Игор Хьециа: гранатак-гранатак ҳхазы иҵәахны иҳаман

© Sputnik / Илона ХварцкияИгорь Хеция.
Игорь Хеция. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" иацаҳҵоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Игор Хьециа иҭоурых ала.

Анжелика Бениаԥҳа. Sputnik.

Игор Хьециа диит 1955 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан. Аибашьра ҟалаанӡа аус иуан Гагра.

"Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы Гагра абџьар шамахамзар аӡәгьы имамызт. Мызкы иназынаԥшуа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагон. Ианартәи ажәылараан сашьцәа руаӡәк дҭахеит, ҳәа игәалаиршәоит Игор, – сара зегь сгәалашәоит, аха аиҭаҳәара сцәыцәгьоуп", — иҳәоит иара.

Аибашьраан зегь раҵкьыс иуадаҩыз, ирыцҳараз аамҭаны иҟалеит марттәи ажәылара. Арҭ амшқәа аԥсуа жәлар рфырхаҵара иашьананы иҟалеит. Ҳаибашьцәа ахымҩасқәа рхашәышәуа ԥхьаҟа ицон. Уаҩ иимбац агәымшәара аадырԥшуан. Рыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны аԥсадгьыл ахақәиҭтәра рхықәкын.

Игор Хьециа абри аоперациаан зыԥсы ҭаны еиқәхаз дреиуоуп. Иара иаҳзеиҭеиҳәеит зҩызцәа хьчо зхаҭақәа аԥсра иаԥылаз шырацәаҩӡоу. Иара иажәақәа рыла марттәи ажәылара реиҳа згәаларшәара уадаҩу аамҭаны иҟалеит иԥсҭазаараҿы.

"Аԥхьатәи амш ҭынчран. Аҩбатәи амш, ашьыжь асааҭ 11 рахь инеиуаны амацәаз еиԥш ҳҭаркит. Аҷкәынцәа ирылдыршеит ақырҭцәа рыштаб аимгәыцҟьаара. Уаҟа иаабеит ирацәаны аџьаԥҳани абџьари. Нас, аимадара ҳцәыӡит… нас асы леиит… Ԥхьаҟа ицаз аҷкәынцәа зегь ҭахеит", ҳәа еиҭеиҳәоит Хьециа.

Алик Цымцба (хыхьтәи ариад, арымарахьынтәи ахәбатәи). - Sputnik Аҧсны
Владимир Кәакәасқьыр: ажәыларақәа раан Алик зегь раԥхьа дгылан

Иара иеиҭеиҳәоит Леон иорден занашьоу Алик Цымцбеи иареи Гәымсҭа ишырсуаз атәы:

"Аӡы ҳаицыӡхыҵит, нас хаз-хазы ҳцеит. Абжаҩык ԥхьаҟа ицеит. Ҳара анышәынҭрақәа рҟынӡа ҳнеихьаны "шәаангыл", ҳәа ҳарҳәеит. Ашьҭахь асааҭ акахьы инеихьаны ԥхьаҟа ҳнеиит. Аҷкәынцәа танкк рымпыҵархалеит. Аҩбатәи амш азы иҳакәшеит. Ианылашьца ишьыз уа анышә иамаданы, ихәыз ҳаманы шьҭахьҟа ҳхынҳәит", — иҳәоит Хьециа.

Аибашьра алахәыла Алик Цымцба дыздыруаз зегьы игәымшәара аӡбахә рҳәоит. Игор Хьециагьы уи дигәалаиршәоит.

"Игәы ҭбаан. Дгәымшәан. Ажьырныҳәа 5 рзы жәылара ҳанцоз автоматгьы апулимиотгьы шьҭихит. Рыҩбагь рыла ухысуама анаҳҳәа, "изысҭарыда?" иҳәеит".

"Ҳавзвод иалахәыз зегьы гранатак-гранатак ҳхазы иҵәахны иҳаман, аӷа ус аламала ҳимпыҵашәар ҳҭахымызт. Аслан Ҳагәышь аӷа данимпыҵашәа ихала ихы ахәитәит, иԥсы шҭаз дырмоуит", — иҳәоит Игор.

Аибашьраан Игор 37 шықәса ихыҵуан. Иара иҳәоит ицеибашьуаз иҩызцәа лассы-лассы игәалашәара ишалоу.

"Аҟәа ҳаналҵуаз аԥсцәа уа анышә иамаадеит, ихәыз аӡәгьы даанаҳмыжьит. Уахынла исывыршьааз сгәалашәалоит. Аха иумчуи? Дара нарцәыҟа ицеит, ҳара арахь ҳаҟоуп", — иҳәоит Игор.

Руслан Габлиеи Игор Хьециеи аибашьраанӡагьы еибадыруан.

"Сара дара ахьтәаз аштаб ахь схалеит. Иара дсазҵааит "усахьа ҭысхыр уҭахӡами" ҳәа. "Ссахьа злаҭухуеи, қьаад умам шәыга умам", сҳәеит. Аха иара сааҭыбжак иалагӡан карандашьхҵәахала сҭихит. Иагьысгәаԥхеит. Аҩны иҵәахны исымоуп ссахьа", — иҳәоит иара.

Игор Хьециа ианашьоуп "Агәымшәараз" амедал.

Ажәабжьқәа зегьы
0