Шьаликәа Гамсаниа ииааира аҭоурых

© Фото : из архива семьи ГамисонияГамсаниа Шьаликәа
Гамсаниа Шьаликәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иара ахаангьы бзиа ибомызт аорденқәеи амедалқәеи зегьы ирбо рныҟәгара. Еиҭеиҳәомызт ифырхаҵара атәгьы. Лабду игәымшәареи ифырхаҵареи ртәы ҳзеиҭалҳәоит Sputnik Абхазиа апресс-маӡаныҟәгаҩ Анна Гамсаниаԥҳа.

Ашахмат еибашьра

Сара сажәабжь афырхаҵа Гамсаниа Шьаликәа Ҭома-иԥа, сабду иоуп, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа даветерануп.

Сабду амшынҵа ныҟәигон. Аҩны иҳамоуп урҭ ҵәахны. Аиҳарак изҵазкуа 1939-1994 ашықәсқәа роуп. Уаҟа иара иҩуан ихигаз иԥсҭазаара аҭоурых.

Абшьҭрала иаауа Маанаа рҭаацәаратә фырхаҵара - Sputnik Аҧсны
Абшьҭрала иаауа Маанаа рҭаацәаратә фырхаҵара

Иҟалалон сабду сааҭла дтәаны итетрад имҵаҵаны даныҩлоз. Ивараҟны еснагь игылан арадиодкылага цәышәшәыра, аамҭа-аамҭала ажәабжьқәа изаазгалоз. Урҭ ажәабжьқәа сабду даара дрызхәыцны анализ рзыҟаиҵон, нас имшынҵа ианиҵон игәаанагарақәа.

"Имҩаԥысуеит Женеватәи, х-ганктәи аилацәажәара. Аԥсуа делегациа ахадараҟны дыҟоуп Сократ Џьинџьолиа. Ақырҭцәа ихҵәаз зегь рырхынҳәра рҽазыршәоит. Ирылшо зегь ҟарҵоит рыгәҭакы наӡарц азы", иҩуеит сабду.

Ахаан исхашҭуам икалам акышьа, заҟа ԥшӡа-ԥшӡа еивҵаԥсаны дыҩуаз. Дышәҟәыҩҩҵәҟьоушәа ауп дшыҟаз. Сгәы иабон 100 миллион тетрад имазаргьы ирҭәуан ҳәа.

Сашьеи сареи еснагь аинтерес ҳаман ииҩуаз. Аиҳаракгьы иаҳҭахын аибашьра аҭоурых адырра. Аха ҳазҵаарақәа аҭак роуамызт. Сабду аибашьра алацәажәара зынӡагьы бзиа ибомызт.

"Ибызҳар, бхаҭа баԥхьап", — иҳәон.

Усҟан ашахматтә ӷәы ааганы, ашахмат фигурақәа рыла афашистцәеи ар ҟаԥшьааи реибашьра ҳахәмаруан.

© Фото : из архива семьи ГамисонияФедоренко Анна и Шалико Гамисония (1945г.)
Федоренко Анна и Шалико Гамисония (1945г.) - Sputnik Аҧсны
Федоренко Анна и Шалико Гамисония (1945г.)

Иарбан маӡоу аветеран имшынҵа иаҵаҵәаху

Мшқәак раԥхьа исыӡбеит сабду имшынҵа саԥхьарц. Исыздырам уажәраанӡа усеиԥш сызмырҟаҵоз. Аибашьра аамҭазтәи амшынҵақәа аанымхеит сабду урҭ Аԥснытәи ҳаибашьра аламҭалаз ашколтә архив ахь ириҭан, иӡит. Аха ус шакәугьы сара исыԥшааит ирацәаны аибашьра иазкыз афактқәа. Ирацәоуп хаҭала сабду изы издырызгьы. Иара гәыкала зыԥсадгьыли, зыжәлари, зҭаацәареи бзиа избоз дреиуан. Аиаша агәра хеиҵон. Иара ахаангьы бзиа ибомызт аорденқәеи амедалқәеи зегьы ирбо рныҟәгара. Еиҭеиҳәомызт ифырхаҵара атәгьы, аха дфырхаҵаҵәҟьан.

Пас Гәбаз. - Sputnik Аҧсны
Зыҵәҩаншьап шыҟоу ззымдыруа аибашьҩы иҭоурых

1939 шықәса рзы 20 шықәса зхыҵуаз арԥыс аусура далагеит Аҟармаратәи ашкол-интернат аҟны абаҩырҵәыра арҵаҩыс. Уаҟа еибадырит иара абри ашкол аҵаҩ-ԥҳәызбеи иареи.

"Сан еснагь илҳәон ушьҭа ԥҳәыс даагатәуп ҳәа. Даара илҭахын Гәылрыԥшьтәи рҵаҩ ԥҳәызбак, Какәыбаа зыжәлаз даазгарц. Сара усҟан схы иҭаз сеидроу аԥҳәысаагара зынӡагьы сазхәыцуамызт. Данысҟәамҵӡа, аибашьра аламҭалаз аӡӷаб қәыԥш Аниа даазгоит ҳәа ласҳәеит", иҩуеит иара.

Санду Аниа сабду изы дарӷьажәҩахеит. Лара дахьивагылаз илымшаша илнаршон.

Аибашьра еиԥнаҟьеит арҭ аҩыџьа рыԥсҭазаара аамҭак ала. Сабду еибашьра дцеит.

Аӡсара ззымдыруаз адесант

1941 шықәса рзы сабду аҳауа-десанттә корпус далахәын. 1942 шықәса лаҵарамзанӡа акорпус ақалақь Орџьоникидзе игылан. Рҽазыҟарҵон Керчтәи адгьылбжьахаҟны ажәылара.

© Фото : из архива семьи ГамисонияФедоренко Максим (брат бабушки) и Шалико Гамисония (справа).
Федоренко Максим (брат бабушки) и Шалико Гамисония (справа). - Sputnik Аҧсны
Федоренко Максим (брат бабушки) и Шалико Гамисония (справа).

Ҟрымтәи афронт аҟны сабду дырхәит. Аӡы далаҳаит, арахь иара аӡсашьа издырамызт. Анцәа иџьшьарала имԥыхьашәаз ӷәык ацхыраара илшеит ахеиқәырхара.

Лаҵарамза 14 рзы акорпус Краснодарҟа ииаган. Акорпус ахәҭак тамантәи адгьылбжьахахь иргеит. Иара убри аамҭазоуп адҵа аныҟала акорпус 32-тәи агвардиатә дивизиа ҳәа ахьӡ аҭараз.

Ариадовои Уваров иеиқәырхара

1942 шықәса ԥхынгәымзазы 32-тәи адивизиа 82-тәи аполк астаница Хадыж, Туааԥсеи Маиҟәаԥи рыбжьара иҟаз, амҵан амацәаз иҭаркит.

"Ахәцәа ацхыраара ҳазрымҭо аҭагылазаашьа бааԥсы ҳаманы амацәаз аҭыҵра ҳаҿын. Сара аԥшыхәратә взвод салан. Ахәцәа ҳаман. Сареи аҽа хҩыки иҳадырҵеит ихәыз Уваров асакасала даагаларц. Аха аҭагылазаашьа ус иҟалеит, сара сыда ахә дызгаша ҳәа уаҩ дыҟамкәа. Уваров иҟаз анеиликаа, имчқәа еизганы дҩагылан: УСЕИХСНЫ СШЬЫ иҳәеит. Сцәаныррақәа ртәы аҳәара уадаҩуп. Сара исылсыршеит аибашьрамца далганы абатальон аҟынӡа иԥсы шҭаз инагара. Уинахыстәи иҭоурых ҳәа акгьы сыздырам", иҩуан сабду имшынҵаҟны.

© Фото : из архива семьи ГамисонияШалико Гамисония 1944 год
Шалико Гамисония 1944 год - Sputnik Аҧсны
Шалико Гамисония 1944 год

1943 шықәса рзы, мшаԥымзазы сабду дырхәит. Аԥсра дацәынхеит. Игәы инахыкны изынхеит ашәахсҭа.

Нанҳәамзанӡа агоспиталь аҟны дышьҭан.

1944 шықәса жәабранмзазы иарманапы имыхәо амедсанбат ахь днаргеит. Уаҟа аҽа операциак изыҟарҵеит.

Афырхаҵаразы аҳамҭақәа

Сабду изкны аинформациа аԥшааразы аинтернет санҭаз исымԥыхьашәеит иара аҳамҭа иҭаразы Адҵа: http://podvignaroda.mil.ru/?#id=16211025&tab=navDetailManAward

Аруаҩ Гамсаниа Шьаликәа Томо-иԥа ианашьоуп "Афырхаҵаразы" амедал (21.02.1943ш.).

Афырхаҵара ҳәа аграфаҟны иануп:

"Шьапылатәи аԥшыхәра авзвод аԥшыхәыҩ Гамсаниа Шьаликәа Ҭома-иԥа ианашьазааит арратә ҳамҭа, 1943 шықәса ажьырныҳәа 24 рзы, аӷа итыл ҵаулахь аԥшыхәра даныҟаз иҩызеи иареи аӷа дахьыҟаз ҭаԥшыхәны, аӷа

изкыз адыррақәа еилкааны ианыхынҳәуаз шәарада анемец солдаҭцәа фҩык ахьҭадырхаз азы".

Ишԥасҭахыз абри аҭоурых сабду иҟынтәи исаҳарц, аха…

1978 шықәса лаҵарамза 9 рзы иҟаҵоу анҵамҭа:

"Аибашьра ашьҭахь аҭоурых ианылаз Аиааира Апарад алахәра анцәа исаҭәеишьеит. Хәышықәса инарзынаԥшуа исхызгаз арратә аамҭа иацын ауадаҩрақәа маҷымкәа. Сара сабиԥара ирылдыршеит урҭ зегьы ирыҵамхакәа риааира".

© Фото : из архива семьи ГамисонияБабушка и дедушка. 1993 год.
Бабушка и дедушка. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Бабушка и дедушка. 1993 год.

Ԥсҭазаараки аибашьрақәа ҩбеи

1993 шықәса. Ҳара ахәыҷқәа аибашьра ҳахәмаруан уи закәыҵәҟьаз ҳзеилымкаауа. Сабду уи закәыз ибзианы идыруан. Ус шакәызгьы иԥазаҵә, сара саб, аибашьра далагылан. Иара ихаҭагьы илшозҭгьы иабџьар шьҭыхны иԥа дивагылазаауан. Аҩбатәи аибашьрагьы иааирала еилгеит. Ԥсҭазаарак иҭаӡеит ҩ-еибашьрак. 1994 шықәса рзы сабду иԥсҭазаара далҵит. Рацәак нылымҵит уи ашьҭахь Аниагьы…

Сара сабду са сзы иреиҳаӡоу фырхаҵоуп. Игәалашәара еснагь исыцзаауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0