Џьапуаԥҳа: сара зегьы раҵкыс игәыхьны, ихьааны исзынхеит ииультәи ажәыларақәа

© SputnikЛеон иорден занашьоу амедеҳәшьа Шьазина Џьапуаԥҳа.
Леон иорден занашьоу амедеҳәшьа Шьазина Џьапуаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩажәихԥа шықәса раԥхьа иахьа иҳамоу Аиааира ҳзаазгаз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыгәҭа дгылан Ешыра-Афонтәи абаталион иалаз Леон иорден занашьоу амедеҳәшьа Шьазина Џьапуаԥҳа. Лара лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит.

Sputnik, Нонна Тхәазԥҳа

- Шьазина, бара ибашьра ишалагаз абабаҳаи, насгьы аибашьра иалагеит анырҳәа агәра бгама иаразнак?

— Аибашьра ианалагаз аусураҿы сыҟан, аибашьра иалагеит анырҳәа Ацҳа ҟаԥшь ахь ҳцеит. Агәра зымгаӡеит жәаҳәарада, агәыӷра сыман ииашахарым ҳәа, аха агәыӷрақәа башан, иалагеит аибашьра. Сара саннеи ахысрақәа ирылагахьан. Аҷкәынцәа аҽеизгара иаҿын. Арахьтәи аганахь ала итәахьан. Ацхырааразы амедиаҳәшьцәа иҳалшоз ала ҳҽеидаҳкылт, уадак ҳархиеит.

- Ус анакәха, бара ибгәалашәоит Аҟәа аанырмыжьыр ада ԥсыхәа аныҟамлаз?

Мзия Абухба. - Sputnik Аҧсны
Ҩы-мцак рыбжьара. Мзиа Сохаӡе-Абыхәба леибашьратә ҭоурых

— Ибзиан исгәалашәоит. Ақалақь аанаҳмыжьыр ада ԥсыхәа ыҟам анырҳәа аҷкәынцәа Ацҳаҟаԥшь аҿы итәаз ақалақь ааныжьра зынӡа иргәамԥхеит. Аха ҳанынаскьа исгәалашәоит уажәы аҳәынҭқарра аиҳабыра ахьтәоу ахыбра аԥхьа ҳаизганы иҳаларҳәеит аамҭала ишынаскьатәу. Хымԥада инаскьатәуп араион ҿыц абжьаларҭа аҟынӡа ҳәа азыԥхьаӡаны инаскьеит аибашьцәа.

- Анаҩс иҵегь инаскьар акәхеит, Гәымсҭа ацҳа иқәсны афронт аиҿкаара иалагеит. Ибгәалашәома абаталионқәа реиҿкаара ианалагаз?

— Гәымсҭа ианыр инаркны агәыԥқәа рҽеиҿыркаауа иалагеит. Гәымсҭа ацҳа ҳанықәс нахыс Приморск иҟаз апоинертә лагер аҿы еиҿыркааит амедицинатә цхыраара. Рҽеизыргеит убра иҟаз амед иаҳәшьцәа. Нас аԥхьаҟа иааскьон мышкы ҩымш ахырӷәӷәарҭақәа рахь ицон, ажәакала рҽеиҭнырыԥсахлон. Амедеҳәшьцәа раԥхьа баталионк иадҳәалан иҟаӡамызт. Иахьаҭахыз, ицатәуп ахьырҳәоз ицон. Абаталионқәа анеиҿыркаа ашьҭахь, Качубеи Аҩыӡба еиҳабыс дызмаз арота сақәшәеит сара.

- Ирацәаҩызма раԥхьа аҭыԥҳацәа?

Жанна Гәынџьиа, Ира Папба, Лиалиа Аршба. Гәымсҭа, 1992 ш. - Sputnik Аҧсны
Шәара зқәымыз Лиалиа Арышԥҳа лҭоурых

— Раԥхьатәи амшқәа рзы имаҷын, аха нас еихьышәшәа-еиԥышәшәа иаауа иалагеит. Ҳара ҳбаталион аҿы иҟаз рыӡбахә сҳәарц сҭахуп: Раиеи Светеи Кәрыкьԥҳацәа. Даара аџьабаа збаз, зхы зыԥсы иамеигӡаз изылшоз зегь ҟазҵоз ҭыԥҳацәан. Раиа дҭахеит Аҳбҩық аҳаракыраҿы. Илыхҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Света дҭахеит март мза 1994 шықәсазы Гал. Иланашьоуп Леон иорден. Иара убас, дыҟан Иулиа Багаҭелиԥҳа, Зина Ақаҩԥҳа, Ламара Чамагәуаԥҳа арҭ аӡӷабцәа зегьы рџьабаа даара ирацәоуп.

- Дара зегьы занааҭла имедиаҳәшьцәазма?

— Арҭ аӡӷабцәа аӡәгьы дмедиаҳәшьаӡамызт.

- Раԥхьа ахәцәа анырбалак ргәы меиҭасӡози?

— Уи ус имариамызт, аха дара ирылшоз зегь ҟарҵон. 

- Ахәцәа анырацәахалак шәызларыхьӡооз?

— Ҳара ҳамацара ҳахьӡара мариаӡамызт, аха дара аибашьцәагьы ҳацхраауан, иҳацалыргон. Уаҟа дасу илшоз зегь ҟаиҵон, аҭынч ԥсҭазаареи аибашьреи шәхәык рыбжьоуп ҳәа шырҳәо еиԥш ааԥсарак ҟамҵаӡакәа изларылшоз ала ацхыраара рырҭон ахәцәа. 

- Ишԥашәзыҟаз ишәыцыз аибашьцәа?

Шьазина Џьапуаԥҳа лгәалашәарақәа шәырзыӡырҩыр ҟалоит абра

— Сара убри еснагь исҳәоит, даҽа аамҭанык еиԥшымкәа аибашьраҿ иуԥылоит аихӡыӡаара, аразра. Агәаҟра, ахьаа, алаӷырӡ еиднакылоит ауаа. Аҭынч ԥсҭазаараҿы иуԥымло ааамысҭашәара ааԥшуеит усҟан. Даара ҳаҭырла патула иаҳзыҟан, ҳара ҳамацара ҳакәым иҟаз зегьы убас еихӡыӡаауан, аӡәи-аӡәи ҳаҭырла, патула еизыҟан.

- Аибашьра анцоз иаҳа игәымшәаз бзықәгәӷуаз, бызхьыԥшуаз аӡәыр дыҟазма?

Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа - Sputnik Аҧсны
Кьышьмариа: аиааира агәалашәара иамшуп

— Аибашьраҿы абџьар шьҭыхны сеибашьуеит ҳәа аԥхьатәи ацәаҳәаҿы инеиз ахацәа зегьы гәымшәақәоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Игәымшәамыз аӡәгьы уаанӡа дызнеиӡомызт. Урҭ зегьы фырхацәан, иҟарҵозгьы рдыруан, иззеибашьуазгьы рдыруан.

- Бара бзын зегьы реиҳа иуадаҩыз ажәылара арбаныз? 

— Ажәыларақәа зегьы уадаҩуп ҳәарада, аха… сара зегьы раҵкыс игәыхьны, ихьааны исзынхеит ииультәи ажәыларақәа. Аиҳаракгьы Шроматәи, Аҳабҩықәтәи ажәыларақәа. Уа иҭахаз рацәаҩын, анаҩс ҳанылбаауаз ахысра ӷәӷәа ҳақәшәан иҳацәҭахоит ҳаҷкәынцәа маҷҩымкәа. Иахьа абаталион уахәаԥшыр абжоуп иҟоу, процентла заҟаҩ ҭахаз аиаша сызшәаҳәом.

- Аибашьра агәаҟра шацу еиԥш иацуп алаф, аччара, ахәмарра.

— Аибашьра ахьаа шацу еиԥш аччара, ахәмарра, алаф зегь еицуп, уи ԥсҭазаароуп, ԥсҿыхгоуп. Аамҭак анааҟалалак алаф рҳәон, ашәа рҳәон. Ҳа ҳазлаз агәыԥ инеибанеиԥшны зегьы алаф рҳәон. Аибашьра иара иацзар акәхап, ҳҩызак дҭахазар сааҭқәак раԥхьа уи даҳхашҭит акәӡамызт иаанагоз, ус иҟамзар ԥхьаҟа ҳазцаӡомызт. Ҳара зегьы еилаҳкаауан аибашьра ҳшалагылаз ҳҩызцәа ҳацәҭамхакәа ԥхьаҟа ҳашзымцоз, алаф гәхаршҭган.  

- Аиааира амш бабаԥылеи бара?

— Аиаара амш Аҟәа саԥылеит. Сентиабыртәи ажәылара раԥхьатәи амш азын дыӡит ҳаҳәшьаԥа Едуард Хонелиа. Дызҭаз БМП ааха аман. Ихәыз, иҭахаз ыҟан. Излаҳарҳәаз ала иара ашьаҟауаа дрыцны дцеит ҳәа ааадыруан. Ҳгәыӷуан џьара баталионк, гәыԥк дрылан дышԥаҟамлари ҳәа, ҳаимдон. Аҵыхәтәан Уахәреинӡа ҳаннеи, агәыԥқәа зегьы ҳрылсны ианаҳба еилаҳкааит дшыҟамыз. Убра ҳхынҳәит, ихәызи ишьызи аибашьцәа ҳаманы Аҟәаҟа. Убра инҵәеит сара сеибашьратә мҩа ааиаиратә гәырӷьареи ахьаатә лаӷырӡи зцыз. 

Ажәабжьқәа зегьы
0