Абнахьчаҩ: ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзоуп иҟасҵо ззыҟасҵо

© Sputnik / Илона ХварцкияЛесничий.
Лесничий. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарра абнахьчаҩ хада Даур Џьергьениа, ари аус иԥсҭазаара абжарак ақәирӡит.

Асҭанда Арӡынԥҳа, Sputnik

Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарра абнахьчаҩ еиҳабы Даур Џьергьениа дынхоит Гәдоуҭа ақалақь аҟны. Есҽны, ашьыжь асааҭ фба рзы дгыланы иусурахь дцоит. Аофис аҟны иусқәа рҭыԥ иаақәҵаны инапы иану аҵакырадгьыл агәаҭара дцоит.

Абнараҟны, акабинет аҟны

Абнахьчаҩ иҭыхра ицоз агәыԥ аиԥылара шԥаҟаларишь ҳәа ихәыцуан. Зегь ақәгәыӷуан, абнара даалҵны зжакьа зҿабаба иҟоу  аӡә даҳԥылоит ҳәа, аӷәеихаса ҩны ашҟа ҳнаԥхьаны, амца зҭоу аԥечка иаақәхны, ачаи-ца аажәырц иҳадигалоит ҳәа.

Аха ҳшымгәыӷӡоз, абнахьчаҩ иофис ҳаамҭа иақәшәо иҟан. Ахыбра ду аҟны кабинетк изалхын. Акызаҵәык, ахыбра абнара агәҭа акәын иахьгылаз. Абнарагьы зеиԥш убац бнарамызт, иҳәырԥсарран.

"Аусурамш сааҭқәак ирықәшәо еихшаны иҟам, аха сара сашьцылахьеит зааӡа сусура нап аркра" — иҳәеит иара.

Абнахьчаҩ икабинет аҟны ашәҟәқәа рацәоуп: абна аенциклопедиа, абнахьчаҩ изы аилыркаага, аҳәырԥсарраҟны изызҳауа аҵиаақәеи аҳаскьынқәеи рфотосахьақәа реизга. Урҭ асахьақәа  иҳаҩсыз ашәышықәсазы иҭыхын, аха рхаҭабзиара шыҟац иҟоуп.

© Sputnik / Илона ХварцкияВ конторе Пицундо-Мюссерского заповедника.
В конторе Пицундо-Мюссерского заповедника. - Sputnik Аҧсны
В конторе Пицундо-Мюссерского заповедника.

Араҟа абнахьчаҩ сааҭк аҟара аус иуеит. Аҵлақәа реиҭаҳареи рыԥҟареи  иадҳәалоу адокументқәа хеирҭәаауеит. Даур Дорофеи-иԥа иусуратә стол иқәуп Ашәҟәы ҟаԥшь – аҳәырԥсарраҟны изызҳауа аҵлақәа  рчымазарақәа зныԥшуа, иара убасгьы жәашықәсала абнахьчаҩ имҩаԥиго аҳасабырбақәа.

"Ҵлацыԥхьаӡа рхатә номер рымоуп. Џьара кьыск аиур имҩаԥааго аусурақәа зегьы ашәҟәаҟны иаҳарбоит. Аҵла каҳама, адыд асны акыр ахьма, ма ихҵәоума – абарҭ зегьы ашәҟәаҟны иарбоуп" — иҳәоит абнахьчаҩ.

© Sputnik / Илона ХварцкияВ конторе Пицундо-Мюссерского заповедника.
В конторе Пицундо-Мюссерского заповедника. - Sputnik Аҧсны
В конторе Пицундо-Мюссерского заповедника.

Абҵара анҵәамҭазы абнахьшьцәа рзы аусурақәа рацәахоит. Ахьҭақәа рыҟалара иахҟьаны закәандарыла иахьхыршьаауа абнарақәа ыҟоуп. Абарҭ аамҭақәа рзы Даур Џьергьениа есыҽны инапы иану аҳәырԥсарра дакәшаны ибоит.

Атәылаҟны абна аус

Даур Дорофеи-иԥа иԥсҭазаара аиҳарак абна ахьчара иазикит. Иара Москватәи абнатехникатә институт даналга иԥсадгьыл ахь дхынҳәит. Изанааҭ ала аус иуеит иахьанӡагьы.

Абнахьчаҩ ажурналистцәа изанааҭ акәама-ҵамарақәа ртәы рзеиҭеиҳәонаҵы арахь  иааиуеит  иара инапаҵаҟа аус зуа — абна аҟазацәа. Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарраҟны  аус руеит жәаҩаҩык ауаа.

Иуҳәар ауеит арҭ ауаа ентузиастцәоуп ҳәа, избанзар аулафахәы х-нызқь мааҭ роуп иҟоу.

"Абна аҟаза мызкахьы иулафахәы иартәоит зқьи хәышә мааҭ, анџьныруаҩгьы  убас. Анџьныр абна ахы-аҵыхәа зегьы иныҭкааны идыруеит, аҵлақәа шыҟоу ишану зегьы  рзы узҵаара аҭак рхианы имоуп. Арахь усураҳәа аҿар рааира уадаҩханы иҟоуп. Ҳԥышәа ҳамыздоҳәагьы аӡәгьы дҟалом иаарласны" — иҳәоит иара.

Уаанӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаартын абнанхамҩа афакультет. Аа-шықәса раԥхьа иадыркит. Уахь аҵараз инеиуаз маҷын, ҳәа еиҭеиҳәоит Даур Дорофеи-иԥа.
"Асовет Еидгыла анеилаҳа ашьҭахь ҳзанааҭ зынӡа ахьӡ каҳаит. Уи ҳара ҳҟны мацарагьы акәым, захьынџьара. Араҟа аибашьрагьы ҟалеит, зегь анеицыла, ҳуадаҩхеит. Абнанхамҩа анапхгара арҭо иалагеит иаратәы зынӡа иззымдыруаз, аџьи али ззеиҩымдыраауаз ауаа", — ҳәа еиҭеиҳәоит Џьергьениа.

© Sputnik / Илона ХварцкияВ конторе Пицундо-Мюссерского заповедника.
В конторе Пицундо-Мюссерского заповедника. - Sputnik Аҧсны
В конторе Пицундо-Мюссерского заповедника.

Даур Дорофеи-иԥа 1976 шықәса рзы иҵара далганы усураҳәа данаа аусурҭа ҭыԥ аиуразы аконкурс дахысыр акәхеит. Усҟан узанааҭ азҟазара адагьы иреиҳау аҵара умазар акәын, хышықәса иреиҵамкәа аԥышәа умазар акәын абнанхамҩа асистемаҟны.

"Абнахьчаҩ иусура аҳәаақәа хәба-фба қыҭа аҵанакуан. Ауаа дырдыруан. Пату иқәырҵон. Уажәы… Аибашьра ашьҭахь "аҵла хҵәаны аҭиразы иреиҳау аҵара аҭахны иҟам" ҳәа сазҳәазгьы ыҟоуп".

1994 шықәса рзы Даур Дорофеи-иԥа Гәдоуҭатәи абнанхамҩаҟны иусура аанижьуеит. Иааркьаҿны «сара спринципқәеи анапхгара ҿыц рметодқәеи еиқәымшәәеит» иҳәоит. 1996 шықәса рзы Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аиҿкаара аԥшьгаҩцәа дыруаӡәкуп. Аамҭақәак рышьҭахь усураҳәа диаргеит Пицунда-мысратәи аҳәырԥсаррахь.

"Аҿар ари аус иадыԥхьалатәуп. Арахь иааироуп адырра змоу ауаа" иҳәоит иара.

Аулафахәы аӡбахә  умҳәозар абнахьчаҩ изанааҭ бзиа излоумбо ҳәа акгьы ыҟам ҳәа азгәеиҭоит Џьергьениа.

Амшын иаҿықәу абнараҟны

Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарра атәыла амшын иахьаԥну ишьҭоуп. Араҟа аҳауа ҷыдоуп – иԥхарроуп, асубтропикатә ҟазшьа амоуп. Араҟоуп иахьазҳауа пицундатәи амзашҵла.

Раԥхьаӡа акәны пицундатәи  амзарҵлара ахьчара аҭахуп ҳәа иазырыӡбеит 1885 шықәса  рзы. 1914 шықәсанӡа аухәама иатәын, нас Гәдоуҭатәи абнанхамҩахь иаҵадыркит. 1926 шықәса рзы ҳәырԥсарраны иҟарҵеит.

Ачаӡра - Sputnik Аҧсны
Амажәа, нас ача: Sputnik ачаӡырҭаҿы

Пицундатәи амзашқәа уникалуп, понтиитәи афлорахь иаҵанакуеит, реиԥш аҽаџьара иуԥылом – иахьыҟоу абра заҵәык ауп.

Аҳәырԥсарраҟны иара убасгьы ирызҳауеит аашәы инарзынаԥшуа ҵиаа хкы. Пицунда-мысратәи аҳәәырԥсарраҟны изызҳауа аҵлажәлақәа рҟынтәи ҩеижәа хкы Ашәҟәы ҟаԥшь иануп.Даур Дорофеи-иԥа иаҳирбоит амшын ааскьара ишаҿу, аҟәара маҷ-маҷ ишаго, уи ишаццо хәы змаӡам аҵиаахкқәа.

Абна иаԥырхагоу ахәаҷа-маҷақәа

Амшын амацара акәӡам абнара шәарҭаны иамоу. Ауаҩгьы даара ашәарҭа иҭеиргылоит зыда ыҟам ҳреликт бнара. Аҳәырԥсарра иахьаҵанакуоуп иахьгылоу  аҳәынҭқарратә дачақәа, асасааирҭақәа, аԥсшьарҭақәа. Зықьҩыла атуристцәа рыԥсы ршьоит есышықәса. Урҭ зегьы ишахәҭоу еиԥш рхы мҩаԥыргом, агәам-сам аанрыжьуеит, амцақәа еихәларкуам.

"Иаакәыршаны агәара ҟаҵатәуп — аҭаларҭеи аҭыжьырҭеи аҭаны", — иҳәоит Џьергьениа.

Абна аусзуҩцәа изныкымкәа атәыла анапхгара рахь инарышьҭхьеит  абри азы апроекти аплани.

"Азеиԥш сметатә ԥса зо миллион артәоит. Жәашықәса рыла абарҭ аԥарақәа рзымԥшааит. Пицундатәи амзаш хынтә шьаҭанкыла иқәыблааны еиҭеималахьеит. Аԥсабара заҵәык ауп гәыӷраны иҳамоу" — иҳәеит иара.

© Sputnik / Илона ХварцкияГлавный лесничий Пицундо-Мюссерского заповедника Даур Джергения.
Главный лесничий Пицундо-Мюссерского заповедника Даур Джергения. - Sputnik Аҧсны
Главный лесничий Пицундо-Мюссерского заповедника Даур Джергения.

Аҳәырԥсарра амшынҟәара аганахь ҳнеиуеит Даур Дорофеи-иԥа иаҳирбоит амзаш аӷа хада – ахьацачықьра. Дара убас ижәпаны рҽеиздырҳауеит, амзаш зымгыло.

"Амзаш агәаӷьқәа адгьыл аҟынӡа  изынаӡом, ачықьқәа ирықәхоит. Ижәымбои аҟата шгылам", — иҳәоит абнахьчаҩ.

Абна арыцқьара аҭахуп аамҭа-аамҭала, аха аԥара ыҟам. Аусзуҩцәа ԥарадагьы иахәҭаны иҟоу ҟарҵоит,  апансионатқәа русзуҩцәагьы рыцхраауеит. Аха иҷыдоу атехника ада иуадаҩуп.

Ашыц - Sputnik Аҧсны
Аԥсны изызҳауа ашыц ах-хәҭак амцаԥшьхәаҷа иакны иҟоуп

Пицунда-мысратәи аҳәырԥсарраҟны иҟоуп амзаш хыцәқәа зфо ахәаҷагьы. Аҵла хыумҵәар ада ԥсыхәа ыҟамкәа иҟанаҵоит.

Абнахьчаҩ далаҽхәо иаҳирбоит  апансионат ааигәара аҵла-ҿа шеиҭарҳаз. Жәабаҟа шықәса рышьҭахь араҟа абна ҿыц ҟалоит иҳәоит Џьергьениа.

"Абнахьчаҩ иџьабаа рацәак иубарҭам, ибарҭам иара ихаҭагьы. Акыр шықәса аҭахуп аҵла ҵланы иҟаларц. Сара еиҭасҳаз ишрызҳауа сымбаргьы ҟалоит, аха ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзоуп иҟасҵо ззыҟасҵо", еиҭеиҳәоит Даур Дорофеии-иԥа.

Ажәабжьқәа зегьы
0