Сабекьиаԥҳа: ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ашәҟәы рзыԥсахуам

© Sputnikабиблиотека
абиблиотека - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩынҩажәа шықәса инареиҳаны абиблиотекаҿ аус зухьо Зинаида Сабекьиаԥҳа иазгәалҭеит 60-шықәса лхыҵра ажьырныҳәа 9 2016 шықәса рзы.

Зинаида Сабекьиаԥҳа Sputnik Аԥсны акорреспондент Бадри Есиава изеиҭалҳәеит Аԥсны абиблиотекақәа рҭагылазаашьа шыҟази иарбан шәҟәқәоу дарбанызаалак дрыԥхьар зыхәҭоуи.

— Заҟа шықәса ҵуазеи абиблиотекаҿ аус жәуеижьҭеи? Изалышәхи ари азанааҭ?

— 1980 шықәса раахыс аус зуеит. 37 шықәса ҵит. Латәарада аҵара сҵон. Аусура салагеит Аҟәатәи араионтә библиотекаҿы. Иара аилазаарахь иаҵанакуан 39 библиотека.

— Асовет аамҭазтәи абиблиотекақәа шԥаҟаз? Иахьатәиқәа излареиԥшымзеи?

Аԥснытәи амилаҭтә библиотека - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҷолариа: Аԥсны ашәҟәыԥхьара акыр ихьысҳауп

— Сра аусура саналагоз қырҭшәала акәын аусура шцоз. Аурыс сектор аԥаҳҵеит. Ишьаҭаҳаркит аԥсуа библиотекатә фондгьы. 1985 шықәса рзы Қырҭтәылантәи дааны дыҟан Берулава зыжәлаз ԥҳәыск. Уи илбеит аԥсышәала аусура шхацҳаркыз. Ацәыргақәҵақәа руак ахьӡ аԥсышәала ишаныз анылба "қырҭшәала изанымзеи" лҳәеит. "Аԥсны ҳанхоит" сҳәеит саргьы.

Аусура мариамызт, аха сара исылсыршеит ҳфилиал аԥсышәала иҭыҵуаз ашәҟәқәеи ажурналқәеи аиуратәы. Иахьазы ажәытә еиԥш иаԥхьоит узҳәом, аха астудентцәа ҳазнеиуеит. Аинтернет ҳацхраауеит акәымзар иаҳԥырхагам.

— Ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рыҭбаахара ашәҟәыԥхьара иаԥырхагахама?

— Ааи. Аԥхьаҩцәа рышықәс уалацәажәозар, аҿар еиҳа ирацәаны аԥсышәала иаԥхьоит. Абиблиотекақәа раҳаҭыри ринтереси рышьҭыхразы еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥгалатәуп, аҿари ашәҟәыҩҩцәеи реиԥыларақәа мҩаԥгалатәуп. Ҳара ишҳалшо ала арҭқәа ҟаҳҵоит.

— Хаҭала шәара иалкаан иарбан шәҟәу бзиа ижәбо?

— Иван Папасқьыр ишәҟәы "Аԥҳәыс лыпату". Сгәы иаанагоит уи дарбанызаалак даԥхьахьазароуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0