Аԥҳәыс хаҿы змоу аибашьра

© Фото : Бадра ЛейбаАџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Ида Аҩыӡба
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Ида Аҩыӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ӡӷаб қәыԥш, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран лҭоурых ҳзеиҭалҳәоит ҳкорреспондент Инна Џьениаԥҳа.

Саҳәшьеи сареи зынӡа ҳқәыԥшқәан нанду Ида ҳартәаны лҭоурых данаҳзалацәажәоз. Зықәра инықәсхьаз аԥҳәыс еиуеиԥшым ҳамҭала лгәы зегь чаԥан. Ҳаргьы ҳалақәа еихмырсыӷьӡакәа хкырацәала амедалқәеи аорденқәеи ҳрыхәаԥшуан.

1942 шықәса абҵара 13 рзы Аҟәатәи арратә комиссариат ашә дынхыҵит аҭыԥҳа ԥшӡа. Ида аибашьрахь ҳәа ддәықәлеит лашьцәа Шамили, Шьали, Лади рышьҭахь.

Ида Хәыршьыҭ-иԥҳа Аҩӡыԥҳа диит Мықә ақыҭан, 1919 шықәса мшаԥымза 6 рзы. Аҟәатәи аинтернат даналга ашьҭахь аус луан агазеҭ "Аԥсны Ҟаԥшь" аредакциаҟны техникатә маӡаныҟәгаҩыс.

Имԥсуа аполк амҩасра. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа "Имԥсуа аполк" иалахәхоит

23 шықәса зхыҵуаз аӡӷаб қәыԥш хатәгәаԥхарала афронт ахь дцеит. Аԥхьа лара днарышьҭит Туаԥсе иҟаз аевокуациатә госпиталь ахь. Уахи-ҽни цәаха рымамызт уаҟа аус зуаз. Ахәцәа еишьҭаланы иааргон.

Туаԥсе ааигәара аиланхарҭа Шаумиан аҟны аиҿагылара ӷәӷәа анцоз Ида аԥхьатәи ацәаҳәаҟны дыҟан. Ахәцәа рацәан. Ида лхи-лыԥси дырмегӡакәа урҭ еиқәырхара акәын хьааны илымаз.

Аибашьра адәаҟны Ида ахәра лоуит, аха лыбӷа иқәҵаны илгоз ахә даанылмыжьит лыԥсы лылышәшәаанӡа.

Ида мызкы иназынаԥшуа ахәышәтәырҭа дҭан. Лшьапы дықәгылартә дшааҟалаз еиҭахь лҩызцәа днарывагылеит. Уажәы уи 1014-тәи ателеграф-ргыларатә рота даланы егьырҭ аибашьра афырхацәа реиԥш аԥсадгьыл ахы иақәиҭылтәуан. Украинатәи ақалақь Ужгород ахақәиҭтәраан акантузиа лоуит. Ҩынҩажәамш анааҵ еиҭах аибашьра адәахьы днеиит.

Ида Аҩӡыԥҳа (Симонова) Кавкази, Украинеи, Чехословакиеи рзы аибашьрақәа дрылахәын. Иланашьоуп: Аеҵәа Ҟаԥшь аорден, Аџьынџьтәылатә Ебашьра аорден аҩбатәи аҩаӡара, амедалқәа "Кавказ ахьчараз", "Украина ахьчараз" уҳәа ирацәаны.

Новороссииски, Тамани, Коростышеви, Житомири, Бердичеви рхақәиҭтәраз иреиҳаӡру ар рнапхгаҩы ихьӡала ҭабуп ҳәа лаҳәан.

Аибашьраҟноуп Ида лынасыԥгьы ахьылԥылаз. Николаи Симонови лареи рынасыԥқәа еиларҵеит 1946 шықәса рзы. Урҭ рԥа Валери МИФИ аҟны рҵаҩыс дыҟоуп.

Ида Хәыршьыҭ-иԥҳа ԥхынҷкәын 29 2015 шықәса рзы лыԥсҭазаара далҵит. Анышә дамадоуп Царицыно.

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0