Гәынба: амилаҭ хәмаррақәа аҿар рыбжьара аларҵәара аҭахуп, иӡыргатәуп

© Фото : Адгәыр Гәынба иархив аҟынтәажурналист Адгур Гунба
ажурналист Адгур Гунба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рыҭҵаареи, дара рҭыхрақәеи дышрылагаз ртәы Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥха илзеиҭеиҳәеит адырраҭара "Аспорт адунеи" амҩаԥгаҩ, ажурналист Адгәыр Гәынба.

- Адгәыр, уазааҭгыл аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рыҭҵаара унапы шалыукыз, иара убас арубрика "Агәамч" ахықәкы хада.  

— Раԥхьаӡа аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рыҭҵаара салазгалаз аҽыбӷаҟазаратә аспорт еицлабрақәа роуп. 2012 шықәсазы адырраҭара "Аспорт адунеи" анеиҭашьақәҳаргыла, мызқәак рнаҩс ҳҽазаҳшәеит "Аҽыбӷаҟаза" захьӡыз арубрика аиҿкаара. Аԥсны ирацәоуп аҽыбӷаҟазаратә традициақәа, ари аспорт хкы азҟазацәа. Изныкымкәа, анҵамҭақәа рзаҳкхьан Асовет Еидгыла аспорт азҟазацәа, уи азын аԥсуа қыҭақәа ҳарҭаауан Лыхны, Дәрыԥшь, Тамшь, Кәтол. Арҭ ақыҭақәа аҽыбӷаҟазаратә традициақәа змоу қыҭақәоуп. Анаҩс сазхәыцит аҽыбӷаҟазара мацара аума иҳамаз, ахәмаррақәагьы рацәоуп. Садҵаалеит аԥсуа ҭҵааратә институт, сымҩақәызҵаз аҵарауаа ҟалеит.

© Фото : предоставлено Адгуром ГунбаТрадиционная абхазская игра "Ахтарпа-хәмарра".
Традиционная абхазская игра Ахтарпа-хәмарра. - Sputnik Аҧсны
Традиционная абхазская игра "Ахтарпа-хәмарра".

- Аҵарауаа рҟынтә иуывагылада, умҩақәызҵада? 

— Руслан Гәажәбеи Лили Ҳагԥҳаи авагылара сырҭеит, сымҩақәиҵеит Анатоли Хьециа, даараӡа дсыцхрааит иара. Аҭел сизасуан, ҳаиқәшәон, ацхыраара бзиа сзыҟаиҵон. Иара иаԥиҵаз аспорт терминқәа ржәар ицхыраагӡа дуӡӡоуп, уаҟа иаарԥшуп аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рыхкқәа, ртерминқәа. Бызҵаара аҭак ҟаҵо исҳәар сҭахуп, аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рыҭҵаарахьы ҳамҩахызгаз аҽыбӷаҟазаратә хәмаррақәа роуп, аха анаҩс иаатит ахәмаррақәа "Ахылԥахас". Аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы аекспедициақәа рымҩаԥгара ҳалагеит. Иҭҵааны иҟақәаз ахәмаррақәа рылоуп, ԥшь-анҵамҭак шҭаҳхыз. Ҷлоу ақыҭан иҭаҳхит ахәмарра "Ахылԥахас", Лыхны- "Аимҵакьачара", Џьгьарда — "Ахҭырԥахәмарра". Принцип ҳасабла ишьҭыхны ақыҭақәа рыҟны аҭыхрақәа мҩаԥаагон. Избан акәзар, хықәкы хадас иҳамоуп аԥсуа қыҭақәа рыҟны иӡны иҟоу аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рырҿиара, рцәыргара, рӡыргара, аҿар рыбжьара ахәмаррақәа рыларҵәара, ашколхәычқәа рыбжьара амҩаԥгара. 

Этнокультурный праздник на Лыхнаште. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Лыхны имҩаԥысит аетнокультуратә ныҳәа "Абиԥарақәа реимадара"

- Иарбан хәмаррақәоу иҭыуҵаахьоу, аҭыхрақәа раан иуызцәырҵуеи уадаҩрақәас?

— Аҟазара аус анагӡараҿы ари ишдыру еиԥш аколлективтә усуроуп. Аоператор аԥышәа бзиа имазар ауп, асценари зыҩҩуа даҭахуп, араскадровка ҟаҵатәуп аҭыхрақәа рышҟа унеиаанӡа. Еиҳарак иуадаҩу, ахәыҷқәа ахәмаршьа ахьырзымдыруа ауп. Ҩымш ҳанадхалоз ыҟан ахәмаррақәа, избан акәзар ашколхәыҷқәа ирызнагатәын аԥҟаррақәа, ҽнак сцон аурок ҳасабла идсырҵон, ирызназгон ахәмарра ҵакыс иамоу, ахымҩаԥгашьа шаҭахыу, адырҩаҽны аҭыхрақәа ҳрылагон. Иазгәасҭырц сатхуп, Џьгьарда ақыҭан аҭыхрақәа анымҩаԥаҳга ашьҭахь, абҩарҵәыра иаларгалеит аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рымҩаԥгара, уи даараӡа сгәы иаахәеит. "Аҽадарԥара", "Ауаҩшәықәа аԥара", "Аҵәыргыла ахыԥара" уҳәа абас еиԥш иҟоу ахәмаррақәа рзы амаҭәарқәа Џьгьарда еиқәханы ирымоуп, уи сылаԥш иҵашәеит. Иҵегь иаҳԥыло ауадаҩрақәа ируакуп, ахәыҷқәа абҩарҵәырала иазыҟаҵаӡам. Арҭ ахәмаррақәа агәашьамх, амч зҭаху, ирлас алкаа ҟаҵара зҭаху ахәмаррақәа, ус унадхылланы иҟауҵо акы акәӡам. Ахәмаррақәа "Мцы-мца" "Аҳтырԥа хәмарра" рыҟны ибзианы аҩра аҭахуп. Ажәакала, аԥсуа хәмаррақәа рзы гәашьамхыла уӷәӷәазар ауп. 

- 2014 шықәсазы аԥсуа жәлар рыхәмарра "Ахылԥахас" азы 15 тәи Урыстәылазегтәи ателехәаԥшра афильмқәеи адырраҭарақәеи рзы афестиваль "Моя провинция" аҟны иалкаан. Уазааҭгыл ари афестиваль аҽалархәра шыҟалаз.

— Кастрома ақалақь аҟны имҩаԥысуан Урыстәылазегьтәи ателехәаԥшреи арадиои рфестиваль. Уаҟа, ҩ-усумҭақәа Аԥсуа телехәаԥшра ахьӡала иалаҳгалеит. Аҽыбӷаҟазара иазкыз асахьанҵа афестиваль иалаҳгалеит. Иаҳҭахын аҽыбӷаҟазара иамоу аԥшӡара, иаҵоу атемперамент, агәымшәара раарԥшра, уи азын аоператор Гьаргь Қәҭарбеи сареи иазҳархиеит асахьанҵа. Иара убас, уа идырбан Ҷлоутәи ашколхәычқәа рымчала иҭыхыз ахәмарра "Ахылԥахас". Ари аусумҭа ахцәажәарала иалыркааит, аха ахьыӡҳәараҟны аҽыбӷаҟазара иазкыз асахьанҵа алкаан, ахԥатәи аҭыԥ анашьан. Уи саԥхьаҟа иҵегь исыгәҭасит, агәҽанызаареи, аҭакԥхықәреи сынаҭеит. 

- 2014 шықәса раахыс, аиԥш зеиԥшу афестивальқәа урылахәҳьоума, мамзаргьы угәы иҭоума?

— 2015 шықәсазы салахәын Мурманск ақалақь аҟны имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль. Ари афестиваль аҟны иалахәын арежиссиортә школқәа роушьҭымҭацәа русумҭақәа, зыҩаӡара ҳараку аусумҭақәа. Ари афестиваль аҟны ахьыӡҳәарақәа рацәоуп, амҽхак ҭбаауп. Араҟа иалкаан ҳусумҭа "Аимҵакьачара" Лыхны ақыҭан иҭаҳхыз. Ажәлар рыхәмаррақәа, рҭоурых, реиқәырхара ҳәа аҳаҭыртә бӷьыц анашьан, Мурманск ақалақь ажурналистҵәа реидгыла ахантәаҩы ихьӡала.

- Амилаҭ хәмаррақәа рыҭҵааразы аекспедициақәа акымкәа-ҩбамкәа имҩаԥыугахьеит, дара рымҩаԥысшьа атәы уазааҭгыл.

— Аԥсны анаукақәа р-Академиа аҟны иаԥҵоуп "аԥсуааи-абазақәеи рбызшәақәа реиқәырхара, рырҿиара, архивтә материалқәа рыҟны аус аура, иара убас адәынтәи аныҟәарақәа, аҭҵааратә усурақәа рымҩаԥгара" ҳәа апрограмма, уи ацхыраара аиҭоит Муса Екзеков. Абри апрограмма анышьҭырхоз, ҳара ҳапроект рыдыркылеит, дара рымчала ацхыраара амоуп ҳара ҳапроект. Аԥхын аамҭа иалагӡаны имҩаԥган ԥшь-експедициак.  Еидаҳкылаз аматериалқәа рыла  аҭыхрақәа мҩаԥаагараны ҳаҟоуп иааиуа амзқәа рзы, ҭагалан иалагӡаны. Сгәы иҭоуп ԥшь-фильмк аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа ирызкны аҭыхра. Имҩаԥгаз аекспедициақәа зегьы маншәаланы имҩаԥысит ҳәа сҳәар иашама, хәыҷык ихьысҳақәазгьы иҟан. Аҭҵаара аус уадаҩуп, избан акәзар ауаҩы уиҿцәажәоит, иҳәо зегьы рҟынтә ухы иауырхәаша ҟалоит, иуҭахымхогьы рацәоуп, зегьы еилыхны ателехәаԥшратә стиль аҭаны ахәаԥшҩы иҟынӡа инаугартә еиԥш иҟаҵатәуп. Атексти, асценарии рыҩра иахьа саҿуп.

© Фото : предоставлено Адгуром ГунбаТрадиционная абхазская игра "Ахылпахас"
Традиционная абхазская игра Ахылпахас - Sputnik Аҧсны
Традиционная абхазская игра "Ахылпахас"

Ахәмаррақәа ртәы ҳҳәоза даара аинтерес рымоуп. Река ақыҭатәи анхаҩы Кьышьмриа иаҳзеиҭеиҳәеит амилаҭ хәмарра "Абӷырҵа" ишыхәмартәу, даараӡа ибзианы еиҭеиҳәеит. Иара убас, Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр иаҳзеиҭеиҳәеит еиҳарак арԥарцәа здызыԥхьало ахәмарра "Аԥило". Саргьы саныҳәаҷыз сыхәмаруан ари ахәмарра, иара аҳәызба аршәра ауп изызку, аха иамоу аԥҟаррақәеи, аҷыдарақәеи ртәы инҭкааны иаҳзеиҭеиҳәеит. Хәаԥ ақыҭангьы имҩаԥган ахәмарра "Алабақәырс" аҭҵаара. Аԥсуа хәмаррақәа рԥырӷы жжаӡа иҟалар ауп иаҳтаху, ҳзышьҭоугьы иароуп. Ари аклассикатә спорт хққәа ируакымзыргьы, аҿар ишьҭырхыр, имҩаԥырго иалагар изаманахон. Амилаҭ хәмаррақәа иҵегь игәынкылазыр сҭахуп, аларҵәара аҭахуп, иӡыргатәуп.

- Адгәыр, иааидкыланы шаҟа хәмарра ҭыуҵахьеи, анаҩс усиа иану ахәмаррақәа арбан?

— Уажәы иҭысҵааз ԥшь-хәмаррак анҭаҳклак ашьҭахь, анаҩс снапы асыркоит ахәыҷтәы хәмаррақәа рыҭҵаара. Иахьа, ахәыҷбаҳчақәа рыҟны ачабракаршә, аџьиҭ, аҽыҵәахра рыда уаҳа акгьы ҳбаӡом. Иҟоуп, ахәыҷтәы хәмаррақәа "Адгьыл ҵәаҟьа", "Ачыфҭы", аӡы хәмаррақәа. Абарҭ ахәмаррақәа зегьы ахатәы ԥҟаррақәа рымоуп. Ахәыҷқәа рколлективтә лшарақәа зырҭбааша, изырҿиаша, амилаҭ традициақәа ргәыбылра дыркразы ахәыҷқәа рыла уалагалароуп. Милаҭла иақырҭуаз Оҭар Ваханиа иҭиҵаахьо ахәмаррақәа ыҟоуп, даргьы акырӡа исыцхрааит. 

- Ажәакала, иҭыуҵааша аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рацәоуп, уаԥхьаҟа аус ду шьҭоуп

— Ааи, ирацәоуп иҭыуҵааша аинтерес зҵоу ахәмаррақәа. Зегьы маншәалахап ҳәа сгәы иаанагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0