Аԥсуа фатәқәа рыҟаҵашьа Ҭырқәтәыла иахьа ишеиқәырхоу

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа фатәқәа рыҟаҵашьа
Аԥсуа фатәқәа рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо ҳадиаспара рыҩныҵҟа ирацәоуп аԥсуа фатәқәа рыҟаҵашьа здыруа ауаа, урҭ рыҟаҵашьа атәы дазааҭгылоит Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа.

Ҭырқәтәыла инхо ҳадиаспара рыҩныҵҟа макьана даара ирацәоуп аԥсуа фатәқәа рыҟаҵашьа здыруа ауаа. Иҟоуп уажәшьҭа иҟарымҵо, аха анкьа иҟарҵоз афатәқәа рыҟаҵашьа згәалашәогьы.

Иаҳҳәап аџьықәреи мгьал –уи уажәы ирӡӡом. Ашыла аӡыршала икәащаны ихҩаны инрыжьуан. Ашьҭахь асодеи аџыкахиши арҭон – еилдырхуан, нас ирӡуан. Ахарҵәы иадкыланы ирфон.

Иара убас ахәша ҟарҵон. Ахҷаҭ еизганы ахәшаҩыга  иҭарҭәон.Уи амҿы иалхны иҟарҵон, алабагьы ацын. Аҩыгалабала  ирыҩуан, нас ихәшахон, Нас ахәшаҩыга иааҭыхны акы илҭарҭәон – анаҩс амгьал иахьшьны ирфон, афатә иарҭон.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа аԥҳәысаагара атрадициа иахьа ишныҟәырго

Бычка ақыҭаҿы инхо 74 шықәса зхыҵуа Уанаҿаԥҳа Ҭурқьиан илгәалалыршәоит аԥсуаа анкьа иларҵоз, иаадрыхуаз, апсуа фатәқәа злырхуаз.

Аԥсуаа еиҳа ирацәаны аџықәреи аҟәыди ларҵон. Афатәқәа рахьынтәгьи ирацәаны иҟарҵон аҟәыдршьашьы ахәыл рҵәы, абысҭа руан. Ажәқәа ныҟәыргон ашә, ахәша ҟарҵон. Ашә дырҩон. Ирҳәон ашә урҩар акгьи ахьӡом ҳәа. Зегь реиҳа иҟаԥшьӡа ибзианы иахьҩоз ауаџьаҟ аҟны акәын. Ахәша раӡаны ирҭәны аԥҳалқәа ирҭаҭәаны ирҵәахуан.

Аҟәыдршьышьы ауаџьаҟ аҿы аҟәџьал ахшьапы иқәыргылан иржәуан. Ацқәа аҭаны аҟәыдршьышьыга ыҟан, уи ала идыршьышьуан. Иарҭон апырпылџьыка, аџьымшьы, аиаҵәара. Ҳандуцәа, ҳанацәа абысҭа ҿахра-ҿахра ианырҵон. Уажәы ҳара иаҳуа ииауны идуу акы инанаҳҵоит, нас арахәыц, ма аҳәызбала иааԥыҟҟаны иҟаҳҵоит. Асаанқәа анмаҷыз аишәа иқәҵаны иҟарҵон. 

Асасцәа анаалакь ҳархагылан рымаҵ ҳуан. Саҳәшьа ӡык аасыбҭар – анырҳәалакь ацәца аӡәы излаижәыз ааӡәӡәаны егьи иалаиаҳҭон. Абас имаҷын, арацәара уажәы еиԥш иҟаӡамызт.

Ауҭраҿы илаҳҵон: ацыца, аџымшьы, аџыш, ахәыл, араҳана, аҵыбра, ахәысхәа,  анаша, аиаҵәара зегьи.

Ҭырқәтәыла.Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аӡынаа Ҭырқәтәыла ишықәнагалаз аҭоурых

Амгьал ԥхаӡа ианырӡлакь иҳаманы ҳцаны ауҭраҿы аџьымшьқәа ҿыхны еидкыланы иаҳфон.

Аџьыкаҵәаҵәа аҳаҟьа иқәҵаны аҵыбра, араҳана, ахәысхәа аџыш уҳәа ахәҭақәа наҭаны апырпыл апхныгала иаҳхуан.Усҟантәи аџьыка агьама даара ихаахон. Уажәы машьынала иаҳхуеит, уи агьама даҽакуп. Иара убас аҳалыжәа ҟарҵон, ачамыкәа ҟаҳҵон. Арҭ аҩбагьи уажәгьы зегьи иҟарҵоит.

Уажәы аҳалыжәа шыҟарҵо ҳазааҭгылап. Амажәа аӡала иаакәаҳаны аџьыкахыш арҭоит. Нас акы илықәҵаны ацалабала еиҵырхуеит, иԥырҟоит. Ашәаӡа нхырхлакь маҷк ашьҭахь ирҟәыҷны аҵыбра арҭоит, аҳалыжәа иагәылаҵаны иржәуеит. Аҵыбра амҭакәа ашә аҳалыжәа иагәыларҵаӡом.

Ачамықәа (аилаџь) аныҟарҵо аџьықәреи шыла алыхәҭа гәӡа иаакылхны ашә анхыухлакь, ашәаӡа нықәыргылан иаанужьуеит. Нас, ианеилауҵаша аамҭызын абысҭа аныууа еиԥш, алыхәҭа гәӡа икылыухыз ушыла ала иууеит, ани ашәаӡа алаҵаны иҟауҵоит, елуырхуеит. Нас ишеибго акы ианыуҵоит, агәҭа ахәша ҭоуҭәоит, иара ашә иалыжжуа еилаҵәыҩуа иҟалаоит.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуааи абазақәеи реинаалара аҭоурых

Изҭаху ахала ифоит, изҭаху ахырҵәы, ма ацха иадикылоит. Абас, анкьа аԥуаа ирфоз афатәқәа ракәын, уажәы еиҳа атәым чыс ахь ииасит акәымзар. Убас аԥсуаа бзиа ирбон ахәыл иаҵәа. Ахәыл ахы змоу анҵәлакь ахгьы, абӷьқәагьи хыхны акакан аҭаны иучаԥоит, ари абысҭаҿы цәгьа ихаахоит.

Анкьа каканла ирчаԥон аҳаршьыл. Уигьи ижәны иаахыхны акакан аҭаны ирчаԥон. Иара убас акәтыжь анырфоз, акәац анырфоз иҟарҵон аҳәаса сыӡбал. Аҳәаса сыӡбали ахырҵәи иареи еилаҵаны ахыхылақәа аҭаны ирчаԥоит. Иҟоуп ахырҵәы сыӡбал ҟаҵаны акәтаӷьқәа жәны иӡааҵан ианыҟарҵогьи.

Усҟангьы ахырҵәы сыӡбал аҳәаса сыӡбал аларҵоит, нас иаҳа агьама анаҭоит, ихаахоит. Абас ала, имаҷымкәа аԥсуа фытәқәа ҟарҵоит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа. Ирацәоуп ирхамышҭыкәа инханы иҟоу афатәҟаҵашьақәа.


Ажәабжьқәа зегьы
0