Мариа Филаретова "исаркьаԥсароу" лыԥсҭазаара амаӡақәа

© Sputnik / Томас Тхайцукасахьаҭыхыҩ Мариа Филаретова
асахьаҭыхыҩ Мариа Филаретова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik акорреспондент Анжелика Бениаԥҳа дзыҿцәажәоз асахьаҭыхыҩ Мариа Филаретова еиҭалҳәеит аԥсуа гәылацәа дшырнаалази асаркьа иалхны еиуеиԥшым анапкымҭақәа шыҟалҵои ртәы

Мариа Фиаларетова Аԥсныҟа нхара ҳәа дааит хәы-шықәса раԥхьа. Афон ҿыц дынхоит. Лнапы алакуп фиузинг захьӡу, Аԥсны азы макьаназ иҿыцу аҟазара.

– Сара фиузинг захьӡу саҳахьеит, аха атехника зеиԥшроу сыздыруам. Шәусумҭақәа шԥаҟашәҵо?

– Асаркьа 800 градус рҟынӡа иуршыроуп. Аԥшшәы змоу асаркьа ԥҽыхақәа иԥшшәыдоу асаркьа ҽыҭ иақәуҵоит. Асаркьа акырӡа иахьшу иахҟьаны дара еидҷаблоит, аматериалгьы акны иҟалоит.

– Иабашәҵеи ари аҟазара?

– Аԥсны. Ҳара иаҳҭахын асаркьаҭарчыра аусхк ааҳартырц, аха уи аԥаразоужьра рацәа аҭаххеит. Фиузинг нап алаҳкит. Сара асаркьа уаанӡа снапы шалакымызгьы театртә сахьаҭыхҩуп. Ҳаналага, иаҳгәаԥхеит.

– Заҟа аамҭа ҵуеи шәнапы алакуижьҭеи абри аус?

– Ԥшьышықәса ҳрықәуп.

– Атехника ирласны ишәзышьҭкаама?

Адизаинер Теона Етериа - Sputnik Аҧсны
Теона Етериа: аԥсаӡ азы ахәмаргақәа унапала иҟауҵар ҟалоит

–Руслан Гәулариеи сареи ҳауп аусеицура иалагаз. Фиузинг – иара иидеиа ауп. Иара иҭахын Афон ҿыц асахьарҿиара иадҳәалоу џьара акы ыҟазар. Аҩнаҵаҟа ҟазарҭаны иҟаҳҵеит. Атехника аҵара акәзар, маҷ-маҷ ҳнапахьы иаагон, амаӡақәа аҵаадыраауан. Иара иалнаршоит уфантазиа арҿиара. Оумашәа иԥшӡоу анапкымҭақәа ҟауҵар ауеит, ахәыҷы инаркны аду аҟынӡа.

– Шәусумҭақәа шәымҭиуеи? Аҭыԥантәи ауааԥсыра иаархәома?

– Ааи. Афонтәи адәқьанқәа руак аҟны аҟәша ҳамоуп. Ҳәарада ҳхатәы галереиа аԥҵара ҳагәҭакуп. Аҭыԥантәиқәагьы аԥсшьаҩцәагьы ҳаалыҵ аинтерес рзаҵоуп. Аиҳаракгьы аԥхын аахәаҩцәа рацәоуп. Ҳхатәы саит ҳамоуп. уахь иуҩыр ауеит.

– Аиҳарак ишәзаҿарҵои?

– Асервизқәа. Афатә азы асаанқәа.

– Фиузинг Аԥсны исҵеит шәҳәеит, уаанӡа асаркьа ахархәара гәашәымҭаӡацыз?

– Сара уаанӡа Петербург сынхон. Петербургтәи атеатртә академиа салгеит. Ссахьаҭыхҩуп. Аха акино аҿоума, атеатр аҿоума аусура сгәамԥхеит. Уа еснагь аӡәы иҳәатәы уацныҟәалароуп. Уажә сызҿу аус аҟны схы саԥшәмоуп.

– Аԥснытәи атеатрқәа рҟны аусура шәҭахӡами?

– Питертәи сҩыза, Мариа Романова РУСДРАМ аус ацура далацәажәоит. Убри исгәарԥханы аус лыцызур сылшоит.

– Ишеилыскааз ала хәы-шықәса раԥхьа Аԥсныҟа нхара ҳәа шәааит. Избан?

– 15 шықәса раԥхьа Аԥсныҟа сааит. Аҳәаа сшахысызҵәҟьа еилыскааит ара анхара шысҭаху. Ахшара дансоу ашьҭахь сыԥшәмеи сареи иҳаӡбит Афон ҿыц ақалақь ахь нхара аиасра.

– Избан Афон?

– Сара атеатр аҟны аус анызуаз имаҷымкәа атәылақәеи ақалақьқәеи збахьан. Афон сара сзы анхарҭаз идеалу ҭыԥны избеит.

Изготовление новогодних игрушек. - Sputnik Аҧсны
Аԥсаҵлазы ахәмаргақәа рыҟаҵара

– Иуадаҩызма аҭыԥантәи аҵасқәа, акультура рыдкылара? Агәылацәа ҿыцқәа?

– Мап. Ҳара арахь аиасра ҳҽаҳаршьцылахьан.

– Аԥсны аӡбахә шԥашәаҳаи?

– Аҵара сыцылҵон – Анастасиа Симак. Уи лан даԥсыуоуп. Лара лҟынтәи ауп Аԥсны аӡбахә ахьсаҳазгьы. Ԥсшьара ҳәа слыцааит. Арахь нхара ҳәа сахьиасыз зныкгьы сгәы иалымсыцт.

– Изныкымкәа Арт-маркет шәалахәхахьеит. Шәаалыҵи шәтематикеи рҽырыԥсахуама?

– Арт-маркет сҽаласырхәуеижьҭеи хы-шықәсоуп. Арт-маркет аӡыргарагьы иазырхоуп. Ауаа уаалыҵ рбоит-ираҳауеит. Ирбарц ирҭаху уарҳәоит, аидеиа ҿыцқәагьы узцәырҵуеит. Урҿиара иацхраауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0