Гәынба: Сыԥсҭазаара иазбжоуп аҽыбӷаҟазара

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәБеслан Гунба
Беслан Гунба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шықәсык ахь знык ҩынтә Аԥсны имҩаԥыргоит жәытәаахыс аԥсуаа рзы пату зқәу - аҽырыҩра. Ари аспорт хкы ахь аҽқәа шазыҟарҵои, аҽыбӷаҟазара ҳаԥсҭазаараҿ ҭыԥс ианнакылои атәы еиҭеиҳәеит Гәдоуҭатәи аҽқәа рааӡарҭатә школ аиҳабы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҽыбӷаҟаза Беслан Гәынба.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа.

Аҵарауаа аӡәырҩы ишазгәарҭахьо ала, аԥсуаа ретнографиатә традициа иџьашьаху бзазароуп, иссиру ҟазшьоуп. Ари абзазараҿы ихадоу хәҭак аанырԥшуеит аҽыбӷаҟазара. Аҽыбӷаҟазара иацын еснагь ауаҩра, ахьӡ-аԥша, ахаҵара, уи аԥсуаа рҭоурыхтә бзазараҿы иӷәӷәаны иалырсоуп. Аҽқәа ранҵара, урҭ рааӡара иҵаулаӡоу ажәытәра иадҳәалоуп. Аҽымаҭәа аибыҭареи, аныҟәгареи рус аҟны ҳауаажәлар ажәытәаахыс ирымаз адырреи аԥышәеи иахьагьы аӡәырҩы ықәныҟәоит. Аҽыбӷаҟазара акәзар абиԥарала еимдо иааргоит.

"Аа-шықәса анасхыҵуаз инаркны аҽқәа срыдҳәалоуп. Бзиа ибаны Алексеи (Цик) Лакрба салеигалеит, уи анаҩсан азыҟаҵаҩс дсыман Далаҭбеи Ачба, уи инапаҿы саннанага исиарҵаз рацәоуп, даараӡа дыбзиан иара, ахәыҷқәеи аҽқәеи рызнеишьа дақәшәон. 7-тәи акласс аҟны сантәаз, Дәрыԥшь ақыҭан имҩаԥыргон аҽырыҩра, раԥхьаӡатәи салахәхарагьы усҟан ауп ианыҟала, актәи аҭыԥ згеит, асааҭ ҳамҭас исырҭеит, сгәырӷьара ҳәаа амамызт", — ҳәа игәалаиршәоит аҽыбӷаҟазарахь ишьаҿақәа шеихыигаз Гәдоуҭатәи аҽқәа рааӡарҭатә школ аиҳабы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҽыбӷаҟаза Беслан Гәынба.

Беслан Гәынба иажәақәа рыла, иара дрылахәын Аԥсни, Қарҭи имҩаԥыргоз аҽырыҩрақәа, аԥхьахә ҭыԥқәа анианаршьалагь, уи иара еиҳа иреиҳау аихьӡарақәа рахь игәы азыҳәо дҟарҵон. Раԥхьатәи иҽы иаҳьӡын "Атлас", уи Ҟабардантә изааган.

"Аҵәеигәыдҵа, аҽылампыл, аҳәаҟьара, ҧсуаҵас аҽырхәмарра, аҭарчеи абарҭ аспорт хқәа рыҟны схы аласырхәон. Еиҳа исгәаԥхон аҳәаҟьара, уи аҟны саангылан сыҟан ԥыҭраамҭак. Қарҭ аицлыбрақәа рахь ҳаныргалак, ҳаиҳабацәа ҳарҿыԥшон, дара рыхәмарра ԥшӡан, дара ирҿаҳҵааз рацәоуп", — хәа иҳәеит аҽыбӷаҟаза.

Аҳәаҟьара, егьырҭ аспорт хкқәа раасҭа иамоуп ҷыдарак, уи аилҟьара, аиҿамсра, агәымшәара, аҟазара аарԥшра.

Аҽқәа рааӡареи, анапаҿы аагареи ус имариам…

Аҽҵыс анилак ашьҭахь фы-мыз рҟынӡа ан иаҵарааӡоит, уи анаҩсан хазы иҭакны акраҿарҵоит, еиуеиԥшым авитаминқәа арҭоит.

Аҽырхәмарра-спорттә школ "Леон" аҟны жьҭаарамза инаркны аҵара иалагоит

"Иҳааӡоу аҽқәа зегьы шәҟәыла изларбо ала ф-кьылак еиҳаны афатә ауҭар ҟалаӡом, аха сара 12-кьыла асҭоит, избанзар ишахәҭоу еиԥш акраҿаумҵар, ашьамхы кәадахоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аҽы ибзианы акраҿарҵоит, еиҳарак иарҭоит азлара, уи аҽы иазеиӷьуп, ашьамхы арӷәӷәоит. Аԥсуаа жәаԥҟаны ирҳәоит "Аҽы ауаҩы ишьа алоуп" ҳәа, аҽы уара ишудукыло еиԥш ауп иаргьы ушеилнакаауа. Ус изҭаху днадгыланы ауаҩы аҽы инапаҿы аагашьа дақәымшәар ҟалоит.

"Имариаӡам ари аус, аҽы унадгыланы, аӷәра аахаҵаны унақәтәаны уцо изыҟалом. Аӷәра аҿаҵашьеи, акәадыр ақәҵашьеи удырроуп, аҽқәа рызнеишьа уақәшәароуп. Ахәыҷы иҩызоуп, аҽқәа улаԥш рхызароуп. Шықәсы рацәала снапы шалакугьы аҽқәа рааӡара, иахьа уажәраанӡа рымаӡа аартра саҿуп. Сџьыба ашьақари, ахаа-мыхаақәеи ҭасҵоит, снапаҿы имааиуашәа збар урҭ рысҭоит. Аҽқәагьы зегьы еиԥшӡам, иҟоуп ицҳауа аҽы, аха азлара анауҭалак даҽакала ахы мҩаԥнагоит. Аҽқәа санырбалак ашә аԥхьа иааиуеит, рхы сышьшьоит, акрарҿасҵоит. Азлара аҽқәа ршьамхы арӷәӷәоит, иара убас аҽқәа ираҳҭоит аџьыкахыши, ацхеи", — иҳәеит иара.

Аҽқәа згәы разу ҳаиуануп, дара ақәҵәҟьара бзиа ирбаӡом, аҽы ануԥҟалак ашьҭахь ааигәара унамышьҭар ауеит.

"Аҽы уԥҟар ҟалаӡом, иара уацәажәалароуп. Аҽқәа рыбжьара саналаго инаркны иасыршьццылоит сыбжьы, снапы. Аҽы агәы аназҭынчым ахьӡ ҳәаны ахы ушьышьыр аҽеиқәнакоит. Егьа аҽы аԥан цәгьазаргьы ииашанаы уазнеир унапаҿы имааир залшом", — иҳәеит Гәынба.

Аҽқәа рааӡара уи имариам усуп, дара рхылаԥшра аамҭа рацәа агоит. Беслан Гәынба гәыкала дызҿу аус аҟны иҭаацәа деилыркаауеит, аҽқәа рахь имоу ибзиабара ицеиҩыршоит. Аҽқәа акы анрыхьлакгьы цәгьа игәнигоит.

"Аҽқәа санарҿу, ара санрылоу сыԥсы сшьоит. Дара анысааӡо, ахәыҷқәа реиԥш сырзыҟоуп. Ҽык акы ахьыр ауха шаанӡа смыцәа-сымтәа исыршоит, сгәы сыхьлоит, игәнызгоит. Аҽы иахьо аҿы иазырҳәаӡом, аха сара еилыскаароуп. Аҽқәа рчымызара ҳәа ус ирацәаны иҟам амгәахьыи, ахаԥыцқәеи роуп", — иациҵеит уи.

Беслан Гәынба ишазгәеиҭаз ала, аҽқәа рықәра наӡоит 20-35 шықәса рҟынӡа. Аҽы ҩы-шықәса анахыҵ инаркны иахьынӡаҿоу аҽырыҩреи аҽырхәмаррақәеи ирылахәуп.

"Ԥсуаҵас аҽырхәмарреи аҳәаҟьареи ирылаҳархәоит аԥсуа ҽқәа, аҽырыҩраҟны — зшьа цқьоу, зыжәла бзиоу аҽқәа, дара еиҳа алҵшәа бзиақәа аадырԥшуеит, избанзар, ршьапқәа хәхәоуп, ҭеиҭыԥшлагьы иԥшӡоуп", — иҳәеит аҽыбӷаҟаза.

Гәдоуҭатәи аҽқәар ааӡарҭатә школ аҟны иахьа ирааӡоит зшьа цқьоуи, аԥсуа ҽқәеи неидкыланы "Риҵа", "Фигура", "Магнум", "Интер-вьюллер" ҳәа хьӡыс измоу аа-ҽык.

Аҽымаҭәа …

Аҽымаҭәа аибыҭареи, аныҟәгареи иамоу акәама-ҵамарақәа рацәоуп. Аҽы ақәтәареи албаареи ахатәы ԥҟара амоуп.

"Аҽы акәадыр ақәуҵаанӡа, ирыцқьатәуп, ахҳәала иҳәатәуп, анаҩсан аӷәра аҿарҵоит, нас аҵаршә ақәыршәны, акәадыр ақәырҵоит, амгәырххақәа рыла иҿарҳәоит, аҽышькылқәа уԥырхагымхарц иаҭахә аура ауҭоит. Аспортсменцәа аҽы иԥаны иақәтәоит, ԥсуаҵас акәзар аҽышькыл арӷьашьапы ҿаргыланы аҽы иақәтәоит, ианылбаауагьы убас. Аҽы ахьҭаку еилаҳәаны, инақәтәаны иҭыҵуеит, ашҭаҟны идырыҩуеит", — иҳәеит Беслан Гәынба.

Аҽы ашьыжь инаркны акраҿаҵаны инаиааироуп, ирхәмаратәуп, нас икәабаны аҭыԥ аҟны иҭаргылатәуп.

Аҽыбӷаҟаза иԥышәа аҿар ирымаидоит

Ари аспорт хкы ахь агәыбылра дыркра хықәкыс ишьҭыхны Беслан Гәынба аҿарацәа иааӡоит, иԥышәа рымаидоит. Иара иахьазы, дрылагәырӷьоит иҵаҩцәа реихьӡарақәа, дрылаҽхәангьы рыӡбахә иҳәоит.

"Аҽырыҩрақәа шьҭа срылахәӡам спортсменк иаҳасабала, сара аӡбарахь схы хоуп, аха зегьы иреиҳау усуп ҳәа исыԥхьаӡоит аҽыбӷаҟазацәа рааӡара", иҳәеит Гәынба.

Беслан Гәынба иааӡамҭацәа дреиуоуп Родион Папба. Иара Аԥсни, Шәачеи, Краснодари рыҟны имҩаԥыргоз аҽырыҩрақәа акырынтә дрылахәхьеит, аԥхьахә ҭыԥқәагьы ааникылахьеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукПодготовка к скачкам
Подготовка к скачкам - Sputnik Аҧсны
Подготовка к скачкам

"Бзыԥҭа аҽырыҩрҭаҟны раԥхьаӡа акәны сыҩуан, сызқәтәаз аҽы иахьӡын "Ледокол", актәи аҭыԥ ааныскылеит. Аҽыҩҷкәынцәа ибзианы ирныруазар ауп аҽы агәалаҟазаара, имах-ишьах ӷәӷәазар ауп, инаԥқәа ҟәымшәышәзар ауп. Аҽқәа рыҟны — аӷәра ауп ԥсҟыс иҟоу, уи ибзианы акышьа уақәшәароуп, аҽы узыӡырҩыр ауп иуҭахә аныҟанаҵо. Аҽы ахааныз исыԥҟаӡом", — ҳәа иҳәеит аҽыҩ.

Шықәсык ахь знык-ҩынтә Лыхнашҭа, Мықәашҭа, Дәрыԥшь, Ҟәланырҳәа, Бзыԥҭа аҽырыҩрақәа мҩаԥыргоит, уи ҷыдала рҽазыҟарҵоит аҽыбӷаҟазацәа.

"Ашықәс ҿыц инаркны, аҽырыҩра иалагаанӡа аҽқәа разыҟаҵара ҳалагоит. Ашьыжь инаркны хәлаанӡа абра ҳрыцуп. Аҽырыҩра иалагаанӡа ҳгәы хыҭҳыҭуеит, аха ҳаныцҟьалак инаркны уи ашәара џьара ицоит. Сҽи сареи ҳаилыибакаауеит, убри аҟнытә исҭахыу аласыгӡоит, иаашьар зуӡом", — ҳәа иҳәеит аԥышәа маҷ змоу, аха ақәҿиара дуқәа аазырԥшхьои Родион Папба.

Жәытәнатә аахыс аԥсуаа рыԥсҭазаара аҭыԥ ӷәӷәа аннакылоит аҽырхәмарреи, аҽырыҩрреи. Ари аспорт хкы рнапы алакуп еихарҳауеит, Аԥсни уи анҭыҵи зыхьӡ наҩхьоу аҽыбӷаҟазацәа, дара аҿарацәа еиҵарааӡоит, рдыррақәа рыцеҩыршоит.

Аԥсуа жәлар рыԥсҭазаараҿ аҽы ааӡара, аҽыбӷаҟазара аҭыԥ ду аннакылоит, уи дырҵабыргуеит Баалоуԥҳа Мадинеи, Камаҷыҷыи, Нарҭ Сасрыҟәеи, Абраскьыли аҽқәа рахь ирымаз абзиабара.

Ажәабжьқәа зегьы
0