Басариа: "Амшынеиқәафымцамч" аӡынра иазыхиоуп

© Sputnik / Илона Хварцкия"Амшынеиқәафымцамч" ахада Аслан Басариа.
Амшынеиқәафымцамч ахада Аслан Басариа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә еилакы "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа иаҳзеиҭеиҳәеит аелектроенергетика аусхк аҟны иҟоу аԥыжәарақәеи апроблемақәеи ртәы.

Афымцалашара арцәара амзызқәеи аӡынра аҽазыҟаҵашьеи ртәы ҳзеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә еилакы "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа.

Аиҿцәажәара мҩаԥигон Саид Барганџьиа.

— Ҳауаажәлар рзы еиҳарак актуалра зманы иҟоу афымцалашареи аԥхарреи роуп. Аслан Гьаргь-иԥа, иабанӡазыхиоу шәара шәнапы иану аилазаара фымцалашаралеи ԥхарралеи ауааԥсыра реиқәыршәара?

Аслан Басариа Амшынеиқәафымцамч аиҳабы - Sputnik Аҧсны
Аслан Басариа: афымцамч ахә иацлаӡом

— Ҳәарада ҳара ҳаилазаара аӡынра иазыхиоуп. Абра изҵаара хаданы иҟоуп авариақәа раԥырҟәҟәаареи аус аиҭашьақәыргылареи рзы ихымԥадатәины иҟоу аматериал иахьынӡахәҭоу аҟамзаара. Аха, абри азҵаара аӡбраҟны ацхыраара ҳанаҭоит аҳәынҭқарра. Ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит иахьазы аҳәынҭқарраҟны ишьақәгылоу аамҭа уадаҩ. Ишҳалшо ала ҳнеивыс-ааивысуеит. Афинансдгылара ада аӡынаамҭа ахысра уадаҩхашт. Аӡын ҳазыхиоуп аха иҟоуп иаҳзымхо аматериал. Уи азҵаара аӡбара иаҿуп, сгәы иаанагоит иагьырыӡбап ҳәа.

— Афорс-мажортә ҭагылазаашьақәа еснагь иҟан, иагьыҟалоит. Аха шәара шәабанӡазыҟаҵоу усеиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раԥыхразы?

— Амаҵзурақәа зегьы азыхиоуп уахынла акәыз ҽынла акәыз аусурақәа рымҩаԥгара. Иарбан аамҭазаалакгьы, усеиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа аҭыԥ анрымоу рус нап аларкуеит. Ашәарҭадара атехника инақәыршәаны иугозар, иҟоуп ззин ҳамам аусурақәагьы, иаҳҳәап уахынланы аусура. Амаҵзурақәа зегьы ианахәҭоу ишахәҭоу аус руеит.

Аԥсны иҳамоуп апроблема ду – афымцамчхархәара акыр еизҳауп, ԥхьаҟагьы уи апроцесс еиҳа-еиҳа иацымлозар иагхом. Аҵыхәтәантәи адыррақәа иҳамоу рыла ҵыԥх аасҭа сынтәа 10 процентк рҟынӡа иацлахьеит афымцахархәара. Афымцатә ҳақәа ариаҟара аидара рзышьҭыхуам. Урҭ асовет аамҭақәа рзы имҩаԥгақәаз роуп. Ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаҳҵоит ишалшо ала афымцамч еиҷаҳаларц. Заҟа иҳамоу ҳаиҷаҳауа аҟара аӡынраамҭа маншәаланы иаҳхаагартә иҟалоит.

Леуард Барцыц. - Sputnik Аҧсны
Леуард Барцыц: сынтәатәи аӡынра цәгьахоит

— Иҟалахьоума Аԥсны ақалақьқәа рҟны уахыки-ҽнаки инареиҳаны афымцамч дырцәо? Реиҳа ипроблематә раионқәаны ишәыԥхьаӡои?

— Уахыки-ҽнаки рҟынӡа џьара афымцамч дырцәеит ҳәа жәдыруазар иҳашәҳә. Усеиԥш шамаха иҟамлацт. Иҟоуп аенергетикатә ҳақәа ркатегориақәа реихша. Ҳара ҳ-ҳақәа ркатегориа ахԥатәи ҳәа ишьоуп. Уи инақәыршәаны 24 сааҭ инареиҳаны афымцамч арцәара ҟалом. Сара ара аус зуеижьҭеи аҳаракыра аганахьала 8 сааҭк иреиҳаны џьаргьы афымцамч дмырцәацт. Аҳаракыра ган – уи амагистралтә цәаҳәақәа, аподстанциақәа уҳәа роуп. Уи ада изыҟалом алаҟәыра ган. Алаҟәыра ган – уи ауааԥсыра ирбо ауп.

Еиҳа ипроблематәу раионуп ҳәа ишьоуп Гагратәи араион.

Араҟа идыргылоит хыԥхьаӡара рацәала асасааирҭа маҷқәа. Урҭ зегьыҵәҟьа официалла ҳара ҳахь рҽаҵадыркуам. Ахәгьы аныршәо ахатәҩны иақәу ала иршәоит, акоммерциатә еиҿкаара ишақәу акәымкәа. Афымцаҳақәагьы ирықәло аидара ашьҭыхра рцәыуадаҩуп. Абри азҵаара аӡбразы аусқәа зегьы азакәаншьаҭа рыҭаны ишьақәыргылатәуп, мамзаргьы дара мап рыцәктәхоит.

Амҩа. - Sputnik Аҧсны
Абхазавтодор: аилаҳара амашьынақәа рныҟәара амҩаҿы иаԥырхагамхеит

Егьырҭ араионқәа зегьы рҟны ҳара аӡынра ицәгьамкәа ҳазыхиоуп ҳҳәоит, ҳәарада аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа иҟарҵар зылшо рхатәы лагалақәа азыԥхьагәаҭаны.

— Иаҳзеиҭашәҳәа афымца арцәара еиҳарак мзызқәаны иамоузеи?

— Раԥхьа иргыланы афымцаҳатә нхамҩа ажәра. Иҳамоу амыругақәа рҟынтәи 90 процент рҟынӡа рышықәсхархәара 50 рҟынӡа инаӡоит. Аҩбатәи – афымцаҳа иазышьҭымхыртә иақәло аидара. Ацәаҳәақәа дасу ишьҭырхша азыԥхьагәаҭаны ишьақәыргылоуп. Уи еиҳау аидара рықәлар, ирзычҳаӡом. Ахԥатәи – уи иаалырҟьан, форс-мажортә ҳасабла иҟалар зылшо аҭагылазаашьақәа роуп. Урҭ еиҳарак изыхҟьо аԥсабаратәи аҳауатәи ҭагылазаашьақәа роуп.

Ҳара аамҭа-аамҭала аусурақәа мҩаԥаагоит. Абри исҳәар сҭахуп ауалшәаратә дисциплина ареспубликаҿы ишахәҭоу аус шамуа. Афымцамч зхы иазырхәо зегьыҵәҟьа иара ахә ахшәаара аҭахуп ҳәа иршьом.

— Изакәытә ҭагылазаашьақәоузеи ҳподстанциақәа ирымоу?

— Исгәаԥхом, аха џьаргьы иашьашәалоу сзымԥшааит. Дара зегьы аус руеит. Аҳаракыратә ган ахь иаҵанакуа 40 рҟынӡа ыҟоуп (35 киловатт инаркны 220 киловатт рҟынӡа зҵазкуа). Хар рымамкәа аус руеит. Иҳамоу амыругақәа ахрархәара аамҭа акыр иахьахысхьоу инамаданы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рыҟалара аӡәгьы мап изацәкуам.

— Азанаҭуаа разырхиара аганахьала ишәҭагылазаашьои? Иҟоума уи аҩыза аҭахра, мамзаргьы зегь рыла шәеиқәшәоу?

— Азанааҭуаа рыла ишахәҭоу еиԥш ҳаиқәышәшәа ҳаҟоуп ҳәа ҳазҳәом. ААУ аҟны иҟоуп "аелектоенергетика" азанааҭтә факультет, аха уахь инеиуа акыр имаҷуп. Ҳара ҳтәылаҟны аекономистцәеи аиуристцәеи рзы уадаҩра умоуазар, иумоу акәым аусурҭа ҭыԥқәа рзыԥшаарагьы цәгьазар, ҳара уи аганахьала ҳмаџьаноуп. ААУи ҳареи аус еицаауеит. Абри афакультет иалгаз рсиақәа ҳамоуп.

Ишҳалшо ала иҟоу ҳҟазацәа рдырреи рҟазареи аҳаракыраз иҳалшо ҟаҳҵоит. Ихымԥадатәиу заанаҭуаак зынӡагьы иҳамаӡам.

Ҳара ҳаԥшьгарала ААУи Москватәи аенергетикатә институти аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит аинырразы. Ҳгәыӷуеит уантәи алимитқәа ҳзаарышьҭып ҳәа. Убри адагьы Аԥсны Аҵара аминистрреи ҳареи ҳаилацәажәеит егьырҭ урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рсиақәа ҳарҭарц. Абри аганахьала иҳалшо иаарласны иаабап ҳәа ҳгәыӷуеит.

Аенергетикцәа иахьынӡахәҭоу еиԥш иаҳмоур иара аенергетика ахаҭагьы ҳауам.

Ажәабжьқәа зегьы
0