Астудент-аенергетик: сара издыруеит Аԥсны ишысзыԥшу

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи астудент Еснаҭ Кациа, аҳәаанырцә аҵара иҵоит. Иара ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит Москватәи аенергетикатә институт аҟны иҵара амҩаԥысшьа, астуденттә ԥсҭазаара ацашьа.

Sputnik, Инна Џьениаԥҳа.

Еснаҭ Кациа Аҟәатәи афбатәи ашкол доушьҭымҭоуп. Абжьаратә ҵара даналга ашьҭахь иаб ишьҭра дықәларц иӡбеит, Москватәи аенергетикатә институт дҭалеит.

- Еснаҭ, узанааҭ алхраан анырра узҭеи?

— Сара акраамҭа сызҭалара сыздырамызт, саԥхьаҟа иарбан занааҭу исҭаху сзышьақәыргыломызт. Зны – арратә Академиа аҭалара сҭахын, нас москватәи аргыларатә институт сҭалар сҭаххеит. Абарҭқәа рышьҭахь ауп саб ишьҭра сықәлар шысҭахыз аныздыр. Уи ахьалысхыз иахьа сеигәырӷьоит.

"Итрадициатәыми еихылҿиаауеи афымцамч ахыҵхырҭақәа" ахьӡуп иалысхыз азаанааҭ. Уи иаразнакы иалсымхит. "Аенергетикатә системақәеи аҳақәеи" ринститут (МАИ аҟны афакультетқәа рцынхәрас аинститутқәа ҳәоуп ишыҟоу) аҩбаәи акурс аҟны сантәаз, сара исҭаххеит агидроенергетикахь сиасырц. Уи еиҳа аинтерес сзаҵаны избеит, уи адагьы Аԥсны ИгрыГЕС аҟынтәи ауп афымцамч ахьаиуа.

- Азанааҭ ахырхарҭа ҭшәоума?

— Мап. Сара агидроенергетика адагьы амратә енергетика ҭысҵаауеит. Ари Аԥсназы аинтерес зҵалаша хырхарҭоуп. Ҳара ҳҿы амрамшқәа ашықәс абжеиҳара иҟоуп. Ҳаԥхьаҟа амратә станциақәа рыргылара ҳалагаргьы ауеит. Афымцамчгьы еиԥмырҟьаӡакәа иҳаулар алшоит.

- Шәара, астудентцәа аенергетикатә комплексқәа русушьа жәбарцы шәыргалозар акәхап?

— Зны, Сергиев Пасад ааигәа иҟоу ГЕС ахь ҳаргеит. Иара ахышәа-ҵышәа уаршанхартә иҟамызт, аха аинтерес аҵан аиҿкаашьа. Сара иара убасгьы сыҟан АҟәаГЕСи ИгрыГЕСи. ИгрыГЕС џьоушьартә ауп ишыҟоу.

- Аҵарагьы ҵароуп аха астуденттә ԥсҭазаара шԥамҩаԥысуеи? Алахҿыхрақәа ацми?

— Сыстуденттә ԥсҭазаара егьырҭ астудентцәа зегь реиԥш исхызгоит. Саамҭа аиҳарак аҵара иагоит. Аамҭа ансымоу сҩызцәеи сареи еицаҳхаагоит. Араҟа милаҭрацәала еилоуп астудентцәа.

© Фото : предоставлено Эснатом КацияЭснат Кация (второй справа)
Эснат Кация (второй справа) - Sputnik Аҧсны
Эснат Кация (второй справа)

Уаанӡа сара азеиԥшнхарҭаҿ дсыцынхон уаԥск. Даара ҳаиҩызцәан. Иара еснагь саԥхьа дышьҭалон. Аамҭак инақәыршәаны ԥхыӡла ацәажәара далагон. Аԥхьа иџьасшьон, нас ииҳәоз анҵара салагеит. Иагьеилыскааит их дубеиа ишибоз – иԥхыӡқәа рҟны еснагь даҳын, дыкралын.

- Акультуратә программақәа шԥеиҿкаау?

— Ааигәа атехнологиа ҿыцқәа рцәыргақәҵаҟны сыҟан. Даара исгәаԥхеит. Акино, аконцертқәа рахь сныҟәоит.

- Аҵыхәтәантәи аамҭаз узхәаԥши?

— Deep Purple, Black Sabbath рҟны сыҟан. Ҳәашьа сзаҭом.

- Аҩныҟа угәы умыхаӡои?

— Аԥхьа акыр иуадаҩын. Ушьҭа сашьцылеит.

- Ҳреспублика аҟазауаа аҭахуп. Аҵара ашьҭахь Аԥсныҟа ухынҳәуама?

— Ҳәарада. Сара издыруеит сыԥсадгьыл аҟны ишысзыԥшу.

Ажәабжьқәа зегьы
0