Николаи Тәанба: аибашьра, аҭаацәара, алитература

© Фото : из архива Веры Тванба Николаи Матвеи-иԥа Тәанба (актәи ацәаҳәа, арыӷьарахь ала аԥшьбатәи)
Николаи Матвеи-иԥа Тәанба (актәи ацәаҳәа, арыӷьарахь ала аԥшьбатәи) - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Аибашьра ду ашықәсқәа раан аполитрук, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аорденқәа I, II аҩаӡарақәа ркавалер иҭоурых ҳзеиҭалҳәеит аветеран иԥҳа Вера Тәанԥҳа.

1939 шықәса хәажәкырамзазы, Дәрыԥшь ақыҭахь днеиит СССР Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак Галактионов. Зшәымҭа иҭагылаз Николаи Тәанба иманшәалаз аамҭа ԥшааны днеидгылан диҳәеит "Аҩыза Галактионов, арратә ҵараиурҭа сҭалар сҭахуп. Шәсыцхраа" ҳәа. "Арзаҳал ҩы", — иҳәеит Галактионов

"Аруаҩ сакәны сҟалар сҭахуп"

Николаи ирзаҳал аҟны иаирбеит: "Арратә ҵараиурҭа сҭалар сҭахуп". Ииҩыз Галактионов инеииркит. Егьигьы "Аҭалараҿ ацхыраара ҟашәҵа" ҳәа нақәиҩит.

© Фото : из архива Веры ТванбаНаграды Николая Тванба
Награды Николая Тванба - Sputnik Аҧсны
Награды Николая Тванба

Абри ақьаад ҟәамҟьа хәыҷы иаӡбеит Николаи иԥсҭазаара амҩа. Брианск ақалақь аҟны иҟаз Иреиҳаӡоу арра-политикатә школ аҭалара дцоит. Аҭоурых бзиаӡаны иҭиуеит, аха аурыс бызшәазы адиктант аан ауадаҩрақәа иԥылеит. Аха иара дааиқәыҟьашан, деиламхаӡакәа иԥышәаратә ҩымҭа инациҵеит Галактионов инапы зқәыз арзаҳал.

Гамсаниа Шьаликәа - Sputnik Аҧсны
Шьаликәа Гамсаниа ииааира аҭоурых

Николаи Матвеи-иԥа Тәанба диит 1909 шықәса рзы, Лыхны ақыҭан, аколнхаҩы иҭаацәараҿы. Ақыҭатә школ даналга дҭалоит Аҟәатәи апартшкола.

Иҵара хиркәшеит 1936 шықәса рзы. 1936 — 1939 ашықәсқәа рзы Дәрыԥшь ақыҭатә совет амаӡаныҟәгаҩыси писарси аус иуан.

1937 — 1939 шықәсқәа рзы Бармышьтәи алагарҭатә школ деиҳабын.

Афронттә аамҭақәа. Ахроника

1941 шықәса рзы Николаи Тәанба алеитенант еиҵбы ичын иманы арратә ҵараиурҭаҟынтәи дышиашаз афронт ахь дцеит. Афронт аҟны иара арратә хәҭақәа руак арота аполитрукс дыҟан.

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны активла далахәын. 1943 шықәсазы, Курск амҵан алеитенант еиҳабы ҳәа ачын иҭахеит.

1943 шықәса жьҭаарамзазы Ар ҟаԥшь ажәылара иалагеит. Алеитенант еиҳабы Николаи Тәанба ирхәҭа Гомель амҵан игылан. Тәанбеи иеибашьцәеи ԥшыхәра ицеит. Аӡиас Сож арсраан аӷа ир ирықәшәеит. Аиҿагылараан урҭ ирылдыршеит аӷа иԥхьацара.

© Фото : из архива Веры Тванба Николай Матвеевич Тванба
Николай Матвеевич Тванба - Sputnik Аҧсны
Николай Матвеевич Тванба

Алеитенант еиҳабы Тәанба ианашьан Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден актәи аҩаӡара.

Иара убасҟан Николаи Тәанба дырхәит. Иара уа абнараҟны иарманап хырҵәар акәхеит.

Аҭынч ԥсҭазаараҟны афырхаҵара

1944 шықәса рзы Николаи Тәанба Москваҟа ҽыхәышәтәра ҳәа дрышьҭуеит, нас Аԥсныҟа дхынҳәуеит.

Аԥсны дахьааиз Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа аҭоурых аҟәша дҭалоит. Ибзиаӡаны дагьалгоит.

© Фото : из архива Веры ТванбаНиколай Тванба и его супруга Людмила Харитиди
Николай Тванба и его супруга Людмила Харитиди - Sputnik Аҧсны
Николай Тванба и его супруга Людмила Харитиди

1946 шықәса рзы дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет латәарадатәи аҟәша. 1947 шықәса рзы Николаи Тәанба аҭаацәара даладоит. Ԥҳәысс дигоит Лиудмила Харитиди. Дара ирыхшоит фҩык ахшара. 

1946 шықәса инаркны аус иуан Афонтәи абжьаратә школ аҟны рҵаҩыс.

Аветеран иԥҳа Вера лажәақәа рыла иара ибзиаӡаны идыруан аурыс литература. Иҩырҭа стол иқәын Достоевски, Толстои, Горки, Островски рышәҟәқәа. Изныкымкәа иҩынтәымкәа дрыԥхьон.

Вера ишылҳәо ала Николаи даара дынцәахаҵаҩны дыҟамызт. Аха "Дарбан сыздырам аха ианаҭаху аӡәы инапы сыҭан дсыцхраауеит" иҳәалон.

Анаҟә хыҵуеит…

Ауаҩ хаҵа Николаи Тәанба 1953 шықәса рзы Гәдоуҭа ақалақь еизараҟны дықәгылеит аԥсуа школқәа ақырҭуарахь иахьиаргоз даҿагыланы. Қырҭтәыла Аҵара аминистрра ахаҭарнак иҳәеит Аԥсны ҳәа иишьо Гәдоуҭа араиони Гагра араион ахәҭаки роуп ҳәа.

Пас Гәбаз. - Sputnik Аҧсны
Зыҵәҩаншьап шыҟоу ззымдыруа аибашьҩы иҭоурых

Тәанба дҩаҵҟьан: "Аҩыза Адамиа, сара аҭоурыхи агеографиеи цәгьамкәан издыруеит ҳәа исыԥхьаӡоит. Аԥсны аҵакырадгьыл иахьалаго Ԥсоу ауп, иахьынҵәогьы Игры ауп" иҳәеит.

Абри аизара далахәын Дырмит Гәлиагьы. Уи дҩагылан: "Дадраа, иахьазы Аԥсны анаҟә ахаԥаны иҟоуп аха ԥшак аасыр инхыҵны ицоит. Шәымшәан. Ишәҭаху шәҳәала. Сара сшәыцуп!" иҳәеит.

Аибашьра игәаларшәо

Николаи иԥҳа Вера илгәалалыршәоит лаб имамыз инапы иахҟьаны афонтомтә хьаа шизцәырҵлоз. Уахынла ԥхыӡла дшыбарџьеиуаз, дшыҳәҳәоз "Аӡӷаб, баангыл, бышьҭал" ҳәа.

Аибашьраан анемец ҳаирыпланқәа Николаи дызҭаз адәыӷба абомбақәа ақәрыжьуа иалагеит.

Адәыӷба аангылеит. Иҭаз еимыбӷьыжәааит. Ӡӷаб хәыҷык дыҩны иара иахь лхы рханы дшааиуаз ила ишабоз дҭахеит "баангыл, бышьҭал" ҳәа шлықәҿиҭуаз.

© Фото : из архива Веры ТванбаНиколай Матвеевич Тванба
Николай Матвеевич Тванба - Sputnik Аҧсны
Николай Матвеевич Тванба

2004 шықәса рзы, 93 шықәса зхыҵуаз Николаи Тәанба иԥсҭазаара далҵит. Анышә дамадоуп Лыхны.

Ажәабжьқәа зегьы
0