Дбар: ҳаб дҿырԥшыган зегь рыла

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаРагим Дбар
Рагим Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу Вадим Дбар дҭахеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан, уи иԥа Рагим иаҳзеиҭеиҳәеит иаб дшигәалашәо атәы.

Ажәлар рҟны ирҳәоит, "аҭаацәара реиҟәыҭхара зҽаԥызшәо, шә-гәнаҳарак ирҿиоит", ҳәа. Ус анакәха, ухаҿы иузаагашам, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан шаҟа гәнаҳара рхы иаҭәаршьаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа, абыда асабицәа анаанрыжьуаз.

Саида Жьиԥҳа.

Вадим Дбари Нонна Маргазиеи иаԥырҵаз аҭаацәара еигәырӷьо рыгәҭакқәа нагӡо ирааӡон хҩык ахшара, ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи. Аԥсҭазаара иунаҭо аԥшӡарақәа ухыхны уанрымоу, угәы иҭашәом џьара лахьеиқәҵарак узыԥшуп ҳәа. Ус инхон аԥеиԥш лаша иақәгәыӷуаз аԥсуа ҭаацәарақәа зегьы.

Аха ус егьа иҟазаргьы знымзар зны, доусы иҩны инеиуеит арыцҳара. 1992 шықәса, нанҳәа 14 аҽны, аԥсуа жәлар ирзыҟалеит ирзеиԥшхаз агәаҟра. Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ҳмилаҭ шьаҭанкыла ақәхра рҽазыршәеит.

Зықьҩыла еиқәшәаз, бџьар рацәала еибыҭаз аӷа ир ашәарыцага шәақьла ирҿагылеит зыԥсадгьыл аиқәырхара иашьҭаз аԥсуа еибашьцәа.

Мчыла ишеиҟарамызгьы, аԥсуа жәлар аӡәи-аӡәи ргәы шьҭыхны, агәрагара аадырԥшуан ишдыргьежьуаз анцәа ирзишаз аԥсадгьыл.

Вадим Витиа-иԥа Дбар иԥацәа Русҭами Рагими иԥҳа хәыҷы Есмеи иԥшәма Нонна лнапы ианҵаны абџьар шьҭыхны дрывагылеит иашьцәеи иҩызцәеи.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаВадим Дбари Нонна Маргазиеи рҭаацәара
Вадим Дбари Нонна Маргазиеи рҭаацәара - Sputnik Аҧсны
Вадим Дбари Нонна Маргазиеи рҭаацәара

"Аибашьра ианалагоз сашьеиҳаб Русҭам ихыҵуан жәашықәса, сара жәышықәса, ҳаҳәшьа Есма хышықәса. Аха иахьа уажәраанӡагьы исгәалашәоит, нанҳәа 14 аҽны, "аибашьра иалагеит" ҳәа ҳлымҳа ианҭас, иаҵанакуаз нагӡаны ишаҳзымдыруазгьы, шаҟа хьшәашәареи гәҭынчымреи ацыз", — ҳәа игәалаиршәоит Вадим иԥа Рагим.

Леонид Боџьгәуа. - Sputnik Аҧсны
Боџьгәуа: еснагь сыбла ихгыло - иҭахаз сҵаҩцәа роуп

Вадим Дбар диит Бармышь ақыҭан. Ашкол ашьҭахь Аҟәа аҳасабеилыргаҩ изанааҭ ала аҵараиурҭа далганы дгьежьуеит иқыҭахь, аус иуан ақыҭсовет аҟны.

Аибашьра аламҭалаз Вадим Витиа-иԥа иҭаацәа иманы нхара диасуеит Гәдоуҭаҟа. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инаддыркны, Вадим иԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьа наигӡон.

Иара далахәын Гагра араион аҭарцәаразы аоперациа. Дырԥылон Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала иҳацхраарц иаауаз арԥарцәа.

"Сара исгәалашәоит, ҳаб аҩныҟа ицны ишааз Ҟабарда-Балкариантәи аибашьцәа. Дара рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Гена Карданов. Ашьхарантә илбаауаз аҷкәынцәа рымаҭәеи ршьаҵеи рыҵахон аҟнытә саб ириҭон иара итәқәа. Сан лакәзар, илымаз ала рыфатә ҟалҵон. Ҳзынҭаацәаз аибашьрахь инаскьаҳгон, мышқәак ҳәа ианаауаз ҳгәырӷьаҵәа ҳарԥылон", — иҳәоит Рагим.

Ажьырныҳәатәи ажәылараан, Гәымсҭа аҩадатәи ацҳаҟны Вадим Дбар ахәра иоуит, аха аҵыхәанӡа иҽымхәшәтәкәа, ибӷа ахы шалаз еиҭа дцоит еибашьра.

Ветеран Гурам Хагба. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Гәырам Ҳагба: акгьы ҳхамшҭӡеит, уи аҩыза хашҭшьа амаӡам

Вадим иан Валентина Бениаԥҳа дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа лыҷкәын диҳәон, "нан уаангыл, инагӡаны уҽыхәшәтә", аха иара ҭакс илиҭон "зегьы ус ҟарҵо иалагар еибашьуада", ҳәа.

Ажәыларақәа рышьҭахь, Вадим иҩызцәа аҟабардақәеи иареи аҩныҟа ианаауаз ахәыҷқәа дмыршәарц азы аибашьра атема иалацәажәаӡомызт.

Аха уеизгьы, Русҭами Рагими ирызҵаауан, иҟоузеи уа ҳәа.

"Ҳаб ииҳәоз ак акәын, "аԥсуаа аиааира ргоит, шәымшәан". Аха ҳара еилаҳкаауа ҳалагеит, аибашьраҿы ауаа шҭахоз. Избанзар ҳала иабон, ҳгәылацәа, ҳҩызцәа хәыҷқәа рабацәа шьны ишааргоз. Убри ашьҭахь ҳаб ажәыларақәа рахь данцоз, ашәара шьҭаҳхуан", — ҳәа азгәеиҭеит Рагим.

Жәабран 27, 1993 шықәсазы, Вадим Дбар иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи имш иира. Уи аҽны иара ааԥхьара риҭеит дызлаз ижәыларатә бригада акомандаҟаҵаҩ Вова Начач-Огли, ицеибашьуаз иҩызцәеи.

"Даара алахҿыхра ацын ҳаб иирамш. Аибашьцәа зегьы алаф еибырҳәон, ишәаҳәон, икәашон. Иалацәажәон иаарласны Аԥсны шҭадырцәуа атәы. Гена Карданов уажәы-уажәы дааҳәны ахәыҷқәа дҳахәмаруан", — абас ала иаб аҵыхәтәантәи игәырӷьарамш игәалашәоит аԥа.

Хәажәкыра 14 рзы, Вадим Дбар иҭаацәа "ҩаԥхьа ҳаиқәшәаранӡа", ҳәа нараҳәаны ашҭа дынҭыҵит. Аха минуҭқәак рышьҭахь, ихашҭыз ҟалан днагьежьит. Ианакузаалак амҩа уанықәло ухынҳәыр, ажәлар разгәаҭарақәа рыла абзиара иатәым. Ус иагьыҟалеит. Вадим уаҳа иҭаацәа рахь дыхнымҳәит.

"Иахьеиԥш исгәалашәоит ҳаб ашҭа дҭыҵны данцоз. Амш кахха еилган. Ахәыҷқәа ҳааиргәыбзыӷан, шәҽырҟәыбҷаны шәыҟаз, аҩны ааныжьны хара шәымцан, шәан лҳәатәы шәахымԥан наҳәаны, имҩа днықәлеит, аха маҭәак ицәынхазаарын днашьҭаланы днахынҳәит. Мыцхәы даанымгылакәа, ҳабла ҭраа ҳашихәаԥшуаз еиҭа иҿынеихеит еибашьра", — иҳәоит аԥа.

Сергеи Габниа. - Sputnik Аҧсны
Аибашьҩы Габниа: Руслан Габлиа ссахьа ҭихит сыԥсы сшьарц санаатәа

Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны зегь раасҭа ишьаарҵәыроу хҭысны иаанхоит. 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа наӡаӡа Гәымсҭа аҿықәан рылацәқәа неихьыршьит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.

Вадим Дбар дыруаӡәкхеит, зыхшара рааӡара иахьымӡаз, аԥсҭазаара иамоу аԥшӡарақәа нагӡаны изымбаз. Аха иара дреиуоуп еиҵагылази ԥхьаҟа изызҳауа аҿари рҭынч ԥсҭазаара аԥҵаразы зхы зыԥсы иамеигӡаз. Аибашьҩы анышә дамадан Аҟәа ахәшәтәырҭа азааигәара, азеиԥш ҳаҭгәын аҿы.

"Ҳаб дышҭахаз ҳан илаҳахьан, аха лылаӷырӡ ҳмырбакәа иаҳцәылӡон ҳзыниаз арыцҳара ду. Ас еиԥш иҟоу агәырҩа аҵәахшьа залшом. Сашьеи сареи ари ажәабжь еиқәаҵәа ҳақәра иацнаҵеит. Зыхшыҩ нагӡаны ишәхьаз реиԥш ахәыцра ҳалагеит. Ҭыԥ сызымҭоз ахьаа саргәаҟуа саналага, ҳаб иҩызцәа аҟабардақәа Нальчикҟа сгәы схашҭырц срыманы ицеит. Мызкы ашьҭахь аҩныҟа схынҳәит. Уи нахыс ҳан лыблақәа ирхаҳбаалоз аццышә ҿыцәааит. Ҳара ҳакәзаргьы, ҳхәыҷра ԥшшәыдахеит", — ҳәа игәалаиршәоит аб дзыԥхаз аԥа.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга, абҵарамзазы, хәажәкыратәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа анышә реиҭамадаразы имҩаԥган аԥсыҵхра. Араҟа зхаҭара шьақәдыргылоз аибашьцәа рҭаацәа аҩныҟа иргон.

Хымԥада аамз рышьҭахь аԥсы ихаҭара ашьақәыргылара уадаҩуп, аха знапала еибыҭаны аибашьрахь изышьҭоз ирызгәакьаз ауаа, рышәҵатәи ршьаҵеи иныҟәыргоз амаҭәарқәа рҟәырҷахақәеи рыла ирдыруан.

Вадим Дбаргьы иԥшәма ԥҳәыс имаҭәала дылдырит. Аибашьҩы анышә деиҭамардеит иаб игәараҭа Бармышь. Нонна Маргазиа усҟантәи аамҭазы дызлаԥшыз ахлымӡаах, лыхшыҩ аҿы иаанхеит иԥхыӡ ҿаасҭаны.

"Ҳаб данҭаха ашьҭахь, ҳаҩнаҭа аҵәыуара мҩаԥган. Аха иԥсыбаҩ ҳауаанӡа ҳҭаацәара ргәы ҭынчымызт. Ииашоуп, дышҭахаз агәра умго иҟамызт, аха ҳзыцәшәоз иԥсыбаҩ ҳзымдырыр акәын", — ҳәа дазааҭгылеит Рагим Дбар.

Вадим Витиа-иԥа данҭаха ашьҭахь, ԥшьымз ааҵуаны, ԥхынгәытәи ажәылараҿы иҭахоит хҩык иҩызцәа аҟабардақәа. Урҭ дрылан Гена Кардановгьы.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаВадим Дбар
Вадим Дбар - Sputnik Аҧсны
Вадим Дбар

Аибашьцәа рыԥсадгьыл ахь иргаанӡа, иахькҿаз Дбараа рҭаацәараҟны акәын. Вадим иԥшәма ԥҳәыс Ноннеи ихшареи арҭ арԥарцәа ирызгәакьаз ауаа ракәны, аҵыхәтәантәи рымҩахь инаскьаргеит.

"Ҳаб иашьа гәакьа иеиԥш дҳаԥхьаӡон Гена Карданов. Дара шҳаԥхазгьы, иахьа уажәраанӡа ҳҭаацәарақәа еиқәырханы иҳамоуп аизыҟазаашьа бзиақәа, лассы-лассы ҳаибабоит, ҳаиҿцаауеит", — иҳәоит Вадим иԥа.

Гена Карданов данҭаха ашьҭахь, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ианашьахоит.

Вадим иԥшәмаԥҳәыс Нонна Маргазиа, аибашьра цонаҵы арыцҳарақәа рацәаны дрыниеит. Илыԥхеит лыԥшәмеи ҩыџьа лашьцәа Гәырами Оҭари.

Згәы хьаала ихәыз, зымч агәырҩа иаркәадаз аԥҳәыс, лаԥхьаҟа имариамыз аусқәа лзыԥшын. Аамҭа хьанҭа иалааӡатәын хҩык ахшара.

"Ҳара лҿаԥхьа ҳхырхәоит ҳзааӡаз, ҳшьапы ҳақәзыргылаз, аҵара ҳзырҵаз, аӡә иашьҭахь ҳазмыргылаз ҳан. Аибашьра ашьҭахь, нхара ҳаисаит Гаграҟа. Егьырҭ аҳәса ишыҟарҵоз еиԥш, Ԥсоу аҳәаа аҭиитә ииаганы, илырҳауаз ала ҳныҟәылгон. Усҟан ҳанацәа аекономикатә еибашьра иаҿагылеит. Махәҿыла амамзаара иаиааит. Ҳанацәа рганахь ажәа ԥхақәа рҳәара еснагь иаҳзымгәаӷьуазаргьы, идсырдырыр сҭахыуп, дара аибашьра ашьҭахь еиҵагылаз абиԥара рышьақәгылараҿы ирбаз аџьабаа ахә шҳараку", — иҳәоит зан лааԥсара аџьшьара азҭо аԥа.

Вадим Дбар данҭахоз 35 шықәса дырҭагылан. Аха ақәра ду нызҵаз иеиԥш, аҟәышра иамҽхакыз иакәны дыҟан. Еснагь активла далахәын ақыҭа аԥсҭазаара. Ихԥша бзиан.

"Ҳаб џьара ныҳәак аназгәарҭоз, ҳимгар иуамызт. Ҳшыхәыҷыз агәыбылра ҳиркуан ҳахьиз Бармышь ақыҭа, иҳаилиркаауан уи ҳаԥсҭазаара иузаҟәымҭхуа ишадҳәалоу. Ҳара ҳзы игәырӷьара дууп аҽырыҩрақәа рахь ҳанигозгьы", — игәалашәоит аԥа.

Ҩыџьа аԥацәа ирабыз Вадим, игәы лзыҳәон аԥҳа. Есма дании, аҭаацәараҟны агәырӷьара ҵҩа амамызт.

"Ҳарҭ ҳаҷкәынцәан, убри аҟнытә, ҳааӡараҿы ҳаб ианахәҭоу дыџьбаран, убас дгәыбзыӷын. Ҳаҳәшьа дҳаиҵбан, насгьы лиира акыр аамҭа дазыԥшын азы длыхӡыӡаауан. Ҳани ҳаби реизыҟазаашьала ҳшыхәыҷыз иаҳбон, ҳҭаацәараҿы аҳра шыруаз абзиабареи апатуеиқәҵареи аилибакаареи", — рхәыҷратә шықәсқәа дрылацәажәо иазгәеиҭоит Рагим.

Виталий Тарба - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеран Ҭарба: ақәыԥшцәа аԥхьа игылан

Аибашьраан заб дзыԥхаз ахәыҷқәа, уажәшьҭа рхаҭақәа аҭаацәара аԥырҵахьеит. Аха дара иахьагьы изхьаауеит, дышрыгу рныруеит. Вадим иԥацәа Русҭами Рагими рыԥҳацәа макьана ахәыҷбаҳча қәра иҭагылоуп, аха урҭ ирзеиҭарҳәоит, рабду аибашьҩы гәымшәа иӡбахә.

Аԥҳахәыҷы лиира иазхьаауаз Вадим Дбар, иахьа иԥсы ҭазтгьы, шаҟа дреигәырӷьарызеишь имаҭацәа. Аибашьҩы ақәра рацәа ниимҵеит, аха аԥсҭазаараҿы аиашара шьақәгылозар, уи ихшаз иалырбаароуп аԥшӡара зегьы. Аԥсадгьыл ахақәиҭтәра дазықәԥон Вадим иашьа Херсонгьы.

Вадим Дбар данҭаха ашьҭахь ианашьан Леон иорден. Есышықәса, хәажәкыра 15-16-тәи ажәыларатә мшқәа раан аԥсадгьыл ахьчаҩ анышә дахьамадоу инеиуеит иҭаацәа, иҩызцәа, иқәлацәа.

Егьа шықәсы рацәа ҵыргьы, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ахааназ рыхьӡ кашәара ақәлом. Дара наӡаӡа хьтәы нбанла иалубаалоит ҳҭоурых адаҟьақәа рҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0