Еныкь: аҿар ртеатр ишаҭаху еиԥш ишхарҭәаамгьы, ҳгәацԥыҳәаны аус аауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҳәынҭқарратә аҿартә театр анапхгаҩы Аслан Еныкь
Аҳәынҭқарратә аҿартә театр анапхгаҩы Аслан Еныкь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә аҿартә театр ҩышықәса реиҳа шахымҵуагьы, иқәдыргылахьеит хә-спектакльк. Иаарту атеатралтә сезон аҟны Аҳәынҭқарратә аҿартә театр ахәаҧшцәа ирыднагало ақәыргыламҭақәа реилкааразы Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа уи анапхгаҩы Аслан Еныкь диҿцәажәеит.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа  

— Аслан, иаартуп иҿыцу атеатралтә сезон. Ахәаԥшцәа иҿыцу ақәыргыламҭақәа рызшәырхиама?

Аҿартә театр - Sputnik Аҧсны
Атеатртә сезон аркуп аспектакль "Ҳаԥсыуаауп, ҳаԥсыуаа" ала

 Ииашаны, иаартуп атеатралтә сезон ҿыц, аҿар ртеатр азы ари аҩбатәи сезонуп ҳәа уҳәар ауеит. Ҳара традициас иаԥаҳҵеит раԥхьаӡа аҿартә театр анааҳартуаз излааҳартыз "Ҳаԥсыуаауп, ҳаԥсыуаа" ала Шоҭа Чкадуа ипиеса "Акьанџьа" аҟынтә ақәыргыламҭа убри ала ҳалагеит. Ус иҳаӡбеит уи ала асезон ааҳартуа иагьаҳаркуа ҳәа. Сынтәагьы, цәыббрамзазы аусура ҳанҭыҵ ари аспектакль ала иааҳартит. Уи анаҩс ҳара иаҳгәиҭан иҿыцу аспектакль ҿыц ҳахәаԥшцәа адырбара, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны маҷк аамҭа ҳнахеит. Еиҳарак апремиера ҳазнахаз, сынтәатәи аҵарашықәс азы иҿыцны иҳадаҳкылеит актиорцәа ҿарацәа. Аԥснытәи аҳәынҭкарратә университет аҟны актиортә ҟазара аҟәша аартны иҟоуп, актәи акурс иааиз рҭыԥ инықәҵаны, имҩақәҵаны, нас ҳара арепетициақәа ҳрылагап ҳәа иӡбаны иҳамоуп. Ишәасҳәарц сылшоит, аспектакль ҿыц азы иаҳгәиҭоуп наҟынтә арежиссиор ҿыц дааԥхьаны ақәыргыламҭа ҟаҳҵарц. Ҳгәы иҭоу маншәалаханы иҟалап ҳәа ҳгәыӷуеит, иамургьы ҳхатәы амчқәа рыла иқәҳаргылоит апремиера ҿыц. Аха, аҳәаанырцәынтә иааз арежиссиор даҽа блала, даҽа ҟазшьак, даҽа хәыцрак ала аус иуеит. Хымԥада, ҳактиорцәа рзы ас еиԥш иҟоу арежиссиор аус ицура ԥышәа дууп. 

 Иарбан кәыргыламҭоу шәҽыззыҟашәҵо, амаӡа ааҳартыр ҟалозар?

 Генрик Ибсен иҩымҭа "Алаԥшыҵашәарақәа" ахьӡуп, абри аҿы ҳааины ҳаҟоуп. Ари аҩымҭа алаҳхит, избан акщзар иаҳҳәарц иаҳҭаху асцена аҟынтә, ҳгәаанагарала иахьатәи апроблемақәа ирықәҿырҭуеит, иҟоу шыҟоу иаартны иаҳәоит. Апиеса атема гәыцәс иамоу, апроблематә зҵаарақәа ируаку аноркаманиа ауп, аҭаацәара уи амшала ишеихабго аанарԥшуеит. Аԥсны иахьа даараӡа рхыԥхьаӡара рацәоуп анаркотикқәа здызкыло ауаа, ичымазара дууп ҳауаажәлар зегьы рзы.

Аҳәынҭқарратә аҿартә театр анапхгаҩы Аслан Еныкь Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

 Иқәшәыргылахьо шәыспектакльқәа рыла алкаа ҟаҳҵозар, дара зегьы азкуп актуалтә темақәа. Иаҳҳәар ҟалоума ус, аԥсҭазаараҿы аҿар ирымоу апроблемақәа шәара асценаҟынтәи иаашәырԥшуеит ҳәа?

 Ганкахьала, ииашаны иазгәабҭеит. Ауаҩы — ахәаԥшҩы асценаҟынтәи иибарц иҭаху иара иааикәыршаны иҟоу ауп. Иҟами ауаҩы иимбо, дызвысны дцо иахеи-уахеи, ила иамбо, аха асценаҟынтәи актиорцәа рыхәмаррала ианырбо уи апроблемахь ихьанырԥшуеит. Хымԥада арепертуар аналыухуа иактуалтәу, ажәлар ирҭаху уацклаԥшны иалыухыр ауп. Шаҟа ииашаны арепертуар алыухуа аҟара, иара атеатр ахаҭа иҭнагоит, ахәаԥшцәагьы аднаԥхьалоит.

 Ҳарзааҭгылап аҳәынҭқарратә университет аҟны иаарту актиортә ҟазара аҟәша астудентцәа. Издыруеит, сынтәа астудентцәа актәи акурс ахь ишәыдышәкылеит. Ишԥаҟоу рдыррақәа рыҩаӡара?

 Сынтәа иҳадҳкылеит актиорцәа аҿарацәа. Жә-ҩык ҳамоуп, асиала жәаха-ҩык ыҟан, аха ҳара ақәыӷәӷәара аҳтоит ахатәы бызшәа адырра уи аҟынтә изымҭалазгьы ыҟоуп. Актиортә ҟазара афакультет анаадыртуаз раԥхьаӡа акәны Алықьса Аргәыни, Софа Агәмааи, Михаил Лабахәыуеи, Алеко Гәарамиеи ГИТИС аҟынтәи аҵаратә программа шьҭыхны иааргеит. Уа апрограмма иану амаҭәарқәа ишаҳәҭоу еиԥш еидкылоуп. Апрограмма агәыцә ааныжьны, егьырахь ҳаԥсуа минталитет иашьашәало, аԥсуа ҭоурых, ахатәы бызшәеи алитературеи рҭоурых уҳәа амаҭәарқәа рацәаны иалагалан. Урҭ зегьы инарываргыланы аҟазара иатәу амаҭәарқәа зегьы рҵоит ҳастудентцәа. Астудентцәа иахьынӡахәҭоу аҟазаратә практика арыҭаразы аҟазацәа рыԥшаара уадаҩуп. Апрофессионалцәа ҳамаӡам. Актиортә ҟәша аартын 1998 шықәсазы, уи аахыижьҭеи ҳара иҳалшеит еиуеиԥшым аспециалистцәа Урыстәыла ишьҭны рҵара ацҵара, рԥышәа аизырҳара, урҭ иреиуоуп: асценатә ныҟәара, аҳәа ҟьара (фехтование). Иахьазы даҳҭахыуп асценатә грим ҟазҵо аспециалист. Ари ахырхарҭа ала аҵара рҵаразы ауаҩы ишьҭра ҳгәы иҭоуп. Хымԥада, ҳамчқәа рыла аиҿкаара ауӡом, уи аҟынтә акультура аминистррреи, аҳәынҭкарра ахадареи рыцхыраара ҳақәгәыӷуеит. Анаҩс, даҳҭахыуп атеатр арежиссиор, сынтәа ауаҩы дҳашьҭит, егьа ауадаҩрақәа ыҟазаргьы уигьы Урыстәыла аҵара ҵаны даап ҳәа ҳгәыӷуеит. 

 Зны-зынла иаҳбалоит актиор изанааҭ ала аҵара зҵо астудентцәа аспектакльқәа рҟны ианыхәмаруа. Уи практикас ишьҭыхны ишәымоума? 

Софа Агәмаа - Sputnik Аҧсны
Агәмааԥҳа: ҳахгьы ҳшаҭомызт актиорцәа ҿарацәагьы ҳшаҭомызт

 Урҭ ақәгыларақәа дара рзы инасыԥуп. Ауаҩы аҵара аныиҵо, иҵареи аусуратә практикеи анеицыибо даараӡа гәахәара дууп. Акырӡа рԥышәа иацхраауеит актиорцәа хатәрақәеи дареи аус анеицыруа. Иаразнак идырра иазнарҳауеит, дҭышәантәалахоит. Ирықәҿиеит актиорцәа аҿарацәа ари аҩыза алшара ахьрымоу ҳәа исыԥхьаӡоит. Ас апрактикеи атеориеи еицны ианыҟоу актиор дызҳауеит, аҵара анхирқәшо аамҭазы имазеиу актиорны дҟалоит. Ҳара раԥхьатәи агәыԥ аҟәша иалгақәаз, ҳҳатәы театр Софа Агәмааԥҳа напхгара зылҭоз атеатр "Аамҭа" аҟны ҳҭыԥгьы ҭшәан, ҳалшарақәа маҷын, излаҳалшоз ала аус аауан. Аха уажәы даҽа аамҭоуп, ҳҳатәы театр анҳау, аҳәынҭқарратә театр асценаҟны ҳақәгылартә аҭагылазаашьа анҳау, ҳмасштабқәа еиҵаҳхит хымԥада. Актиорцәа аҿарацәа рзы иманшәалоу аамҭоуп. 

 Аҿартә театр аҟны труппак ауп иҟоу? Аҩбатәи аԥҵараҳәа шәазхәыцуама?

 Аҩбатәи акәым, актәи атруппа ихарҭәаамкәа иҳамоуп. Ари азҵаара ҳаназааҭгыл исҳәоит, абри атеатр иахәҭоу амахә-ашьахә зҳәаз еиԥш зегьы рыла еибыҭазар ауп. Алашара, амузыка уҳәа зегьы рыла уеиқәзыршәаша дыҟазар ауп. Ҳара аҳәынҭқарра иҳанаҭаз аштатқәа рыла иҟаӡам, асиала аӡәы иоуп абжьы арежиссиор ҳәа иҳамоу, даҽаӡәы ҳиԥхьаргьы аԥара иҭатәуп. Ҳбилетқәа рыла иҳарҳауа рыла алашара ҟазҵо, мамзаргьы адекарациақәа ҟазҵо иааԥхьаны аԥара раҳҭоит. Актиор знык имаҭәа ишәҵаны данықәла, ахәмарра даналага, егьырахь акгьы дазымхәацуазар ауп, аха ҳара зегьы ҳнапы рылакуп, аспециалистцәа рзымхара иахҟьаны. Аҩбатәи атруппа аҭахыуп хымԥада, аха актәи зегь раԥхьа иргыланы ихарҭәаатәуп. Спектакльк ақәыргыларазы, иахәҭоу зегьы рыла аиқәыршәразы акыр аамҭа ҳцәагоит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит дара актиорцәа аҿарацәа гәыкала иахьаҿу актиортә ҟазара. Хгәыӷуеит сынтәа акультура аминистрра ашәҟәы иарбаны ирзаҳашьҭыз адгылара арҭап ҳәа. Акадрқәа рыла ишаҳҭаху еиԥш ҳаиқәшәар ашықәс ҿыц азыҳәан апримиера рыдаагалоит атеатр абзиабаҩцәа зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0