Смоленсктәи аибашьра. Аԥсуа ветеран Иасон Ҳагба иҭоурых

© SputnikҲагба Иасон Сиҭ-иԥа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран.
Ҳагба Иасон Сиҭ-иԥа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Смоленктәи аибашьрақәа руак аан, Sputnik Абхазиа аҭыжьратә редактор Изольда Ҳагԥҳа лабду Ҳагба Иасон ихҭысқәа дҳазрылацәажәеит.

Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭа иааӡаз, сабду, Ҳагба Иасон Сиҭ-иԥа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагамҭазы 31 шықәса дырҭагылан. Ихы иадикылаз Чалмазԥҳа Циба Сиҭ-иԥҳаи иареи рхы иақәгәырӷьо аицынхара иаҿын. Иасон Сиҭ-иԥа аибашьрахь ианиԥхьоз аамҭазы иԥшәмаԥҳәыс ахшароура дазыԥшын. Афашист оккупантцәа рҟынтәи еиқәырхатәын аԥсадгьыли аҭаацәара қәыԥши.

Арусҭан Арӡынба. - Sputnik Аҧсны
Арусҭан Арӡынба ирратә мҩа

Сабду иаҳәшьа лассы-лассы илҳәалон: "Мышкы ахы аҵыхәала ҩыџьа сашьцәа арра иргеит. Урҭ инарышьҭаргалеит анхараҿ зыда ԥсыхәа ҳамамыз ҳҽы заҵәгьы" ҳәа. Сабду иашьа Мкангьы еибашьра дцеит. Саныхәыҷыз ччархәс исыԥхьаӡон лашьцәеи аҽи еидкыланы иахьхьаалгоз, аха нас еилыскаауа салагеит: аиаҳәшьа лашьцәа рзы лхьаа ҳәаа шамамыз, аха иара убри аан ҭаацәак рныҟәгара иалахәыз аԥстәы адагьы урҭ аамҭа уадаҩқәа рзы анхара шыуадаҩыз.

Сабду диит 1910 шықәса рзы. Ақыҭаҟны дынхон. Ихгьы иҭаацәагьы ныҟәигон. Ҵара дук иман дыҟамызт. Аурысшәагьы бзианы изҳәомызт. Иуҳәар ҟалоит зынӡагьы издырамызт ҳәа. Аибашьраан еиуеиԥшым амилаҭ ахьеилаз уи аҵак ду аманы иҟан, избанзар дара зегьы еидызкылоны иҟаз аурыс бызшәа акәын".

Смоленск амҵан…

Сабду аибашьра аамҭа алацәажәара бзиа ибомызт, аха иҭаацәеи иқыҭауааи ихҭысқәак рдыруан.

Мкан илахьынҵа днанагеит Иранҟа, Иасон – Смоленск амҵахь. Смоленсктәи аибашьара, ишдыру еиԥш еиуеиԥшым аетапқәа рыла ишьақәгылан. Адгьылҵакыра аамҭа-аамҭала, напык аҟынтә аҽа напык ахь ииасуан.

Зны, аполк шьҭахьҟа ианхьаҵуаз, сабдуи иара иҩызаки ар шхьаҵуаз рзымдыркәа аԥыԥшраҟны иаанхеит. Урҭ уи аҩыза адырра рыҭаразы аамҭа ыҟамзар акәхарын. Анемец бызшәа инахаран ианраҳауп иҟалаз ргәы аназҩа. Аҭыԥ бзианы иахьырдыруаз рыхәеит. Уи адагьы анемеццәагьы дара ара рыҟазаара атәыҳәа егь рыздырамызт. Абасала урҭ дара ртәқәа рахь ахынҳәра рылшеит.

Сара ари ажәабжь ансаҳауаз иаразнак схаҿы иааиуан зегь лабҿабоушәа. Ибзиаӡаны исныруан рхәыцрақәа, ршәара, ҳара ҳтәқәа рахь акылсра рылшо ирылымшо азымдырра. Сабду иҳәалон зегь раасҭа усҟан дзызхәыцуаз амгәарҭа иҭаз иҷкәын шиакәыз. Иахьатәи атехника шыҟамызгьы иара идыруан иираны иҟаз дышԥаз. Аҽакала ҟалашьа амамкәа иԥхьаӡон.

Абри ашьҭахьтәи ажәылараан сабду дырхәит. Аха ахәцәа раха ыҟамкәа, ԥхьаҟаҳәа ижәылан иахьцоз, иара аибашьра адәаҟны даанхеит ишьа илабо. Настәи иара еиҭеиҳәон иҩызцәа ражәақәа рыла, избанзар иара иԥсы илышәшәан дыҟан. Ажәылара ашьҭахь, иԥсызи инхази анеилдыргоз иара аԥсцәа рахь дыԥхьаӡаны атранспорт дақәҵан адәы дықәыргеит. Асанитарка машәыршәа иԥсахәага шҭаз лбеит.

Ҟәыруа Мақсим Мага-иԥа.. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ԥшыхәыҩ ифырхаҵара

Аԥсны. Гәдоуҭа. Аҷандара

Агоспиталь данҭыҵ ашьҭахь аҩныҟа ддәықәырҵеит, уаҳа аибашьраҿ дхәарҭам ҳәа. Аҩныҟа даныхынҳә арахь иҿцәажәарц иааиуан игәылацәа, иҩызцәа. Урҭ зегьы аибашьраҿ иҟаз-ианыз зылала избаз иҟынтәи ираҳар рҭахын. Ҳқыҭаҟны иара драԥхьатәин афронт аҟынтәи ихынҳәыз.

Аҩныҟатәи амҩагьы ауадаҩрақәа ацын. Иԥылоз иреиҳәоз акын: "Аԥсны. Гәдоуҭа. Аҷандара". Иара убасгьы игәалаиршәалон хырхарҭас имаз Бақәа шакәыз. "Бақәала сааит" иҳәалон.

Аҭаацәаратә насыԥ

Иҩызеи иареи зегьы ирхашҭны урыстәылатәи абнара ианылаз аԥсҭазаара анасыԥқәа иакымкәа иҩбамкәа инаҭап ҳәа дақәгәыӷуамызт. Аибашьраан диит раԥхьатәи аԥа. Нас, 1944 шықәса рзы – саб. Аибашьра ашьҭахь хҩык аԥацәеи аԥҳаи. Сабду дазыхынҳәит аҭынч ԥсҭазаара. Иԥсҭазаара далҵит 77 шықәса дшырҭагылаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0