Мирзоев: Аԥсныҟа саазгаз Шьынқәба ирҿиамҭақәа роуп

© предоставлено Асланбеком МирзоевымҞабардантәи хатәгәаԥхарала иаази аԥсуа еибашьцәеи. Пицунда 1993.
Ҟабардантәи хатәгәаԥхарала иаази аԥсуа еибашьцәеи. Пицунда 1993. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Иҭыхым аибашьцәа" апроект иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Аԥсны Афырхаҵа Асланбек Мирзоев иҭоурых.

Саид Барганџьиа, Sputnik Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа 60 ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы аибашьраантәи иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи.

Сара Аԥсны бзиа ишызбаз

Хатәгәаԥхарала Аԥсны иааны еибашьуаз Асланбек Мирзоев даныстудентыз иҩызцәа дрыцны лассы-лассы ашьхақәа рахь ныҟәара дцалон. Ашьхахыҵырҭақәа ҭырҵаауан. Аԥсныҟа дара аанагеит баграт Шьынқәба ишәҟәы "Ацынҵәарах".

Арсен Гуков (арымарахь ала ахԥатәи). - Sputnik Аҧсны
Джульетта Гукова: ҳара иҳаздырӡомызт Арсен Аԥсныҟа еибашьра дышцаз

"Ҳара иҳаҳахьан Баграт Шьынқәба ишәҟәы шҭыҵыз. Сҩызцәеи сареи ашьхахыҵырҭа ҳхысны Аԥсныҟа ҳҩеиит Баграт иԥыларазы. Усҟан Аҟәа аԥсуаа маҷӡаны иаҳԥылеит. Баграт Шьынқәба ибара ҳзалмыршеит, аха амузеи ахь ҳахьнеиз Руслан Гәажәбеи ҳареи ҳаибадырит. 1988 шықәса рзы акәын".

Иара убасҟан ауп Асланбек Мирзоев данрабадырыз Гәырам Гәынбеи Геннади Аламиеи.

Абарҭ аамҭақәа инадыркны Аԥсны иҷыдаз аҭыԥ ааннакыло иалагеит Асланбек игәаҵаҿы.

"Иҟалалон сҩызцәеи сареи ҩынтә-хынтә шықәсык ахь ала Аԥсныҟа ҳанаалоз".

1989 шықәса ԥхынгәымзазы, аԥсуааи ақырҭқәеи реиҿагылараан, Асланбек Мирзоев шьхала Аԥсныҟа дхыҵны дааит.

"1989 шықәсазы, Аҟәа аиҿагыларақәа аныҟала, ҳмилаҭтә уаажәларратә еиҿкаарақәа рнапынҵала сҩызцәа хҩык сыцны Аԥсныҟа ҳааит. Владислав Арӡынбеи ҳареи ҳаиԥылеит, ҳаицәажәеит. Аҿари ҳареи ҳаинырит, ҳаиҩызцәахеит".

Агәы абжьала

Аибашьра ишалагаҵәҟьаз, Нхыҵ Кавказынтәи, хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа иааит ҳашьцәа. ашьхақәа ирхыҵны иҳавагыларц иаауан иаӡәымкәа-иҩыџьамкәа. Урҭ дрылан 24 шықәса зхыҵуаз Асланбек Мирзоевгьы.

"Аҟабарда жәлар Рконгресс аҟынтәи сҩызцәеи сареи Нальчикнтәи автобусқәа рыла Грозныҟа ҳцеит. Уаҟа бџьарла шәеиқәҳаршәоит, Аԥсныҟа ацараҿгьы ҳшәыцхраауеит рҳәеит. Нанҳәа 18 рзы ауп Грозныҟа ҳаннеиз, уаҟа мышқәак ҳаҟан. Иҳарҳәаз ишаҳҭахыз еиԥш иҟамлеит. 150-200-ҩык ҳҟынтәи абџьар зауз жәаҩык иреиҳамхеит. Аха уи аҩыза анасыԥ зауз ҳаргьы ҳрылахәхеит".

Еицыз Аԥсныҟа рхы дырхеит.

"Амашьына дуқәа "Урал" захьӡыз ҳрықәтәаны, Ҟабарда-Балкариеи Ҟарачы-Черқьесиеи ҳрылсны, Аԥсныҟа ҳазгоз ашьхахыҵырҭақәа рҟынӡа ҳнеиит. Амашьынақәа уа иааныжьны шьапыла нанҳәамза 21 рзы Аԥсны ҳаҟан.

Родион Ҳагба - Sputnik Аҧсны
Родион Ҳагба: Аԥсны ахақәиҭра амш аҽны сагьхысуан сагьҵәыуон

Аибашьра ианалагоз Асланбек арахь амҩақәа бзианы иҵахьан. Асланбек ицны арахь иааит Ибрагим Науржанов, Альберт Замуков, Заурбек Кожев.

"Ҳара Аԥсны ҳанааи, аԥхьа Гәдоуҭа ҳнеиит. Асанатори "Черноморец" аҟны ҳанхон. Усҟантәи аамҭазы аштаб Сулҭан Сосналиев напхгара аиҭо далагахьан. Аԥхьатәи амшқәа рзы иара инапаҵаҟа ҳаҟан. Анапынҵа ҷыдақәа ҳаман, ибзиа-ицәгьа бџьарла ҳаибыҭан".

Асланбек иҩызцәеи иареи Аԥсныҟа иааит нанҳәамза 21 рзы. Нанҳәамза 25 рзы Мамзышьхаз ажәылара далахәын.

"Ашьха ахы иақәиҭтәуп ҳәа адҵа ҟаҵан. Абри аидыслара ашьҭахь жәаҩык ҳҟынтәи зых иахәоз ҳәа иаанхаз хҩык роуп – Ибрагим Иаганов, Асланбек Битоков, сара. Ҩыџьа ршьит, егьырҭ ахәрақәа роуит. Ҳабжаҩык аҩныҟа ихынҳәит, ҳара ҳахҩык Пицундаҟа ҳаиаргеит".

Убри нахыс Асланбек Пицунда дыҟан. Игәалаиршәоит маҷ-маҷ Ҟабардантәи аҷкәынцәа аауа ишалагаз, агәыԥ аҽшарҭбаауаз.

"Ҳгәыԥ бригадахеит. Аофициалтә шәҟәқәа рыла "Аҩбатәи Пицундатәи абаталион" ҳәа хьӡны иҳаман, аха абаталион аҟынӡа хыԥхьаӡарала иаҳзынагӡомызт. Шәҩык ҳаҟан – аҟабардатә взводқәа хԥеи пицундатәи аҷкәынцәа рыла ишьақәгылаз аԥсуа взводки".

Аԥхьатәи аамҭақәа рзы ажәлар рҟны рбригада Ибрагим Иаганов ибригада ҳәа иашьҭан.

Асланбек дрылахәын ажәыларақәа хәба.

"Раԥхьатәи аоперациа Мамзышьхаз ажәылара акәын, нас салахәын Гагра ахақәиҭтәра. Убарҭ рышьҭахь иҳақәымҿиаз Очамчыратәи адесант салахәын. Абаржақәа рыла ҳнеиит, аха аӡхыҵра ҳзалмыршеит. Иара убасгьы салахәын 1992 шықәса абҵарамзазтәи Шроматәи аоперациа. Уигьы иҳақәымҿиақәаз иреиуахеит".

Асланбек Мирзоев 1992 шықәса ԥхынҷкәынмзазы арахьынтәи дцар акәхеит.

"Сара Нальчик сыҟан. Уаҟагьы ҳхатәы милаҭтә проблемақәа ыҟан. Урҭ зегьы срылахәын. Аибашьра еилгеит, аԥсуаа аиааира ргеит ҳәа анҳаҳәа, ҳгәырӷьара ҳәаак амамызт. Аԥсны ашҭаҟны ҳаизаны Аԥснынтәи ихынҳәыз ҳаҷкәынцәа ҳарԥылон. Нас, есышықәса, цәыббра 30 рзы Нальчик ҳаԥылон Аиааира Амш".

Асланбек Мирзоев ауниверситет далгеит, дҭоурыхдырҩуп. Аамҭақәак рзы аус иуан амилаҭтә музеи аҟны, нас дҭалоит Миклухо Маклаи ихьӡ зху аетнологиеи антропологиеи Москватәи ринститут аспирантура.

Аспирантураҟны иҵара анхиркәша ашьҭахь Асланбек аусура далагеит Агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут аҟны. Иахьа уажәраанӡагьы уаҟа аус иуеит.

Аибашьра ашьҭахь Асланбек аҭаацәара аԥиҵеит. Ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи имоуп. Ааигәа дабдухеит.

Ирина Кәакәасқьыр - Sputnik Аҧсны
Ирина Кәакәасқьырԥҳа: Руслан иҭихыз ссахьа санахәаԥшуа зегь сызҿыцхоит

Аамҭа агәалашәарагьы иаиааины ахҭысқәа ашьаҽуеит. Ахәрақәа арӷьоит. Аха иааннажьуеит ахаҿсахьақәа. убас, аибашьҩы, Аԥсны Афырхаҵа Асланбек Мирзоев ихаҿсахьа аҭоурых иазаанижьит асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа.

Аамҭа иаиааиз асахьа

"Абриаҟара шықәса ҵхьеит. Уи ахҭыс схашҭхьан. Шәара исгәалашәыршәеит. Схаҿы ишаанхаз ала Руслан Габлиеи сареи Гәдоуҭа ҳаиқәшәеит. Аибашьра иашыкьымҭан. Рацәак ибзианы исгәалашәом ҳаиқәшәара аҭагылазаашьа, ҳҩызак иҟны сасра ҳаҟан ҳәа сыҟоуп. Иара даасыдгылан дсазҵааит ссахьа ҭихыр сақәшаҳаҭу сақәшаҳаҭму ҳәа. сара иагьсыздырамызт спатреҭ еиқәхеит ҳәа. шәара исашәҳәеит", — абас игәалаиршәоит Асланбек Руслани иареи реиԥылара.

Арҭ аҩ-хацәак уаҳа рымҩақәа еихымсит, аха игәаларшәаганы иаанхеит 25 шықәса ирҭагылаз Асланбек Мирзоев исахьанҵа.

Ажәабжьқәа зегьы
0