Ажурнал аредактор хада: "Амцабз" амца аԥхарра иаднаԥхьалоит ахәыҷқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукРаԥхьатәи ахәыҷтәы журнал "Амцабз"
Раԥхьатәи ахәыҷтәы журнал Амцабз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи ахәыҷтәы журнал "Амцабз" ҭыҵуеижьтеи 60 шықәса ҵит лаҵарамзазы, иабанӡаԥхьоу иахьатәи аҿар ажурнал, еиҳагьы аԥхьаҩцәа адыԥхьаларазы иԥсахтәу атәы дазааҭгылеит Sputnik арадиостудиаҿы аредактор хада Инна Аҳашԥҳа.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

- Ажурнал ахыҵхырҭас иамаз шәаҳзалацәажәа маҷк? Ажурнал аҭыжьра ианбалагеи?

— Ажурнал "Амцабз" ҭыҵуеижьтеи 60 шықәса ҵит сынтәа. Ари ныҳәа дууп аҭыжьра аус адызуло рыдагьы ашәҟәыҩҩеи аԥхьаҩцәеи рзы. Ажурнал "Амцабз" адаҟьақәа ирнысны иааит ҳаԥсуа литературатә рҿиара иӷәӷәаӡа иалагылоу ашәҟәыҩҩцәа. 

60 шықәса ирылагӡаны аредакциаҿгьы, аусураҿгьы ахәыҷтәы литератураҿы Аԥсны ҭоурыхла иахнагаз зегьы ажурналгьы иахнагеит. 1957 шықәсазы ауп раԥхьа аҭыҵра ианалагаз "Амцабз", 1955 шықәса рзы ажурнал "Алашара" анҭыҵыз ашьҭахь. 

Апоетесса Инна Аҳашԥҳа - Sputnik Аҧсны
Инна Аҳашԥҳа: исҭахуп Аԥсуа радио абжьы адунеи иалаҵәарц

Ахәыҷқәа рдунеиаҿы раԥхьатәи хәыҷтәы журналуп. Убри ак ауп иҳамоу иахьа ахәыҷқәа рҿахәы зҳәо. Аԥсуа бызшәа афонд аҟны иҭрыжьуеит "Кәырҷыжь" ҳәа зыхьӡу ажурнал, аха зегьы акоуп атрадициатә хырхарҭала ахәыҷқәа рымаҵ еиҳа изуа, иадзыԥхьало "Амцабз" ауп. Ахьӡ ишаҳәо еиԥш амца аԥхарра иаднаԥхьалоит ахәыҷқәа. 

-  Раԥхьаӡа редакторс ажурнал иамадаз?

— Раԥхьатәи редакторс даман Мушьни Аҳашба. Аамҭақәак рзы Кәымф Ламиа дыҟан рҳәеит. Шықәсыкгьы нагӡаны дыҟамызт, аха иӡбахә ҳамҳәар ҟалаӡом. 

- 60 шықәса ахыҵуеит ажурнал, шәара шәаамҭаз ишәкьыԥхьхьазма шәҩымҭақәа?

— Хымԥада. Сара убри ажурнал "Амцабз" акәзар ҟалап арҿиара аус ахь схы зырхаз, сымҩашьо исҳәар сылшоит. Сқыҭа школ маҷк араион иацәыхаран, Ԥақәашь аҩада, аҿаҩа аҟны акәын сахьынхоз. 1962 шықәсазы ауп ашкол ахь санцаз, иуадаҩын шәҟәык аԥыхьашәара. Ажурнал напаҵаҩрыла иҳауан. Убри ажурнал адаҟьақәа рыла ҳрааӡеит уҳәар ауеит. Ҿырҳәала иаҳҵон "Амцабз". 

- Шәпоетессоуп, шәзааӡаз иароуп. Раԥхьатәи шәажәеинраала ианышәҵаз шәгәалашәома? 

— Ахәбатәи акласс аҿы стәан. Ааԥын анааиуаз акалашәа исыдыскылон. Ашәаԥыџьаԥ ашкол ахь санцоз, санаауаз аԥшӡара сылсызар акәхап. Ааԥын иазкны ажәеинраала сҩит:

Ааԥын, ааԥын-ԥшӡа, 

Ирласны уаҳҭааит,

Аԥсабара быбышӡа, 

Иаҵәашәҭыцла иҳазурхиеит.

Абарҭ аԥшь-цәаҳәак сҩит раԥхьаӡа аҩра саналага. "Амцабз" ажурнал ианырҵеит. Нас аигәныҩра ҳабжьалеит "Амцабз" аредакциеи сареи. Аусуҩцәа даара ибзианы аус руан ахәыҷқәа рзы.

- Иахьа ишԥаҟоу ахәыҷқәеи аредакциеи шәеимадара?

— Уажәтәии усҟантәии аҭагылазаашьа еиԥшӡам. "Амцабз" ароль иамаз еиҳагьы ишьҭыҵит иахьа, избанзар ҳаамҭазы иҟоу атехникатә цхыраагӡақәа, аинформациа ҳзаазго ахырхарҭақәа рацәаӡаны иҟоуп.  Аинтернет технологиа иахәланагалоит ахәыҷқәа, аха зегь акоуп зыԥсы ҭоу ажәа аҭыԥ мыӡроуп. 

Каролина Бутба - Sputnik Аҧсны
Каролина Быҭәԥҳа: цәаҳәак уҩразы аԥсабареи, аамҭеи иугәанарԥхароуп

Аполиграфиа аҩаӡара шьҭыҵхьеит, ҳара ҳҿы маҷк ишьҭаханы иҟоуп. Шәыгала, ԥшхәырацәала акьыԥхь аҩаӡара шьҭыхзароуп.

Абызшәа аҿиараҿы ажурнал даара иҟанаҵо рацәоуп. Жәа-шықәса ҵуеит ажурнал амаҵ зуеижьтеи, игәасҭаз ыҟоуп. Абызшәа адырраҿы еиҳаракгьы ақалақь хәыҷқәа ажурнал рыцхраауеит. Ашколқәа рҿы сахьнеиз аҭӡы газеҭқәа ирну ажурнал иагәылху аинформациа рацәаны избо салагеит. Арҵга шәҟәқәа рҿгьы рхы иадырхәоит ажурнал ианыз аинформациа, уи сгәы иаахәеит. 

- Ахатәы бызшәа аганахь аԥсыҽрақәа шыҟоу ҳамдыруеи еиҳарак ақалақьқәа рҿы. Апроблема ҳамоуп абызшәа аганахь ала. Иарбан школу зҵаҩцәа зҽызкьыԥхьуа ахәыҷтәы журнал аҿы? 

— Ақалақь школқәа ҳааигәара иҟоуп азыҳәан аус рыдулара еиҳа иҳалшозар ҟалап. Ахәыҷы иргәырӷьара акраҭахуп. Ахәыҷқәа шеипхныҩло еиԥш, ураԥхныҩлан уцалароуп. Уԥсы удыршьаӡом, дара урыхьӡалароуп. Ргәы иақәшәо аҩымҭақәа, рацәак еиҵымхкәа, адаптациа азыуны, излауала, имариоу абызшәала ирцәажәаны, убриала абызшәа амаршәа кны иҩлатәуп. "Амцабз" адаҟьаҿы изаҟаразаалак гхак ҳаур дара ахәыҷқәа ҳдыриашоит. Ишааҭыҵлак 1, 4, 5, 10 аԥсуа школқәа рҵаҩцәа ирықәшәартә иҟаҳҵоит. Изаамҭанытәиу аномер иазҵаауа ианалагалакь, уи иаанаго ажурнал иазхьаԥшит ауп. 

- Иахьа ишәыԥсахырц ишәҭахыз шәара, "Амцабз" еснагь азҿлымҳара амазарц, ахәыҷқәа ргәыбылра еиҳаны иадырҵартә еиԥш аҟаҵаразы? Исахьарку ажәа ахәыҷқәа разхьарԥшразы? 

— Ахәыҷқәа рыԥсҭазаара иҵегьы иалахәызар сҭахуп. Аполиграфиатә ҩаӡара шьҭыхзар сҭахуп, аҩымҭа ианылогьы. Ажурнал излазаҵәу ала, арҵаҩцәагьы рхы иадырхәо ианалага, аԥсуа бызшәа аганахьала иаҳкьыԥхьуа хәанчарак аламкәа аус бзианы ирыдулатәуп.

Аредакциа аусуҩцәа рҿы аҿарацәа збалар сҭахуп. Ақыҭа школқәеи ҳареи ҳаимадазароуп. Зны-зынла аиԥыларақәа мҩаԥысуеит, аха ашәҟәыҩҩцәа рацәаҩны иалахәны ажәеинраалақәа ҳрыԥхьаны ҳахьаауа азхаӡом. Дара ахәыҷқәа ажәеинраалақәа зыҩуа ирзыӡырҩны ирыгу-ирыбзоу раҳәаны узааӡом. Кыраамҭа дареи уареи аус еицыжәуроуп. Ақыҭақәа рахь ицалатәуп. Аимадара иҵегьы ишьҭыхтәуп. 

Ажәабжьқәа зегьы
0