Ахра Ҭаниа: схылҵшьҭра схасыршҭуам

© Sputnikанонс.
анонс. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атеатртә ҟазара ГИТИС астудент Ахра Ҭаниа иқәыргыламҭа Кавказтәи адеми-классикатә балет "Миф о семи старцах" апремиера ддырбараны иҟоуп Москва, рашәарамза 25 рзы.

Ахореограф қәыԥш Ахра Ҭаниа Sputnik Аԥсны акорреспондент Анжелика Бениаԥҳа илзеиҭеиҳәеит ажәытәтәи аԥсуа легендақәа шьаҭаны измоу ақәыргыламҭа "Миф о семи старцах" аӡбахәи иаԥхьаҟазы планқәаны имоуи ртәы.

– Ахра, шәара уаанӡа ажурналистцәа ирашәҳәеит акәашара алхразы алакә, амиф схәыцит ҳәа. Ҵаҵӷәыс иамоузеи шәлакә? Маҷк акәзаргьы асиужет шәаҳзалацәажәа.

– Ҳара, аԥсуаа ҳҟны иҟоуп Анцәа адгьылқәа шишоз иазку алегенда. Иара асиужет ала аԥсуа адгьылшара дагхеит, иҭаз исасцәа пату ахьрықәиҵоз азы. Ари заҳаз Анцәа ихазы иалхны имаз адгьыл ииҭоит. Алегендаҟны Анцәа дизнеиуеит аԥсыуак. Сара исҭаххеит уи ицынхәрас Анцәа иахь быжьҩык ашлақәа неирцы. Аԥсуаа адгьыл ԥшьақәа быжьба рымоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Уи адагьы быжьба аҵакы дууп аханатә аамҭагьы.

Фанис Мусагитов. - Sputnik Аҧсны
Ҭаҭартәи аҳәынҭқарратә драматә театр Аԥсны

Сықәыргыламҭа асиужет инақәыршәаны Анцәа абарҭ ашлақәа идгьыл риҭеит, иагьрыдиҵеит аԥсҭазааразы иаҭахны иҟоу зегьы абра еиздырҳаларц. Ашлақәеи ашамани ақәаб ду иакәшаны икәашоит, ашәа рҳәоит. Уантәи иааҭыԥоит амцауаа. Урҭ рыласышьа, рыццакышьа збаз ашлақәа ирыӡбеит ашьхауаа рырҿиара. Абри ашьҭахь ашьхақәа аатны асцена иаақәлоит ашьхауаа, аха иццакым, ишьшьылаҳау. Урҭ збаз ашлақәа ирыӡбоит амраҷыц еиԥшу џьара ԥшӡарак аԥырҵарц.

Ашлақәа шыкәашо ддырҿиоит ицқьоу. Иԥшӡоу аҭыԥҳа, амчра ӷәӷәақәа ҩба реиҿырцаара дацхраарцы. Абри ашьҭахь асценахь иаацәырҵуеит еиҭах фҩык аҭыԥҳацәа. Урҭи ашлақәеи реицыкәашараан руаӡәык аҭыԥҳа илиҭоит абырфын чабра, лаԥхьаҟа бзиа илбо илҭарц мамзаргьы аиӷара, аибашьра алаанылкылаларц. Аҭыԥҳа ԥшӡа дызбаз деимакны аибашьра иалагоит. Асценаҟны акәашарала иаарԥшуп урҭ реиҿагылара. Аҭыԥҳа лчабра нкалыршәуеит уи аанылкыларц.

– Аимакгьы еиԥхьлыртәоит…

– Мап, иаанылкылаӡом. Уи акәӡам ихадоу. Уи аҩыза акәашара зегьы еицырдыруеит. Сара аҽакала исҭаххеит. Ачабра анкашәа ашьҭахь асцена иқәыҩуа иалагоит агәы абжьы. Аҭыԥҳа илзеилкаауам аибашьцәа заанымгылаз. Асцена дықәҵны дцоит, аибашьра ишаҿыц иаҿуп. Ашьха закәанқәа еилагоуп. Даныхынҳәлак, иҟоу анылбалак, лҽылшьуеит.

Ҟарачы-Черқьессктәи артистцәа аԥсуа сценаҟны. - Sputnik Аҧсны
Ҟарачы-Черқьессктәи артистцәа иреиӷьыз аспектакльқәа ықәдыргылеит

– Ари трагедиоуп.

– Ааи, аха наҟ шәазыӡырыҩ. Абри аминуҭ азы зегь шьыхныԥссылоит. Ашлақәа руаӡәык даацәырҟьаны дкамыжькәа дналымҵасны дааникылоит. Ашлақәа идырҿиаз ауаа ақәаб иҭарцалоит, ашьхақәа рахь икыдырҵоит. Абри аамҭазы иԥааимбарцәоу аҷкәыни аӡӷаби аацәырҵуеит. Урҭ аҭыԥҳа иналхагыланы Анцәа иҳәара ианалагалак, лара лыԥсы ҭалоит… La finita la commedia.

– Заҟа аамҭа аус адуулоз ақәыргыламҭа?

– Аспектакль 33 минуҭ ицоит. Сара мызкы аус адызулон. Сымацара уи аамҭа сзыҽҭасыгӡаӡомызт аха сара исыцхраауан сҩызцәа актиорцәа.

– Заҟаҩ алахәыда аспектакль?

– 35-ҩык.

– Шәықәыргыламҭа Аԥсны дырбара шәгәы иҭоума?

– Ҳәарада.

– Акостиумқәа, адекорациақәа, амузыка, абарҭ зегь шԥеидышәкылоз?

Мадина Аргәынԥҳа лпремиера Ажьақәеи амаҭқәеи. - Sputnik Аҧсны
"Ажьақәеи амаҭқәеи" Аԥсуа драматә театр асценаҟны идырбан

– Сара исымоуп схаҭа исхәыцыз акостиумқәа. Ари сықәыргыламҭа дипломтә усумҭоуп азы абиуџьеттә вариант схәыцит. Избанзар инеиҵыху ақәыргыламҭа аԥаразоужьра дугьы аҭахуп. Акостиумқәа рганахьала иара убасгьы ацхыраара сырҭеит ансамбльқәа "Ельбрусоид", "Адыги". Иара убасгьы – Ҟарачы-Черқьессктәи акәашара атеатр, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа, Москватәи аԥсуа диаспора, ГИТИС.

– Урыстәылатәи атеатртә ҟазара аинститут уалгара удысныҳәалоит. Ирацәазар ҟалап аидеиақәа. Аԥсны аусура гәҭакны ишәымоума?

– Ҳәарада исҭахуп Аԥсныҟа ахынҳәра. Макьаназы скәашоит Игор Моисеев ихьӡ зху академиатә ансамбль аҟны. Макьаназы исҭахуп абалет артистк иаҳасабала скәашаларц. Нас исгәиҭоуп Аԥсны ақәыргыламҭа ҿыцқәа еиҿыскаарц. Ҳәарада апроектқәа рацәоуп. Даара исҭахуп "Битва у стен Анакопии" зыхьӡысҵо ақәыргыламҭа еиҿыскаарц. Исҭахуп ҳлегендақәа ирылху ақәыргыламҭақәа ҟасҵарц, акультура амчала ҳаӡбахә адунеи ауаажәлар идсырҳарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0