Афымцамчгьы аҳәынҭқарра ашәарҭадарақәа ируакуп

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Амшынеиқәафымцамч" ашьақәгылареи, афымцалашара ахәԥсеи, аусзуҩцәа рџьабааи ртәы дазааҭгылоит аҭоурыхҭҵааҩ Дмитри Габелиа.

Sputnik

Афымцамчи аибашьреи  

Аҵыхәтәантәи 25 шықәса раахыс ҳҳәынҭқарра анхамҩеи абзазареи рҿы афымцамчоуп еиҳарак ахархәара змоу. Уи инаваргыланы ҳхы иаҳархәаша макьана даҽак ҳамаӡам, ԥхьаҟагьы ааигәа иаҳмоур ҟалап.

Аԥсҭазаара иаратәы ҟанаҵоит, – ауааԥсыра рыбзазара иалаҭхаџьуеит, рынхамҩақәа дырҭбаауеит, афымцалашарагьы есааира ахархәара иацырҵоит.

Афымцамҩангагатә цәаҳәақәеи афымцеихшарҭақәеи рылшарақәа маҷхахьазаргьы, рықәра иаҵанамкуа ақәыӷәӷәара рымазаргьы, макьана ауааԥсыра рымаҵ руеит. Аибашьра зхызгаз ареспублика иамоу аахақәа анарҽеиуа, – еиуеиԥшым ахыбрақәа анеиҭашьақәнаргыло, аусдкылара знапы алаку адәқьанқәеи анаплакқәеи асасааирҭақәеи анаадыртуа аамҭазы, атәыла афымцамч асистема ианымԥшыр ауӡом. Урҭ аргыларақәа инарываргыланы "Амшынеиқәафымцамч" иаҵанакуа анхамҩагьы ҿиозтгьы, иахьа уи ахырхарҭаҿы апроблемақәа акырӡа имаҷзаарын.

аҭоурыхҭҵааҩ Дмитри Габелиа - Sputnik Аҧсны
Ираамҭоуп стратегиала ихәыцуа ауаа

Ишдыру еиԥш, агенерациа аобиектқәа инадыркны, араионтә ҟәшақәа рҟынӡа, АУН "Амшынеиқәафымцамч" иаҵанакуа анхамҩа амҽхак ҭбаауп. Уи агенерациа иацтәи аобиект наӡааӡақәа 6 рҟнытә иахьа аус зуа 2 роуп: Егры АФС (аҳәынҭқарратә фымцалашаратә станциа), АФС-1 (1-тәи аҳәынҭқарратә фымцалашаратә станциа). Иара урҭгьы русутә ҭагылазаашьа ахә ушьозар, аиҭашьақәыргылара иазыԥшуижьҭеи акыр ҵуеит. Иаахҵәаны иуҳәозар, аԥсуа фымцамч асистема иаҵанакуа амазара 90 % инарзынаԥшуа иқәсхьеит, ихахьеит. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, аҳәынҭқарра ашәарҭадаразы акрызҵазкуа ахырхарҭа аиқәырхаразы, фымцамч аусзуҩцәа рҽазыршәоит асистема амаҵ азура адагьы, ԥхьаҟа уи арҿиаразы зда ԥсыхәа ыҟам ауснагӡатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи.

1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иахҟьаны аԥсуа жәлар ргенафонд иаиуз ацәыӡ ду инаҷыданы, ареспублика аекономика ааха ӷәӷәа аҭан, афымцамч асистемагьы уахь иналаҵаны.

Аибашьра ашьҭахь, зҭагылазаашьа уадаҩаз фымцамҩангагатә цәаҳәақәеи афымцеихшарҭақәеи реиҭашьақәыргыларазы аҽазышәара ҟаҵан афымцамч аусзуҩцәа раԥхьатәи рхеилак амчала. Уи ахеилак шьақәдыргылеит Тҟәарчал ААФС (аҳәынҭқарратә араионтә фымцалашаратә станциа) аусзуҩцәа. Анаҩс урҭ ирыцлеит Аҟәеи Гәдоуҭеи рҿы зҽеизызгаз аусзуҩцәагьы. Аԥышәа змаз азаанаҭдырҩцәа аҿар нарываргыланы, практикала афымцамч асистема амаҵ аушьа дырҵара рҽазыркит.

Аамҭа кьаҿк иалагӡаны иаԥырҵеит зда ԥсыхәа ыҟамыз амаҵзурақәа, аха ирзыԥшаауамызт аус зларушаз амаругақәа, ирымамызт ааха змаз ацәаҳәақәеи аихшарҭақәеи зларыԥсахуаз, иҟамызт ирыгу-ирыбзоу зларыхәҳашаз афинансттә цхыраара. Аха егьа ус акәзаргьы, декабр 1993 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамч Аминистрра анаԥҵахаз, Аҟәа ақалақь ауааԥсыра реиҳараҩык фымцалашарала еиқәдыршәахьан. Афымцамч раԥхьатәи аминистр Хәыта Сидор-иԥа Џьынџьал икомандеи иареи ирылшеит Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рышҟа афымцалашара мҩахызгаз афымцамҩангагатә цәаҳәа "Ешыра" аиҭашьақәыргылареи, Тҟәарчали Очамчыреи араионқәа еимаздаз афымцамҩангагатә цәаҳәа "Зеган" аусура аларгареи.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Дмитри Габелиа: ҳҳәынҭқарра ахьыӡгьы, ахьымӡӷгьы ҳара ҳоуп

Макьана аӷа иҟнытә ашәарҭара еиқәханы иахьыҟаз Гал араионаҿы, афымцамч аусзуҩцәа рнапынҵақәа рынагӡараан рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылон. Адиверсантцәа ацәаҳәақәа иреихсны афымцалашара аусура еиԥдырҟьон, анаҩс уаҟа артҟәацгақәа шьҭарҵон, инеираны иҟаз аусзуҩцәа ҭадырхарц. Убри аҟнытә, Гал араион ахь идәықәырҵоз аԥсуа фымцамч аусзуҩцәа изыхьчашаз аруаа, аснаиперцәа рыцҵаны ирышьҭуа иалагеит. Аԥсуа фымцамч аусзуҩцәа русеиҿкаараҿы аруаа рыцхраауан. Ихыршьуаз афымцамҩангагагатә цәаҳәақәагьы, иадырсуаз ашьаҟақәагьы злаҟарҵоз атәыла арбџьармчқәа иртәыз аверталиотқәа рыла акәын.

"Аԥсуафымцамч" инаркны "Амшынеиқәафымцамч" аҟынӡа

Февраль 1995 шықәсазы афымцамч Аминистрра аԥыхны, Аҳәынҭқарратә компаниа "Аԥсуафымцамч" анаԥҵаха, азҵаара ықәгылеит ари аиҿкаара Урыстәылатәи афымцамч асистемақәа (РАО ЭС) ралаҵаразы. Уи анапхгаҩыс иҟаз Анатоли Диаков иҿы дцаны аиҿцәажәарақәа мҩаԥигахьан Владислав Арӡынба. Аха арҭ аиҿцәажәарақәа рылҵшәа иаҿыгыланы, аԥсуа фымцамч Урыстәыла афымцамч асистема алаҵара азҵаара иақәыӡбеит ақырҭқәа. Еиҳараӡакгьы урҭ зҿаапкыз ҳтәыла фымцамч аиҿкаара – "Аԥсуафымцамч" ахьӡоуп.

Ус анакәха, Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иусԥҟала ари аиҿкаара аԥыхны, иаԥҵан – иарку аҟазшьа змоу Аҳәынҭқарратә акционертә еилазаара "Амшынеиқәафымцамч". Ари аиҿкааразы еиқәыршәан урыстәылатәи аколлегацәа зықәшаҳаҭхаша аԥҟаԥҵәа ҿыц, иҩын апрограмма. Урҭ азыхиан аԥсуа фымцамч аиҭашьақәыргыларазы акрызҵазкуаз афинансттә цхыраара аҟаҵара. Аха ақырҭқәа даҽазныкгьы ари аус иаҿагылеит, ҳазлацәажәо апроектгьы хыдмырбгалар рымуит.

1997 шықәсазы Хә. С. Џьынџьал напхгара зиҭоз акомпаниа "Амшынеиқәафымцамч" амчала мацара еиҭашьақәыргылан: Тҟәарчали Аҟәеи еимаздоз афымцамҩангагатә цәаҳәа (27 км. инарзынаԥшуа); Егрыи Аҟәеи еиқәызҳәалоз (амародиорцәа аԥырхага зырҭаз) 500 кВ иҟаз афымцамҩангагатә цәаҳәа еиҳаракы; иарсын 40 шьаҟа еиҳаракы.

1999 шықәсазы "Амшынеиқәафымцамч" анапхгаҩыс аусура иалагаз Сергеи Багаԥшь ихаан, аԥсуа фымцамч асистема еиҳагьы аҽеиҿнакаауа иалагеит. Анаҩстәи ҩышықәса рыҩныҵҟала Аҟәа араион еиԥҟьарада фымцалашара еиқәзыршәа, 14 км. инарзынаԥшуа аҵәаҳәа ҿыц кнаҳаны. Уи иаҿыганы, Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рышҟа имҩахыган, 40 км. ацәаҳәа иқәыз зхаҭабзиара ҳаракыз афымцалашара. Ҳазлацәажәо апроект алыршаразы хаҭала Сергеи Багаԥшь Москватәи аусдкылаҩцәа ацхыраара ҟарҵартә аус еиҿикааит.Иара убасгьы, усҟан еиҭашьақәыргылахеит афымцеихшарҭақәа жәпакы.

Маи 2005 шықәса инаркны ари аус иациҵеит аҳәынҭқарратә компаниа "Амшынеиқәафымцамч" анапхгаҩ ҿыц Резо Занҭариа, зхаан Аӡҩыбжьатәи афымцеихшарҭа 110 кВ шьақәыргылахаз, "Аҟәа-2" аобиект аҿы аҩбатәи афымцаужьга (атрансформатор) ҿыц ықәзыргылахаз, афымцамҩангагатә цәаҳәақәа рзы амҩақәа анрыцқьахаз, убас зда ԥсыхәа ыҟамыз егьырҭ аусмҩаԥгатәқәагьы анеиҿкаахаз.

"Аекономика Аминистрра иаҵанакуа Аҳәынҭқарратә компаниақәеи анаплакқәеи раԥыхразы" Аминистрцәа Реилазаара 2010 шықәсазтәи ақәҵара инақәыршәаны, 2014 шыкәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика Аминистрра аӡбамҭала "Амшынеиқәафымцамч" аҳәынҭқарратә аунитартә наплакы аҳасабала ишьақәгылеит.

Уи ашықәсан афымцамчтә наплакы анапхгаҩыс иаҭаз Аслан Басариа, дзаԥхьагылаз аилазаара аҿаԥхьа иқәнаргылаз ахықәкқәа иреиуоуп: афымцалашара аужьра инаркны, уи аобонентцәа рышҟа анагара аҟынӡа, афымцамч асистема ҳаамҭазтәи атехналогиақәа рыла аиқәыршәара. Аус аҿы ишаҳбо ала, азаанаҭдырҩцәа рыла ишьақәгылоу Аслан Басариа икоманда, иамоу алшарақәа ахы иархәаны, хаҭабзиарала Аԥсны афымцамч анхамҩа амаҵ азура иаҿуп.

Уи зырҵабыргуа иреиуоуп: аҵыхәтәантәи хышықәса ирылагӡаны хыԥхьаӡара рацәала афыцалашара аужьга ҿыцқәа ықәыргылоуп; афымцеихшарҭақәа ирыҵанакуа амаругақәа жәпакы рҿыцуп; иҳаракуи илаҟәуи ашьаҟақәа арсуп; зхаҭабзиара ҳараку, зыхәгьы маҷым ацәаҳәақәа ахшьуп; афымцалашара ахархәараҿы зықьҩыла аобонентцәа автоматтә ԥхьаӡагақәа рзаҿакуп; ауааԥсыра афымцалашара ахәшәара рзымариахарц атерминалқәа рзыргылоуп. Иара убасгьы, хра злоу усеиҿкаараны иҟалеит, АУН "Амшынеиқәафымцамч" Афымцоужьра Афилиал аԥҵара. Раԥхьаӡа иргыланы, уи центрк аҳасабала аус ауеит, афымцалашара азоужьреи ахархәареи ирызку аинформациа аизгаразы, аус адуларазы. Анаҩс, иахәҭоу алкаақәа ҟаҵаны, аинтерес зҵоу алагалақәа анаплакы анапхгара рыдгаларазы.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Иахьа ҷыдала ҳажәеи ҳуси еимадазароуп

Абарҭ азҵаарақәа зегь реиҳа ихадазаргьы ҟалап, ааигәа Аԥсны Жәлар Реизара Апарламент аҿы ирыдыркылаз, амфымцамч аобиект хадақәа ҳмилаҭ ишыртәу иаанхартә ишьақәзрыӷәӷәо азакәан. Убри инадҳәаланы, иазгәаҭатәуп, иахьа уажәраанӡагьы аԥсуа ҳәынҭқарра амазара иахыԥхьаӡалам Егры АФС (ИНГУР ГЭС) азҵаатәы Қырҭтәыла афымцамч анапхгара рҿаԥхьа иахьықәыргылоу. Ари азҵаара аганахьала аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит, агәыӷрагьы ыҟоуп ҳҳәынҭқарразы лҵшәа бзиала ишхыркәшахо.

Иазгәаҭатәуп, аусутә еизыҟазаашьа бзиақәа шаԥҵоу, аԥсуа фымцамч аусзуҩцәеи урыстәылатәи рколлегацәеи дареи рыбжьара. Афымцамҩангагатә цәаҳәақәеи аихшарҭақәеи русура аиԥҟьараан, аԥсуа фымцамч анапхгара урыстәылатәи рколлегацәа рышҟа иҟарҵо азыҳәара инақәыршәаны, ареспублика фымцалашарала еиқәдыршәоит. Уарлашәарлоуп ари аҩыза аҭагылазаашьа ҟалар аналшо. Абжьааԥны Аԥсны ахархәара змоу ҳхатә хыҵхырҭа иҳанаҭо афымцамч ауп.

Ииашоуп, ҳазлацәажәо анаплакы афинансттә ҭагылазаашьа еиӷьны ианыҟала, уи иаҵанакуа анхамҩа акыр ирҿыцхоит, араионтә ҟәшақәагьы хырԥашьа змам аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара рылнаршоит.

Аха, АУН "Амшынеиқәафымцамч" аусураҿы аҭагылазаашьа егьа иуадаҩзаргьы, афымцамч заанаҭдырҩцәа ирылымшогьы рылдыршарц рҽазыршәоит. Аԥсаҭазы иаҳҳәозар, аҳәаанырцәтәи азаанаҭдырҩцәа ракәзар, асеиԥш аамҭа иархахьоу афымцамч амаругақәа аус рыдулара зынӡагьы мап ацәыркуеит. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, шықәсқәак раԥхьа Аԥсны афымцамч апроблемақәа ҭызҵаауаз акомпаниа "Россети" ахаҭарнакцәа ражәахә аҿы – АУН "Амшынеиқәафымцамч" аилазаара, зыԥсы зхыҵуа афымцамч анхамҩа аԥсы ахаҵара иаҿуп" ҳәа иџьашьо ирыҩуан.

кВ сааҭк — 0, 40 копеи

Аԥсны афымцалашара зхы иазырхәо дырдырразы, иазгәасҭарц сҭахуп азҽлымҳра зҵоу информациатә жәабжьк. Аекономикаҭҵаара Ацентр "РИА-Аналитика" аекспертцәа иҳадыргалеит, дунеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҿы афымцамлашара ахәԥса ахьынӡанаӡо аиҿырԥшразы алшара ҳазҭо аҭҵаамҭа. Уи алҵшәақәа ишаҳдырбо ала, кВ сааҭк азы афымцалашара зегь реиҳа ахә цәгьоуп Даниа – 17, 2 мааҭ. Германиа афымцамч ахәԥса наӡоит – 16,9 мааҭ, Италиа – 13,8 мааҭ, Бельгиа – 9,5 мааҭ, Швециа – 8,4 мааҭ, Урыстәыла – 2 мааҭк инаркны 4,5 рҟынӡа, Казахстан – 2,21 мааҭ, Беларусиа – 1,39 мааҭ. Зыхә мариоу афымцалашара аузыжьуа атәылақәа хәба раԥхьа игылоуп Аԥсны. Ҳтәылаҿы кВ сааҭк афымцалашара иаԥсоуп – 0,40 копеи.

Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы: хыԥхьаӡарала 576 ҩык аԥсуа фымцамч азаанаҭдырҩцәа, 8,66 нызқь ԥшьыркца км. рҿы рнапынҵақәа нарыгӡауеит; 240,7 нызқьҩык ауааԥсыра рымаҵ руеит, русутә амҽхак рџьабаахә аасҭа хынтә ианеиҳау.

"Раԥхьаӡа иргыланы, ҳара иаҳдыруазароуп афымцамч – аҳәынҭқарразы зда ԥсыхәа ыҟам ахырхарҭақәа ишреиуоу. Уи ада аҳәынҭқарра аҿиареи, економикала ашьҭыҵреи шалымшо ҳасаб азуны, мҽхакы ҭбаала еиларсу ауснагӡатәқәа мҩаԥгатәуп. Раԥхьаӡа иргыланы, ихахьоу ацәаҳәақәа идырӡуа афымцамч еиқәырханы, ԥхьаҟа ҳҳәынҭқарра аҿиара апроцесс иақәшәо афымцалашара аиуразы, ажәытә фымцеихшарҭақәа реиҭашьақәыргылареи, аҿыцқәа рыргылареи нап арктәуп", — ҳәа агәаанагара имоуп АУН "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Аслан Басариа.

Уи иажәақәа рыла, Аԥсны афымцамч иреиҳаӡоу апроблемақәа иреиуоуп, АФС-1 инаркны афымцеихшарҭа Аҟәа 220 кВ аҟынӡа 220 кВ иҟоу афымцамҩангагатә цәаҳәа ду ахшьра. Ари апроект алыршаны ианыҟала, аԥсуа фымцамч асистема апроблемақәа рӷьырак ӡбахоит.

Азаанаҭдырҩцәа изларҳәо ала, афымцамч асистемаҿы аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара амҩаԥгаразы, иааидкыланы, атәыла афымцамч аҿы аполитика амҩаԥгаразы, иҭҵаатәуп Егры АФСи АФС-1 рҟны аҵыхәтәантәи 25 шықәса рыҩныҵҟала иҳаухьоу, анаҩс еихшаны инаҳххьоу афымцамч анаӡааӡара. Арҭ алкаақәа макьанагьы ишьақәыргыланы иҟаӡам, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны. Макьаназы, аԥсуа фымцамч аусзуҩцәа еиҳарак рнапы злаку еиуеиԥшым афымцалашара аиԥҟьарақәа раԥыхреи, раԥырҟәҟәаареи роуп, хара ицо апрограмма аплан алыршаразы аҭагылазаашьа анрымам.

Ииашоуп, афымцамч асистема имаҷымкәаны аԥаратә лагала аҭахуп. Уи аҩыза аԥара ҳхәынҭқарра ианамам аамҭазы, аҳәаанырцәтәи аусдкылаҩцәа гәыԥҩык азҿлымҳара аадрыԥшуеит аԥсуа фымцамч аиҭашьақәыргыларазы рылшарақәа мӡаӡакәа. Аха араҟа еилкааны иҳамазароуп, дарбан инвесторзаалакгьы дзышьҭоу ихатә феида шакәу. Ҳара ҳҳәынҭқарра активқәа (раԥхьаӡа иргыланы, аӡы амчала аус зуаз афымцалашаратә станциақәа, мамзаргьы иахьа аус зуа егьырҭ агенерациақәа) аусдкылаҩцәа рыҭара, хыхь Аслан Басариа иҳәашьала, – ҳҳәынҭқарра афымцамчтә шәарҭадара азҵаара аҿаԥнаҽыр алшоит.

Ажәакала, ҳауаажәлар еилфаҷа ирдыруазароуп – афымцамч асистема зтәу хаҭала дара шраку, насгьы, аԥсуа ҳәынҭқарра ахьыԥшымра азҵаара иагәҭылсоу ишреиуоу афымцамчтә шәарҭадарагьы. Убри аҟнытә, афымцалашара зхы иазырхәо зегьы ргәырҽанҵатәызар ҟалап, – ҳфымцамч ишақәнагоу амаҵ ҳзымуа ҳаныҟала, уи атәымуаа рнапаҿы иҟалар шалшо.

Афымцалашара аиҷаҳара

Изеицәаҳӡои, макьаназы ҳуаажәларраҿы афымцамч азҵаара азхәыцра инықәырԥшноуп аҭыԥ шамоу. Избанзар афымцамч асистема аԥсҭазаараҿы, зегьы ахьалаго афымцалашара аиҷаҳараҿоуп. Уи зхы иазырхәо, аха шықәсы рацәала ахә зымшәо зықьҩыла ҳтәылауаа, афымцалашара аиҷаҳара акәым, ишабалак ҳашԥазныҟәари ҳәа ахықәкы рымоушәа рхы мҩаԥыргоит, амхәыцра аарԥшуа. Иџьоушьартә иҟоуп, ари аҩыза амхәыцра шныҟәырго гәыԥҩык аҳынҭқарратә маҵзуҩцәагьы.

Ҿырԥштәыс иааҳгозар, ҳтәыла акурорттә қалақьқәа рхадарақәа рҿы, аргыларазы азинтә шәҟәқәа зауа аусдкылаҩцәа реиҳараҩык афымцамч асистема ааха азҭо уааԥсыроуп. Урҭ "асасдкыларазы ахатәы ҩны" шдыргыло ала ашәҟәқәа еиқәыршәаны рнапы иадыркуеит, аус аҿы аихагыла рацәа змоу асасааирҭақәа шьҭырхуеит. Анаҩс, ирымоу ашәҟәқәа инарықәыршәаны, ахатәы ҩны змоу анхаҩы иишәо афымцалашара ахәԥсоуп иршәо, ԥшьынтә, хәынтә еиҳаны афымцалашара рхы ианадырхәо, ахәԥсагьы уи инақәыршәаны ианыршәаша аамҭазы.

Ҳазлацәажәо араионқәеи ақьалақьцәеи рхадарақәа русзуҩцәа, афымцамч асистема иарҭо аԥырхага рзымдыруа иҟам, аха рнапаҿы ирауа аҵарҭыша еиҳа ишеиӷьыршьо ала шықәсы рацәала агәра ҳдыргахьеит. "Аҳәынҭқарра амаҵ азызуа ԥыҭҩыкгьы", амал зырҳарц иашьҭоу аусдкылаҩцәагьы рганахьала ари аҩыза ахымҩаԥгашьа аԥырҟәҟәааразы иахьа уажәраанӡа иҟаҵоу ашьаҿақәа шазымхо ҳдырбоит аҳәынҭқарратә аунитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" аусураҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа, – аобонентцәа афымцалашара ишакәхалакгьы ахархәаразы аҭагылазаашьа шырзаԥҵоу, насгьы ишабалакгьы ахәԥса ашәара шьцылараны ишрымоу.

Афымцалашара ахәԥса амшәара аҭыԥ амоижьҭеи акрааҵуеит. Уи Аԥсны аҵыхәтәантәи аибашьра ашьҭахь ишьақәгылаз ауааԥсыра рыԥсҭазаашьа уадаҩ иахылҿиааз проблемоуп. Ауааԥсыра раагарҭеи рыхныҟәгареи ҳасаб азуны, аҳәынҭқарра ахы иаднаҵеит афымцамч асистема аныҟәгара. Ари аҩыза аҭагылазаашьа аамҭа рацәа ахылеит. Анаҩс, атәылауаа рыԥсҭазаара еиҳа еиӷьхо ианалагагьы, шьцылара бааԥсны ишьҭырхит афымцалашара ахәԥса амшәара, ҭакԥхықәрада уи ахархәара азныҟәара.

Иахьагьы, алшара змоу аобонентцәа рхы иадырхәо афымцамч ахә ашәара ихымԥадатәым ҳәа ахьырыӡбо иахҟьаны, АУН "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа мчыла афымцалашара ахәԥса анеизырго аамҭа иҭагылоуп. Иџьоушьаша, амамзаара згәыҵхо ауааԥсыра еиҳа рҽазыршәоит аҳәынҭқарратә наплакы аҿаԥхьа ирықәу ауал ашәара, хьаҳәаԥаҳәада алшара змоу раасҭа. Ииашаҵәҟьаны афымцалашара ахәԥса ашәара злымшо рзы, аҳәынҭқарра альготақәа шьақәнаргылахьеит.

Апоет қәыԥш Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Габелиа: акгьы ҳагӡам аидеологиатә хықәкыда

Афымцалашара ахә зымшәо рықәыӡбара салагом. Иазгәасҭарц исҭаху, доусы иҩнаҭаҿы алашара ҩнаҷҷозар, уи зыбзоуроу шықәсы рацәала хамеигӡарада, афымцамч асистема амаҵ азызуа ауаа роуп. Шаҟаҩы рыԥсҭазаара ақәырҵахьада, иақәчмазаҩхахьада, рхы ахҭнырҵахьада ари аус…

Иахьагьы тәамҩахә рымамкәа, зхы иагыжьны аус зуа шаҟаҩы ыҟада… Урҭ ирауа рџьабаа ахәԥсеи инарыгӡо аус амҽхаки шаҟа геи-шьхеи рыбжьозеи, аха тәамҩахә рызымҭо – ҳаҭыр зқәырҵо рзаанаҭ, рҳәынҭқарратә хәыцра. Убри аҟнытә, аԥсны афымцалашара аусзуҩцәа рџьабаа иалҵшәаны ҳаҩнаҭақәа рҿы иарку алашара ҳаҭыр ақәымҵара ииашаӡам, иагьыгәнаҳароуп. Зегьы ҳзы игәнаҳахоит Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа ҳәынҭқарра зхы ахҭнызҵаз рҿаԥхьа. Избанзар, урҭ рхы зқәырҵаз аҳәынҭқарра ашәарҭадарақәа ируакуп афымцамчгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0