Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Гьечԥҳа: анкьа аԥсуара ӷәӷәан, даара апату аҳаҭыр ҳаракын

© Фото : Нонна ТхәазԥҳаГечԥҳа Севинч
Гечԥҳа Севинч - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анкьа Ԥсоу аӡиас аарцәгьы нырцәгьы зымҽхакны инхоз аарцә Цандааи, нырцә Арыдааи гәылацәас измаз Гьечаа дуқәа ҳәа изышьҭаз аамысҭа дуцәа ракәын. Гьечаа нхоит Ҭырқәтәыла Диузџье, Адаԥазар, Самсун, Сивас, Каисери, Ҭоқаҭ, Ԥнарбашьп ирыҵаркуа ақыҭақәа рҿы.

Sputnik аналитик Нонна Тхәазԥҳа Гьечаа рыжәлантә Гечԥҳа Севинч илзеиҭалҳәеит лҭаацәа рҭоурых.

Гьечаа  ианрааз Чачаа иаарыдҩыло иаамысҭцәа дуқәаны иԥхьаӡан. Зегьы еицырдыруа акоуп ахҵәара ду аныҟалаз дара Аԥсны аҳ Ду Ачачба ишиҵанамкуаз. Хазы аҳра рыманы рхы рыԥхьаӡон, асаӡқәа раҳцәа ракәын.

Ҭырқәтәыла иҟоуп Гьечаа еиҿыркааз ақыҭа – Гечрыԥшь, ма Гьечаа раҳҭынра ҳәа изышьҭоу иахьа уажәраанӡа. Ҭырқәтәыла ари ақыҭа Кәызылықә ахьӡуп. Кәызылықә инхоит 5-6 ҭӡы Гьечаа. Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа ицаз аратәи Гьечаа рабдуцәа Зосҳанбеи Сеиҭбеи рыхьӡын. Урҭ ирхылҵыз роуп уажәы Кәызылықә инхо Гьечаа.

"Ҳабдуцәа аурысқәа ианықәырца абра Ҭырқәтәыла иааит. Ара ианааи аҳәса аӷбаҟынтәи ианыԥшы ирбеит аратәи аҳәсақәа аиқәаҵәа рышәҵаны, рхырҿқәа ҭаҳәҳәаны ишыҟаз. Иҭымҵырц иалагеит, ҳара урҭ ҳрылалаӡом рҳәеит. Хымш аӷба иҭахеит, иԥсуа ианалага ахацәа цан иааргеит урҭ ашьаршьафқәа ирхарҵан ус илбааит. Ара раԥхьа иааиз зынӡа иргәаԥхаӡомызт. Аҭырқәцәа рымаҭәа иԥсаанӡагь иршәырҵаӡомызт. Анкьа шамахамзар атәым дҳалаҳҵаӡомызт. Уажәы зегьы ҳаилышьхеит, ҳаилалеит", — лҳәеит Гьечԥҳа.

Ажәытә аԥсуараҿы алеишәа ақьабз даара иӷәӷәан. Аԥсуаа уи еиламгакәа иқәныҟәон. Зегьы еицырдыруеит аиҳабацәа ианырбоз аби ани рхәыҷқәа шырымкуаз, ишырмахәмаруаз. Ари шьоукы-шьуокы иџьаршьоит, аха ари џьашьатәӡам, избанзар иара иаҵаҵәахын акы аиҳабы аиҵбы рыпатуеиқәҵара дуӡӡа, ҩба ахәыҷы иааӡараҿы уи аҵак ду аман. Уажәы ара ҳазааҭгылап убри иадҳәаланы Гьечԥҳа лабду ихьхьаз хҭыск.

Абаӷԥҳа Севим. - Sputnik Аҧсны
Абаӷбақәа рҭаацәа аԥсуара шныҟәырго

"Сан Арыдԥҳан лаб Ҳиқьмеҭ ихьӡын. Ҳиқьмеҭ иаб Ҳақыбеи ихьӡын. Уи аурысқәа ҳанықәырца абра даан ападишьаҳ иаиҳәан аӷба ииҭеит. Иара зажәа ылнадоз аӡәы иакәын. "Хынтә уца уаа" ҳәа иаиҳәеит, иаргьы хынтә дцан ауаа ааигеит. Ападишьаҳ адгьылгьы ииҭеит. Дара Арыдбақәа хҩык ыҟан. Аӡәы Сҭампыл дынхеит, егьи Гебешь ақыҭахь дцеит, Ҳақыбеи иҷкәынцәеи иареи Зонгәылдақ иаанхеит. Аԥсуаа рҿы аҳцәа Ачаа Чачаа, аамысҭа дуқәа Гьечаа, Арыдаа, Цандаа, Маршьанаа уҳәа зегьы иреиҳауп Аублаа. Урҭ аԥаҳимбарцәа реиԥш шьоукы роуп.

Сабду Ҳиқьмеҭ Арыдба даныхәыҷыз ихьыз акы сҳәар сҭахуп. Ӡык азааигәара итәан, саб аӡы дҭаҳаит. Иара иабгьы уа дтәан, аха аиҳабацәагь тәан. Аҷкәын дҭаҳан даман ицон, иаб дгылан иҷкәын дизҭымгеит, иԥхашьаран азын ихы ларҟәны дтәан. Ҽаӡәы дгылан дҭигоит ҳәа дааԥшит. Даҽаӡәы дыԥан аӡы далаԥалан дҭигеит. Абас аԥсуара ӷәӷәан, даара апату, аҳаҭыр ҳаракын. Аԥсуаа ари анныҟәыргоз цәгьала иԥшӡан, имариаӡамызт ицәгьан, аха дара ибзианы иныҟәыргон. Уажәыгь ара ԥыҭк аанханы иҟоуп, иныҟәыргоит".


Ажәабжьқәа зегьы
0