Амра лдунеи лашара

© из личного архива Амры ЧичибаяХудожница Амра Чичибая
Художница Амра Чичибая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зеижә шықәса зхыҵуа асахьаҭыхыҩ қәыԥш Амра Чичибаиаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит лымҩа шхацлыркыз атәы

Зеижә шықәса зхыҵуа асахьаҭыхыҩ қәыԥш Амра Чичибаиаԥҳа ҳкорреспондент Инна Џьениаԥҳа илзеиҭалҳәеит лымҩа шхацлыркыз атәы

– Амра, итрадициатә азҵаара: маҷк бхы баҳзалацәажәа.

– Схәыҷаахыс асахьаҭыхра бзиа избоит, аха саԥхьаҟа сыԥсҭазаара уи иадысҳәалап ҳәа сымхәыцӡат. Сҭаацәа асахьаҭыхратә студиа сарҭеит. Астудиаҟны асахьа аҭыхраҵәҟьа адагьы иаҳҵон акәаҳара, аҿыханҵа, афото апринципқәа. Аҟазара ахкқәа зегьы аиԥшызаара рымоуп. Урҭ зегьы шьаҭакны принципк ауп ирымоу – ухатәы идеиа ииашаны аарԥшра алшара.

– Бҭаацәа ибырҭеит ацхыраара бымҩа алкаараҿы, ашкол ибнаҭеит уи анагӡашьа ахархәагақәа. Ахәыҷы иҟаиҵарц ииҭахуи иҟаиҵоит еилукаарц азы ишԥаизнеитәу?

– Ашкол аҟны ҳара зегьы ҳхы ҳақәиҭны, амала арҵаҩцәа рхылаԥшрала, иаҳныруаз аарԥшра ҳҽазаҳшәон. Ашколоуп иахьа исылоу апринципқәеи аидеиақәеи сызҭаз. Ахәыҷы дук еиԥш уизнеилароуп, уиацәажәалароуп. Иара иеилуркаароуп ииашоуи ииашами. Аҭакԥхықәра идзароуп. Уи адагьы ахәыҷы аԥсҭазаара иҭахызароуп. Аԥсҭазаара бзиа ианубо ауп адунеигьы бзиабарала иҭәны ианузаатуа.

© из личного архива Амры ЧичибаяРабота художницы Амры Чичибая
Работа художницы Амры Чичибая - Sputnik Аҧсны
Работа художницы Амры Чичибая

– Аҟазара ада ԥсыхәа шбымамыз анбеилыбкааи?

– Исызҳацыԥхьаӡа еилыскаауа салагеит "схы сыԥшаар" шакәыз. Схатәы аԥшаарагьы салагеит. Уажәы сара А.Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҟны аҵара сҵоит. Макьана ссахьаҭыхҩуп ҳәа схы сызшьом, убри азы зегь рҵара сҭахуп. Снапы алакуп акерамика, акыц, аскульптура. Даара бзиа избоит аши ақыцәи реинраалара. Бзиа избо астильқәа иреиуоуп: кубизм, абстракционизм.

– Зегь ринтерес бымоуп ишыбҳәо ала?

– Макьаназ усоуп. Иарбанызаалак ҳәаак сақәшаҳаҭым – исхатәу еилыскаанӡа.

Швеицариатәи асахьаҭыхыҩ Аԥсны даҭаан дыҟоуп

– Напхгара бызҭодаз, ибызҭода?

– Ирацәаҩуп сымҩаҟны исыцхраауа, аха зегь раасҭа ихадоуп ухаҭа ухы уанацхраауа. Еснагь ухы аус адуулалароуп. Аангылара ҟалом. Уаангылар – уеизҳарагьы аангылоит.

– Аҵараиурҭаҟны аҵыхәтәантәи акурс хбыркәшоит. Баԥхьаҟа гәҭакыс ибымои?

– Макьаназ еилысмыргац. Иуҳәар иашам аҟазаҵәҟьа иреиӷьу аҵараиурҭа далгар ауп ҳәа. Ауаҩы ихаҭароуп зегь раасҭа ихадоу. Нас – иҟауҵо ахь абзиабара ду.

– Бара бзын арҿиара ҵакыс иамои?

– Арҿиара – аԥсҭазаара иастильзароуп. Сара адунеи арҿиара салыԥшноуп ишызбо. Ауаҩытәыҩса еснагь деизҳауазароуп, еснагь дыԥшаауазароуп.

Уҩныҵҟатә дунеи еизырҳауа, удунеихәаԥшра ырҭбаауа уаныҟоу ауп ак аԥҵарагьы анулшо.

– Бара бзын еиҳа ихадои, аидеиа акәу адәахьтәи аформа акәу?

– Аҵакы – акартина аидеиоуп. Ренессанс аепоха иаҵанакуа асахьаҭыхыҩцәа иаԥырҵоз арҿиамҭақәа рыԥшӡара адагьы дасу ирыман рхатә идеиа, рхатә ҵакы. Асахьа ауаҩы иҩныҵҟатә дунеи аныԥшуазароуп. Асахьаҭыхыҩцәа дуқәа еснагь рҽазыршәон ахаризма аарԥшра.

– Дарбан ҟазоу еиҳарак быздызхалаз, бзыршанхаз?

– Даара бзиа дызбоит Марк Ротко.

– Иара исахьақәа еиуеиԥшым агәаанагарақәа узцәырыргоит. Аҟазара ззеилымкаауа ишԥеиликаар акәу?

– Аҟазара аилкаара – уигьы ҟазароуп. Зны-зынла адуӡӡақәагьы реилкаара уадаҩуп. Аха амдырра ԥхашьараӡам, иԥхашьаро адырра аҭахымзаароуп. Рацәак ибаргәым аилымкаара, ибаргәу – аилкаара ануҭаху ауп.

– Ҳаамҭазтәи аҟазара абсурдушәа ианубогьы ыҟоуп. Адәахьтәи аформа иаҵаҵәаху аилкаара ануадаҩугьы ыҟоуп.

– Сара иҭысҵаауеит ҳаамҭазтәи аҟазара, арҿиара. Аинтерес сымоуп. Аамҭа ԥхьаҟа ицоит, асахьаҭыхыҩцәагьы уи аамҭа, уи адунеи аҳәаақәа реиҵыхра рҭахуп. Урҭ уаанӡатәи аформақәа ирыцәхьаҵит. Иҟалап ҳаамҭазтәи ауаажәларрра уи абызшәа рацәак ирзеилымкаауазар. Аҿыц еснагь уацәшәоит.

– Агәазыҳәара абантәбоуеи?

– Зехьынџьарантә. Антикатәи аамҭақәа рҟынтәи иахьатәи ҳаамҭаҟынӡа. Аха зегь раасҭа исзааигәоуп антикатәи аҟазара. Аидеиақәа зехьынџьарантәи иузааиуеит. Насгьы ҳара ҳахьынхо акалашәа иҟоуп: ақалақьи аԥсабареи еиныруеит, иакуп. Иааукәыршан иҟоу анубо аԥышәырччара ҳалали агәырӷьареи узцәырыргоит.

© из личного архива Амры ЧичибаяРабота художницы Амра Чичибая
Работа художницы Амра Чичибая - Sputnik Аҧсны
Работа художницы Амра Чичибая

– Аԥсны ахаҭагьы сахьак еиԥшуп. Агәаҳәара унамҭар залшом.

– Сицилиантәи сҩызцәа Аԥсны иҟан. Урҭ ҳаԥсабара аԥшӡара ихнахит. "Џьанаҭуп шәахьынхо" шырҳәоз ицеит. Ҳәарада, ҳара ҳахьынхо ахәшьара аҳҭоит ҳазҳәом.

– Амра, лассы-лассы бзырҭаауама ацәыргақәҵақәа, амузеиқәа?

– Уаанӡа, Москва санынхоз атеатр, амузеи, ацәыргақәҵа сыԥсҭазаара иабжан. Пушкин имузеи аҿы уахи-ҽни сыҟан. Аԥсныҟа саныхынҳә ашьҭахь сан лаҳәшьа аҭел дысзасын исалҳәеит: зны Пушкин имузеи ахь лыԥҳаи лареи аннеи ахьчаҩцәа руаӡәк "баҳәшьаԥҳа лоума ас идухаз?" ҳәа дҵаазаап. Ахьчаҩцәагьы сырдыруазаарын…

– Аусураҟны реиҳа ихадои: аусура апроцесс акәу алҵшәа акәу?

– Аҟазара знапы алаку изы еснагь апроцесс аԥыжәара амоуп. Ахәаԥшҩы изы – алҵшәа.

– Бара бзы ахәаԥшҩы ихәшьара аҵакы амоума?

– Ҳәарада. Ахәаԥшҩы ихәшьара асоциум уара ушрыдыркыло аныԥшуеит. Асоциуми уареи шәеинырра абри аминуҭ азы узеиԥшроу аныԥшуеит.

– Ацәыргақәҵақәа брылахәра атәы ҳзеиҭабҳәар?

– Сара раԥхьатәи сцәыргақәҵа шықәсқәак раԥхьа имҩаԥысит "Гәма" аҟны. Ҵыԥх сара салахәын Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль "Гиуенос". Ааигәа иаатит арт-плошьчадка "Склад драмтеатра". Уаҟа имҩаԥысуан аԥснытәи-швеицариатәи аиццәыргақәҵа.

– Асахьаҭыхыҩгьы дарбанызаалак ауаҩԥс иеиԥш аматериалтә ҭагылазаашьа дадҳәалоуп. Уи хадоума бара бзы?

– Ҳәарада. Ухы уақәиҭны аус уурцаз уаҵәы сызланхарызеи ҳәа умхәыцуазароуп. Асахьаҭыхыҩ ирҿиаразы ирацәоуп ииҭаху, зыда ԥсыхәа имам. Нас, уи адагьы – асахьаҭыхыҩгьы иҭаацәа ныҟәигар ами. Зны-зынла иусумҭақәа рыҭира дырхамшәало даныҟалогьы ыҟоуп.

– Акоммерциатә усура?

– Зегьы ирылшом рхаҿгьы еиқәырханы амалрҳарагьы алдыршо аҟазаара.

– Амра, бусумҭақәа рыла иҳабҳәарц ибҭахузеи?

– Ирацәоуп сҳәатәы, аха идеиа хаданы исымоу – адунеии сареи ҳаизыҟазаашьоуп. Адунеи шсыдыскыло, ишысныруа аарԥшроуп исзыхадоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0