Џьалаӷаниаԥҳа: исҭахуп аԥсуа радио абжьы аԥсыуа ҩнаҭацыԥхьаӡа иҩныҩларц

Анапаҵаҩра
Аԥсуа радио 85 шықәса ахыҵра аламҭалазы, арадио азыӡырҩы, арадио абзиабаҩ Фатима Џьалаӷаниаԥҳа лгәаанагара ҳацеиҩылшеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

- Аԥсуа радио аӡбахә анбаҳауа гәалашәарақәас ибызцәырҵуеи, бара бызлахәаԥшуа ала, аԥсуа радио ҭыԥс иааннакылои ҳҭоурых аҿы?

— Аԥсуа радио, аԥсуа жәлар зегьы реиԥш, сара сзгьы аҭыԥ ду ааннакылоит. Зегь раԥхьа иргыланы иазгәасҭарц сҭахуп, Аҟәа иреиҳау аҵараиурҭа санҭаз, сыстуденттә шықәсқәа раан, 1985-88-тәи ашықәсқәа рзы, усҟан сара амш аҩбатәи азбжазы акәын аҵарахьы санцоз, ашьыжь аԥсуа радио анцәырҵуаз абжьы иахьагьы сгәы иқәыҩуашәа сыҟоуп. Ажәабжьқәеи, аԥсуа шәақәеи сырзыӡырҩырц азы заа сгылон, ианбацәырҵуеи аефир ахь ҳәа сгәы хыҭ-хыҭуа сазыԥшын. Усҟантәи аамҭазы иахьеиԥш иҟамызт аҭагылазаашьа, иаҳҿагылаз амчқәа рацәан. Убарҭқәа зегьы иргәылсны иахьа уажәраанӡа аԥсуа радио меихсыӷьрада абжьы ахьго даара сеигәырӷьоит.  

- Аибашьра ҟалаанӡа, аԥсуа қыҭақәа рҟноума, ажәлар реизарҭа аҭыԥқәа рҟноума аԥсуа радио абжьы уаҳартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟан. Бара ишԥабгәалашәои урҭ ашықәсқәа?

Аԥсуа радио - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа радио анысымҩа

— Сара сахьиз сахьааӡаз Кәтол ақыҭа ауп. Исгәалашәоит ақыҭа агәҭаҟынтә аԥсуа радио абжьы ангоз. Сара сахьынхоз аҭыԥи иареи 700-ҟа метра акәын ирыбжьаз. Акеҩҳәа аԥсуа радио абжьы анааҩуаз, аҩныҩныҵҟа акы саҿызаргьы, адәахьы сцәырҵуан, ашҭа сықәлон, арадио сазыӡырҩуан. Аԥсуа телехәаԥшра 1978 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны аекран ахь ианцәырҵ, убри исзаҩызан сара аԥсуа радио, иахьагьы сгәыбылра акыр иадуп. 

- Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, аԥсуа радио абжьы баҳауазма, базыӡырҩуазма? 

— Сара аибашьра анцоз аамҭазы мрагыларатәи ахәҭаҟны сыҟан. Ҭаацәала Џьгьарда ақыҭа ҳаҟан, Лагәлаа сырҭацоуп. Мрагыларатәи мраҭашәаратәи ахәҭақәа жәабжьла ҳаимаздоз аԥсуа радио акәын. Ҳара ҳгәылара ирыман аԥсуа радио априомник, зегьы хәыҷгьы-дугьы еимгеимцарак шааҟалаз ҳаибарыҩны убрахьь ҳцон, жәабжьыс иҳаҳарызеи, ҳәа. 

- Аԥсуа радио аефир ала иарбан анҵамҭақәоу еиҳа ибгәалашәоу? 

— Исгәалашәот аԥсуаа Гагра ақалақь ахы ианақәиҭыртә аԥсуа радио ала иҳаҳаз ажәабжь. Шәара шәазхәыц усҟан ҳара закәытә гәырӷьароу иҳамаз. Хымԥада, иҟалаз аԥсҭбарақәа ҳгәы ҳдырхьуан. Аибашьра еибашьроуп уи ада ԥсыхәа ыҟам. Анцәа иџьшьаны иахьа зхы иақәиҭу, ихьыԥшым аҳәынҭқарраны ҳанхоит. Гагра ахақәиҭтәра анаҩс, илҵшәадахаз марттәи ажәылара даараӡа ҳгәы ҭнашьааит. Иҭахаз, иԥсыз, иӡыз, шәаџьҳәарак еиԥш ианҳаҳауазгьы ыҟан. Ҳзеигәырӷьоз ажәабжьқәа реиԥш, ҳгәы ҭызшьаауаз ажәабжьқәагьы ыҟан. Аибашьра аамҭазы, ииашаҵәҟьаны ҳара ҳзы, мрагыларатәи ахәҭахьы инхоз ҳзы, аԥсуа радио ҳаԥсы еиқәзырхоз акакәны ҳахәаԥшуан. 

Мшаԥымза 30 рзы Аԥсуа радио 85 шықәса ахыҵуеит - Sputnik Аҧсны
Ицәажәоит Аԥсуа радио: шьҭа 85 шықәса

- Аибашьра аӡбахә ҳаналацәажәа, иазгәасҭарц сҭахуп, бара башьцәа рҩыџьагьы Ҭемыри Мазлоуи Џьалаӷаниаа бџьаршьҭыхла аибашьратә мҩа ишанысыз. Ҭемыр иԥсадгьыл ахьчаразы ихы ақәиҵеит. Фатима, Аиааира аӡбахә шԥашәаҳаи, ианбашәаҳаи?

— Сара хҩык ахәыҷкәа срануп. Усҟан дара рыхҩыкгьы еихымҟьа еиԥымҟьо иҟан. Ишәарҭан, аҭабиаҟны ирызҳаит сҳәарц сылшоит дара. Аиааира шаҳгаз ажәабжь арадио ала сара хаҭала исмаҳаӡеит. Аха, агәылацәа арадио иазыӡырҩуаз рыла еилыскааит Аԥсны Аиааира шагаз. Убасҟантәи аамҭазы, сара схәыҷқәа сыманы аҭабиаҿы сыҟан. Ус сыԥшәма дааит, шәҭыҵ, шәҭыҵ, ахәыҷкәа ҩныҟа иааг, иҳәеит. Иҟои абааԥс, кыр ҟалама, анысҳәа, ҳара ҳтәқәа Аиааира ргеит, иҳәеит. Аиаша шәасҳәап, иҟасҵара сақәымшәеит, сшанхеит. Ганкахьала, даараӡа сгәырӷьеит, уажәгьы сгәы ԥшаауеит иахьысҳәо, 24 шықәса зхыҵуаз сашьеи, уи иҩызцәеи ари амш иахьзаԥымлаз цәгьалаҵәҟьа сгәы снархьит. Рылымкаа сахьаԥылаз схы ахызбаауан. Сара сзы Аиааира амш, егьгәырӷьаран, егьҵәыуаран… 

- Аԥсуа радио аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа ҳазааҭгылозар, иҟоума бара еиҳа иалыбкаауа адырраҭарақәа, еиҳа исаҳаландаз ззыбҳәо анҵамҭақәа?

— Сара исҭахуп аԥсуа радио абжьы аԥсыуа ҩнаҭацыԥхьаӡа иҩныҩларц, ҳхәыҷқәа, ҳмоҭацәа ираҳаларц. Ажәытә ажәабжьҳәаҩцәа бзиақәа ыҟан, уажәгьы иҳамоуп. Убарҭ рҭоурыхтә ажәабжьқәа, рхәыцра ҟәышқәа лассы-лассы исаҳаларц сҭахуп, аҿар рзы ихшыҩрҵагахарц сҭахуп. Ақалақь аҿы аԥсшәа маҷны иахьуаҳауа, ауаажәларратә транспорт уанааҭалалак, аԥсуа радио аԥсышәала абжьы ангалак, сара хаҭала даара сеигәырӷьоит. Абжьы галандаз, инымҵәандаз, исаҳаландаз ҳәа сгәырӷьаҵәа сазыӡырҩуеит. 

- Аԥсуа радио азы бзеиӷьашьарақәа?

— Сара исҭахуп аԥсуа радио еснагь абжьы ҿацаӡа игаларц. Аԥсуа радио ашьақәыргылара инаркны ахыҵхырҭаҿы игылаз, иахьа уажәраанӡа амаҵ азызуа, еиҳабгьы-еиҵбгьы зегьы агәабзиара рзеиӷьасшьоит, арҿиаратә гәацԥыҳәара еснагь ирыцзааит. Ажәабжь бзиақәа рыла азыӡырҩцәа дыргәырӷьалааит. Аԥсынтәыла наунагӡа аԥсуа радио абжьы ықәыҩлааит!

- Иҭабуп, Фатима ҳаиҿцәажәаразы. Ажәабжь бзиақәа еибаҳхәалааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0