Сабуа: аспектакль "Амҳаџьырра" ҽыц блала, ҿыц дунеихәаԥшышьала аус адулоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСамсон Чанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр актиор Роман Сабуа.
Самсон Чанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр актиор Роман Сабуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 28, Самсон Чанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны, арежиссиор Алхас Шамба икәыргыламҭа "Амҳаџьырра" апремиера мҩаԥысран иҟоуп. Аспектакль аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуази, иалаху актиорцәа апремиера аԥхьа ргәалаҟазаара зеиԥшроуи дазааҭгылеит аспектакль аҟны ароль хада назыгӡо Роман Сабуа.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Рада Ажьиԥҳа

- Арежиссиор Алхас Шамба, ароль хада — Рашьыҭ ироль анагӡара аншәыдигала, ишԥашәыдашәкылеи шәацәымшәаӡеи? Насгьы апремиера шәҽазыҟашәҵоижьҭеи иҵуеи?

— Арежиссиор Алхас Шамба ари ароль ансыдигала ашәара соуит. Избан акәзар, амҳаџьырра ҳаԥсуа жәлар ирхыргахьоу атрагедиақәа зегьы иреиҳауп. Убри аҟнытә ҳажәлар ршьа рда иалоуп абри агәалашәара, ахьаа. Абри аҳаркыра дуӡӡа аҟынӡа инаганы иҟаҵатәуп, ауаа изакәызеи мшәан, арҭ иҟарҵазеи аҭоурыхи зынӡа еидкылашьа амаӡамҳәа рымҳәаратәы агәаанагара роур ҳәа ашәара сыман. Иара сара сыдагьы, ҳара актиортә еилазаареи, ҳрежиссиори ҳареи даара ҳазҿлымҳаны ҳазнеит. Адунеи бжьаратә классиакаҿы акы уаныхәмаруа, уи адунеи ажәларқәа зегьы еицырзеиԥшуп, уи даҽакала уахәаԥшуеит. Ҳмилаҭ рда-ршьа иалсхьоу абылра, ахьаа уи аиҭаҳәара даара иуадаҩу зҵаарауоп. Аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿуижьҭеи шықәсы бжак ҵуеит.

- Шәажәақәа рыла, адраматә ҩымҭа ганрацәала иҭҵааны, аспекталь ақәыргылара напы ашәыркит?

Роман Сабуа. - Sputnik Аҧсны
Сабуа: алаф – ҳгәы казмыжьуаз, ҳаԥсҭазаарақәа еиқәзырхоз ак акәны иҟан

— Хәарада, аҭоурых усгьы иаадыуан. Аха, инҭкааны ҳазааҭгыланы иҭаҳҵааит. Угәалашәарақәеи уцәаныррақәеи урҿыхароуп. Иара иахьа ари ахҭыс уалагылоушәа иуныррроуп. 

- Изеиԥшроузеи актиортә еилазаара? Аспектакль аҟны ахархәара змоу адекорациа рацәоума? 

— Сгәаанагарала, даара иманшәаланы иҟоуп ҳдекорациақәа. Ирацәамкәаны, иаҳәо рацәаны, аҭоурых аанарԥшуа. Инҭкааны иаанарԥшуеит ҳажәлар ахьынхоз аҭыԥқәа зеиԥшраз усҟан. Символтә ҟазшьала акәзаргьы аишәа, аҟәардә ус рацәак ҳазгагамкәа, ус символ ҳасабла, аха аилкаареи, анырреи унаҭаратәы иҟаҵоуп адекорациақәа. Актиортә еилазаара атәы ҳҳәозар, иалаху актиорцәа рхыԥхьаӡара жәаф-ҩык рҟынӡа ыҟоуп, абжьаратә абиԥара реиԥш, аҿарацәагьы ҳалагылоуп. 

- Аспектакль аҟны ароль хада Рашьыҭ ироль нашәыгӡоит. Иаразнак ишәыцааима иара ихаҿсахьа?

— Ииашаны, Рашьыҭ ироль ароль хадақәа ируакуп. Иара аԥсуа нхаҩы, аҭаацәара ду змоу иакәны дыҟоуп. Иуа, иҭынха, игәылацәа, иқыҭауаа уҳәа ауаа рацәа дрылагылоуп. Иахьа, ауаҩы иахьиҭахыу дцаны дынхар ауеит, иҭаацәа ҭелла драцәажәар ҟалоит, аамҭа даҽакуп, усҟан ишыҟаз аасҭа. Иахеи уахеи еилагылаз ауаа реибабашьа аарԥшра, ирымаз ацәаныррақәа рааԥшра сылшару ҳәа схәыцуан, уи даараӡа сацәшәон. Избанзар, шәы-шықәса инреиҳаны ибжьалахьеит иахьатәи аамҭеи аспектакль аҟны иааҳарԥшуа аамҭеи, иахь даҽа уаауп, убри излауа ала сҽазааигәыстәыр сҭахын. Абри ақыҭа анхаҩы, Аԥсны иналҵны џьара инымхац, адунеи аҟнытә иаауа ацәгәырԥа аӡхыҽҽа иҭаацәа аламырӡқәа, имилаҭ аламырӡқәа, еиқәсырханда ҳәа, ахьанҭара ду ижәҩахыр иқәыз, иара ихәыцшьала азнеира даара исцәыуадаҩын. 

Аспектакль аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуази, иалаху актиорцәа апремиера аԥхьа ргәалаҟазаара зеиԥшроуи ртәы шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

- Ҽнак ауп иаанхаз апремиера аҟынӡа, ишԥаҟоу атеатр аҟны атмосфера?

— Хәыҷык агәыхыҭхыҭра ҳамоуп зегьы. Иара апремиера ианакәызаалак актиор изыҳәан еиԥшуп аԥшқа даныиуа еиԥш, еҳарак иалахәу актиорцәа рзы. Хәыҷык уангәамҵуа ыҟоуп амаҷ азыҳәан, избан акәзар апремиера зегьы психологиала, цәаныррала ирхыргоит. Уи иаԥуп ус, шьцылашьа змам цәанырроуп уи. 

- Уажәаԥхьа, аԥсуа драматә театр асценаҟны иқәдыргылахьазма аспектакль "Амҳаџьырра".

— Ари аспектакль уажәаԥхьа ԥшьынтә иқәдыргылахьеит ҳтеатр аҟны. 30-тәи ашықәсқәа инаркны, лассы-лассы иазыхынҳәуан ари атема, иазхьаԥшуан ари ақәыргыламҭа. Иахьатәи ҳақәыргыламҭа ҽыц блала, ҿыц дунеихәаԥшышьала аус адулоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0