Ааигәа иаҳхамшҭуа аиааира

© Фото : Илона ХварцкияConIFA адунеизегьтәи ашьапылампыл асразы ачемпионат.
ConIFA адунеизегьтәи ашьапылампыл асразы ачемпионат. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 28 инаркны рашәарамза 6-нӡа Аԥсныи уи анҭыҵи, хәыҷи дуи иамҽхакны иаман ConIFA ахылаԥшрала ҳтәылаҿы имҩаԥысуаз адунеизегьтәи ашьапылампыл асразы ачемпионат. Ҳауаажәлар ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшын уи алҵшәақәа. Ачемпионат аартреи, амҩаԥысшьеи, уи алҵшәақәеи, иацыз ацәаныррақәеи дырзааҭгылоит Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа.

ConIFA адунеизегьтәи ашьапылампыл асразы ачемпионат Аԥсны амҩаԥгара ҳәа анырыӡба инаркны, ашьапылампыл асразы афедерациа аиҳабыреи, уи иадҳәалази зегьы аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит. Аиашазы, раԥхьа шьоукы ихарҵомызт уи аҽазыҟаҵара ҳахьӡоит, ҳаракыла иааҳартуеит, имҩаԥаагоит ҳәа. Инаҵшьны иазгәаҭатәуп Аԥсны еизгоу ашьапылампыл асраз акоманда аиааира ргоит ҳәа хазҵоз шмаҷыз. Егьа ус иҟазаргьы ҳаракыла иааҳартит, аиааирагьы ҳара иаҳтәхеит. Анцәа иҳаҭәеишьеит – Аиааира.

ConIFA ачемпионат аҿы Аԥснытәи акоманда аиааира агеит - Sputnik Аҧсны
ConIFA ачемпионат аҿы Аԥснытәи акоманда аиааира агеит

ConIFA адунеизегьтәи ашьапылампыл асразы ачемпионат Аԥсны еиднакылеит адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҟынтә 12 команда. Ари ахәмарра аԥхьа дара рыҟазаара ззымдыруаз рацәазаргьы, ачемпионат аартра анаҩсан аинтернет ахархәарала иҭырҵааит дара зусҭцәоу. ConIFA еиднакылеит ихьыпшым аҳәынҭқарраҿы ҭынч инхарц зҭаху, аспорти аполитикеи еилазымҵо амилаҭқәа рхаҭарнакцәа. Аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа "иҟьшьу" анҵамҭақәа рыла адунеи аҽакала иазнаргарц рҭахын аха, уигьы рықәымҿиеит. Аԥсни аԥсуа жәлари еснагь иҳаракын "уҳәан-сҳәанқәа" рыбжьара.

Ачемпионат аарта

ConIFA ачемпионат амҩаԥгара акыр зҵазкуа ҳҭысуп ҳәа иазԥхьагәаҭаны, иара аартра ҳаркыла иазнеит аиҿкааҩцәа. Аофициалтә хәҭа аартра инапы ианын арежиссиор Ҭемыр Кәакәасқьыр. Иҟаиҵарызеишь иихәыцрызешь ҳәа ҳазыԥшын. Акы аадыруан — уи аԥсуа милаҭ цәаҩа шаиуаз.

Лаҵарамза 28. Аҟәатәи астадион "Динамо". Ашьапылампыл Аԥсны ахы-аҵыхәеи аҟнытә еиднакылеит аспорт абзиабаҩцәеи, уи зынӡа иацәыхароу ауааи. Ари афакт даараӡа угәы шьҭнахуан. Иазыԥшын ачемпионат аартра.

20:00. Ачемпионат аартра ацеремониа хацыркын. Исгәамԥхаз, иахәҭамызт ҳәа исыԥхьаӡаз хәҭақәак ыҟазаргьы (уи сгәаанагара ауп), иааидкыланы ибзиан. Ачемпионат алахәылацәа ахәаԥшцәа рахь ианцәырҵуаз Аԥснытәи еизгоу акоманда, ахәаԥшцәа ршьапы иқәгыланы ирԥылеит. Иалкаатәуп, аӡәырҩы сықәшаҳаҭхап ҳәагьы сгәы иаанагоит, Нарҭаа аешьцәа рцәырҵра, реибырххара, ампыл адәы ақәлара ахәҭа, асценари зегьы убысҟак иҳаракын, амилаҭ ҟазшьа аман, аҭоурых ду аныԥшуан, ажәакала арежиссиор игәҭаки ҳажәлар рҭахреи еиқәшәеит. Астадион аҟны ныҳәан, гәырӷьаран, ахәаԥшцәа рнапеинҟьабжьы акыр аамҭа еихсыӷьра ақәмызт. Зегьы азыԥшын ачемпионат алагара.

Аҩадатәи Кипр акоманда ажәылаҩ Тансел Осман. - Sputnik Аҧсны
Кипртәи ашьапылампыласыҩ Аԥсны иԥсы ишьаларц иҭахуп

Ахәмаррақәа…

ConIFA адунеизегьтәи ашьапылампыл асразы ачемпионат ахәмаррақәа Аҟәатәии Гагратәии астадионқәа рыҟны имҩаԥысуеит ҳәа иазыӡбан. Раԥхьатәи ахәмарра хацыркын Аԥсны афырхаҵа Даур Ахвледиани ихьӡ зху Гагратәи астадион аҟны. Аҵәы аҭаршәра иаӡбеит аԥсуаа раԥхьа изцыхәмаруаз акоманда, урҭ Чагостәи ашьапылампыл асыҩцәа ракәхеит. Изеиԥшрази ахәмарра? Изеиԥшрази Чагостәи ашьапылампыл асыҩцәа рымч? Изеиԥшрази алҵшәа? Аҭак: 9:0.  Аԥснытәи акоманда аиааира агоит.

Ари аихьӡара ахәаԥшцәа агәра днаргеит ҳкоманда афинал аҟынӡа ишнеиуа, аԥеиԥш бзиа шрымоу. Анаҩс, аԥснытәи ашьапылампыл асыҩцәа ирыцхәмаруан Мраҭашәаратәи Ермантәыла. Ахәмарраҟны аерманцәа агрессиа ӷәӷәа аадырԥшит ҳахәмарыҩцәа рышҟа, аха ашьапылампыл асыҩцәа раԥсуареи рыуаҩреи раԥхьа иргыланы еиҿагыларада, лыԥхала ахәмарра 2:0 ҳәа ихдырқәшеит. Анаҩс ирыцхәмыруан Лапландиатәи акоманда, ҳшьапылампыл асыҩцәа араҟагьы аиааира ааныркалеит.

ConIFA атранслиациақәа ррежиссиор хада Даур Логәуа. . - Sputnik Аҧсны
Даур Логәуа: жәларбжьаратәи астандартқәа ҳрықәшәо аус аауеит

Ари ахәмарра алҵшәақәа рыла аԥсуаа афиналбжахь ршьапы ҭадыргылт. Ҳәашьа змам хәмарран Мраҭашәаратәи Кипр акомандеи аԥсуааи афиналбжаҟны реицыхәмарра. Афиналбжа ахәмарра акырӡа аемоциа ацын, ҳахәмарыҩцәа ирыду аҭакԥхықәра рыбӷа ишақәыӷәӷәоз убартәы иҟан. Акыр иԥшӡан ашьапылампыл асыҩцәа рыхәмарра. Афинал аҟны иаҳзыԥшын Пенџьабаа.

Агәыӷра ду зцыз афинал

Афиналтәи ахәмарра алацәажәара уадаҩуп. Иара иахәаԥшуази астадион аҟны итәази згәы мхыҭхыҭуаз, уажәы уажәы "Анцәа ҳрыцҳашьа" зымҳәоз ыҟамзар ҟалап. Ачемпионат аҟны иреиӷьу ахәмарыҩцәа ҳәа иԥхьаӡан Кәрдистантәи, Мраҭашәаратәи Ермантәыла ркомандақәа, аиашазы ҳара ҳкоманда зыцәшәоз дара ракәын, аха афинал аҟны иззыԥшӡамыз ирындаҭлеит Пенџьабтәи акоманда.

Иааидкылан Пенџьабтәи акоманда рыхәмаррақәа ахәшьара ауҭозар зтехника ҳараку, аԥышәа змоу ашьапылампыл асыҩцәан. Иааит афинал аамҭа. Кипртәи аӡбаҩ хада ишәыршәыр бжьы геит, акомандақәа ахәмарра иалагеит. Аиашазы, акомандақәа ҩымш ирылагӡаны ахәмарра уадаҩ мҩаԥыргеит.

Ахәмарра актәи атаим зегьы ашьапылампыл асыҩцәа рааԥса шрыхьӡаз рнубаалон. Пенџьабтәи акоманда рымба ампыл аҭаршәраз ҳшьапылампыл асыҩцәа изныкымкәа-иҩынтәымкәа аҭагылазаашьа шрымазгьы рхы ирзархәомызт. Уи ршьара иқәнарҟьон азыҟаҵаҩцәеи, ашьапылампыл асыҩцәеи, ахәыԥшцәеи.

Аԥснытәи акоманда Мраҭашәаратәи Ермантәыла акоманда иаԥнагеит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи акоманда Мраҭашәаратәи Ермантәыла акоманда иаԥнагеит

Ус ихырқәшахеит актәи атаим. 67 аминуҭаз Пенџьабтәи ашьапылампыл асыҩ  Амар Перваль ари атурнир цонаҵы мпылкгьы зоузмыжьҭыз амбахьчаҩ Алексеи Бондаренко джьаны агол ҭаиршәоит. Пенџьабтәи акоманда ари аамҭаз иаарыцҳаушьартә иҟан, дара гәырӷьон, аха рнапы аӡәыгьы ирзеинырҟьомызт, аԥсуаа шанханы итәан, ус шԥаҟалоз ҳәа.

Аҩбатәи атаим цонаҵы астадион аҟны иҟаз атмасфера атәы аҳәара уадаҩуп. Ари аспорт хкы абзиабаҩцәа "Нам нужен гол", "Апсны вперед", "Аиааира" ҳәа рыбжьы гон еихсыӷьрада. Аҭакԥхықәра ду шрыдыз еилызкаауаз ашьапылампыл асыҩцәа 88 аминуҭазы Пенџьабтәи амба ампыл ҭадыршәит, иагьеиҟарартәит 1:1 ҳәа ахыԥхьаӡара, уи зыбзоуроу Руслан Шьониа иоуп. Ааи, ааи 88-тәи аминуҭаз.

Аӡәгьы дазыԥшымызт шьҭа ари аҩыза алҵшәа. Иаанхаз аамҭазы уаҳа аӡәгьы ампыл ҭаимыршәит, жәеиза метр иҟоу аахақәа амҩаԥгара иалагеит. Арахәыц еиԥш иҵаӷан, икәадан аиааираз иҳамаз агәыӷра, аха даҽазныкгьы агәра аагеит аԥсуа жәлар анцәа дышҳацу, 6:5 ҳәа Аԥснытәи акоманда аиааира агеит.

Ҳаԥсуа ашьапылампыл асыҩцәа –афырхацәа, мгеи-мцарак иалагӡаны Пенџьабтәи акоманда аиааира рҿырԥааит. Уи аминуҭаз адәы ҭәит, агәырӷьареи алаӷырӡи еицын, игон аԥсуа жәлар рыхьӡрашәа, астадион зегьы ашьапы иқәгылан. Аԥсуа жәлар ззыԥшыз наӡеит. Аԥснытәи ашьапылампыл асразы еизгоу акоманда ConIFA иачемпионхеит. Хымԥада, амба ампыл ҭазыршәқәаз ахәмырҩцәа зегьы рыхьӡқәа аҭоурых иазаанхоит.

Амбахьчаҩ "Амилаҭтә фырхаҵа"  

Ашьапылампыл асразы ачемпионат аҟны зегь реиҳа далкаан иӡбахә ҳәатәуп, аԥсуа шьапылампыл асыҩцәа ркоманда амбахьчаҩ Алексеи Бондаренко. Иаадкыланы ачемпионат мҩаԥысуан аа-мш, 28 хәмарра мҩаԥган. Аԥсуаа ркоманда зныкгьы иаҵамхеит, гәрахаҵарала аиааира ргеит. "Амилаҭтә фырхаҵа" ҳәа ахьыӡ ихылеит Бондаренко.  Иара илшаз зылшаз атәы аиҭаҳәара уадаҩуп. Ампыл аницәца ашьҭахь игәы каҳазшәа аабеит аха, иҽеидкыланы акоманда аиааира рзааигеит.

Александр Шьоууа - Sputnik Аҧсны
ConIFA-2016 агимн анагӡаҩ Александр Шьоууа аестрада аҿиара дазыԥшуп
  

Ахҳәааҟаҵаҩцәа

Ачемпионат ахәмаррақәа зегьы ахҳәаа ҟарҵон аԥсуа журналистцәа Енвер Арџьениеи Адгәыр Гәынбеи. Ателехәаԥшра иахәаԥшуаз зегьы  иазгәарҭон урҭ рҟазара. Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп, дара ражәақәа акырӡа ишдырлахҿыхуаз ахәаԥшцәа  "астадион кәапеишәа иҭәуп", "амца ахысааит ампыл", "ҽааны дымнеиааит", "егьаџьара ҳдырԥхашьап". Енвер Арџьениа, аамҭаказ "ножницы" азыҳәан "амаркатыл" аниҳәа ажәлар ишрыдыркылаз еиԥш, арҭ ражәақәа ажәлар ргәлашәараҿы ишаанхо агәра згоит.

Агәалашәараҿы иаанхо

Ажәакала, ирацәаӡоуп ари ачемпионат акыр аамҭа уалацәажәартә еиԥш иҟазҵо ахҭысқәа. Инеимда ааимдо иӡбахә рҳәон Кореиатәи — Шьоҭа Аиба, Чагостәи ашьапылампыл асыҩцәа рыжәла — Мандарин, Мраҭашәаратәи Ермантәыла ахәмырыҩцәа рхымҩаԥгашьа, жәларбажьаратәи ашьапылампыл асразы ахеилак FiFА ахаҭарнакцәа Аԥсны рыҟазаара, ConIFA аиҳабыра аԥсышәала рцәажәара. Зегь реиҳа ихадароу, иџьашьаху, иззыԥшӡамыз, цәаныррала игәылҭәааз, игәырӷьахәхаз, иныҳәахаз —  Аԥснытәи акоманда риааира. Ажәлар азыԥшын ари аныҳәа, ари аиааира, агәыӷра ыҟоуп ари аиааира шымҩақәҵагахо иреиҳау аспорт еихьӡарақәа рышҟа.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0