Аҿар ачараҟны шамахамзар ижәны иубомызт, аиҳаракгьы аиҳабацәа тәанаҵы. Изуа-изҳәо ззымдыруа џьара аӡә дҟаларгьы иара изы аиҳагьы иҭаацәа рзы ихьымӡӷын, иԥхашьаран ихымҩаԥгашьа.

Акәашарақәа

Иахьатәи ҳаԥсуа чарақәа рҟны амилаҭтә музыкеи ҳаамҭазтәи амузыкеи ихәмаруеит. Итрадициатәу ҳакәашарақәа нагӡо аҿар дара-дара еиԥырхагахоит. Икәашо дырхьымԥшыкәа акәашара зҭаху ианиҭаху дықәлоит. Изныкымкәа избахьеит кәашара ҳәа еицықәлаз ааивагьежьаанӡа даҽаӡә данрыцықәло иҳәеит Ашәба.

"Уаанӡа иҟази иахьеи еидкылашьа рыман иҟам. Иахьа амагнитофонқәа ықәыргыланы ашәа ддырҳәозар, усҟан ирылшон ашәаҳәарагьы акәашарагьы, анапеинҟьарагьы. Акры зхыҵуа џьара аӡәы кәашара ҳәа даақәлар – изыԥшуан ихала дықәҵаанӡа ма ҳаҭырла дрыԥсахуан, ишақәнаго еиԥш. Арԥыси аԥҳәызбеи  еицыкәашарц ианеицықәырҵоз ыҟан. Урҭ зыԥсахшазгьы ирызхәыцын".

Аҭамада ашәаҳәаразгьы, акәашаразгьы аамҭа алихуан. Ажәытәтәи ачарақәа аиҳарак уахынла акәын ианыруаз. Ианаашалак аҽырхәмаррақәа мҩаԥыргон, аинтерес ду аҵоуп аҽырыҩра аӡӷабцәагьы рхы ахьрыладырхәуаз иҳәоит Ашәба.

© Sputnik Леон ГәниаАԥсуа чара иацу ахарџь
Аԥсуа чара иацу ахарџь - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чара иацу ахарџь
Ажәабжьқәа зегьы
0